Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аолимпиада "Аҩаӡарахь амҩа" иаиааиуеи аԥхьахә занашьахои ААУ ԥышәарада иҭалар рылшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание Абхазского Государственного университета
Здание Абхазского Государственного университета - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵара 10-12 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгахоит ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024", абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ААУ актәи апроректор ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынԥҳа.
"Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет 39 хырхарҭа рыла адкылара шымҩаԥнаго азы алаҳәара ҟанаҵоит. Раԥхьаӡа акәны актәи акурс ахь иҳадаҳкылоит афармациа азанааҭ ала", — лҳәеит Арӡынԥҳа.
Ашкол аушьҭымҭацәа рзы аолимпиада мҩаԥгахоит ашколтә программа шьаҭас иаҭаны азеиԥшҵаратә маҭәарқәа зегь рыла. Иаҭаху ашәҟәқәа реиқәыԥхьаӡа кьыԥхьуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет асаит ашколтә аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" аҟәша аҟны.
Сынтәа ԥшьынтәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ашколтә аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" мҩаԥысуеижьҭеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0