Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: ашколқәа раушьҭымҭацәа аолимпиада алҵшәала ауниверситет рҭалара атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: ашколқәа раушьҭымҭацәа аолимпиада алҵшәала ауниверситет рҭалара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы ауниверситет аҿы имҩаԥысуа аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" шеиҿкаау, иарбан ԥҟарақәоу уаҟа иарбоу, ҿыцрас иалагалоу, лшарас ирнаҭо абитуриентцәа, арадио Shutnikаефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Сынтәа лаҵара 10 инаркны 12-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгахоит ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа".
"Аолимпиада хықәкыс иамоуп аҵара аганахьала аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар ралԥшаара, насгьы ацхыраара рыҭара, алшара бзиақәа рзаԥҵара, анаҩс ҳуниверситет аҿы амилаҭҭә кадрқәа реиҵааӡара", - иҳәеит Чхамалиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0