Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых

© Foto / предоставила семья ЦаргушАишьцәа Царгәышаа
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа ирызкуп ажурналист Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Сынтәа, лаҵара 9 рзы иҵуеит 79 шықәса Асовет жәлар анемец фашизм иаиааижьҭеи. Ари арыцхә аиҳабыратәи абиԥара лаӷырӡыда иаԥылаӡом. Амш шныҳәоугьы уи ашьаҭа шьала, ԥсҭбарала еибаркыуп. Аԥсны хәыҷы афашизм аҿагылараҟны иалымшозгьы алнаршеит. Ҭаацәарак аҟнытә хаҵак аҩны днымхакәа афронт ахь ианыршьҭуазгьы ыҟан. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Царгәышаа рҭаацәараҟнытә хәҩык аишьцәа Асовет еидгыла ахьчара иазгылеит. Анцәа имчала, дара лахьынҵас ирыман рыԥсы ҭаны ахынҳәра. Аишьцәа рҭоурых анҵоуп Аҳмеҭ захьӡыз аишьцәа руаӡәк имаҭа Асида Царгәышԥҳа лажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа раан атәым жәҩан аҵаҟа инанагаз Шьрыф Царгәыш, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирылҵшәаны иԥсадгьыл ахь ахынҳәра илшеит. Дыдрыԥшь-ныха аҵаҟа, забдуцәа ргәараҭа ҩаԥхьа ахәшҭаарамца еиқәызҵаз Шьрыф иԥсҭазаара ицеиҩызшаз Ныгәҭа Аҩӡԥҳаи иареи фҩык ахшара рхылҵит, хәҩык аԥацәеи аԥҳаи. Аамҭа хьанҭақәа шыҟазгьы, зҳәоу еиқәшәаз аҭаацәа махәҿыла ақыҭанхамҩа ныҟәгауа рхы рбон, рыбзазара аиҿкаашьала аӡәы иашьҭахь игыламызт.
Ԥсабарала аҟәышра злаз Шьрыфи Ныгәҭеи рыхшара убриаҟара аԥхарра злаз аизыҟазаашьа бзиақәа рыларааӡеит, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа, еицхыраауа еицрызҳаит. Аҷкәынцәа рахьтә аиҳабацәа рынасыԥқәа анырԥшаагьы акраамҭа хаз-хазы нхара имцеит. Знызаҵәыкгьы ажәа хәахәак еибызамҳәацыз аҭаацәа ду аҟны 20-ҩык ыҟан.
Ишдыру еиԥш, аԥсҭазаара цәаҳәа шкәакәалеи цәаҳәа еиқәаҵәалеи ишьақәгылоуп. 1941 шықәсазы, Асовет жәлар рзы иалагеит инеиҵыххаз, ҵыхәаԥҵәара амам ҳәа ззырҳәоз аибашьра. Анемец фашистцәа гәҽанҵарада асоветуаа ирыжәлеит. Ҳтәыла хәыҷы иреиӷьыз аҵеицәагьы азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Ҭаацәак аҟнытә хаҵак даанмыжькәа афронт ахь иршьҭызгьы ҟалеит. Урҭ ирхыԥхьаӡалахеит Шьрыфи Ныгәҭеи рԥацәа.
Мсас Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
"Илшаз рацәоуп": Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Мсас Чыкәбар иеибашьратә мҩа
Аишьцәа мызқәак рыбжьаҵаны Ешырантәи Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рахь ишьҭын.
"Сабдуи иашьцәеи зынӡа аибашьра алацәажәара бзиа ирбаӡомызт, иахьа амаҭацәа иаҳдыруа ахәыҷгьы машәыршәа иҳаҳаз ауп. Аиҳабаӡа Шьаҳан афронт ахь ианиԥхьоз дҭаацәаран, хҩык ахшара драбын. Иара аибашьра зыгьы ихигеит. Сабду Аҳмеҭ иакәзар, уигьы ҩыџьа ахәыҷқәа ныжьны аибашьра дцеит, днаӡеит Будапештынӡа, аминаршәга даҿагылан. Ажәыларақәа рыбжьара асолдаҭцәа рырмаҭәа иӡахуан. Уи иан дшыхәыҷыз илырҵахьан. Наиб – Берлинынӡа дцеит. Уигьы, акыр шықәса рышьҭахь, саб Иуана Царгәыш аҳәынҭқарратә ансамбль агастроль ҳасабала дацны Берлин дцаны данаа ицәаныррақәа игәакьацәа ианрыцеиҩишоз, "Берлин уҟазма?! Сара Ешырантәи уаанӡа шьапыла сцеит", - ҳәа иаиҳәеит. Наиб амедалқәа рацәаӡаны ианашьан. Мыџьгәа дтанкистын. Ахьшәашәараан жәыларак аҟны инапқәа ҵаан, изнапык аҟны инацәкьарақәа хырымҵәар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Уи ашьҭахь аҩныҟа даарышьҭит. Аишьцәа рахьтә иара иоуп раԥхьаӡа аҩныҟа ихынҳәыз. Заабеҭ захьӡыз аиҵбаӡа 20 шықәса ракәын ихыҵуаз Белоруссиатәи афронт аҟны данеибашьуаз. Уаҟа ахәра ӷәӷәа аниоу, ааигәа инхоз урыс ԥҳәызбак машәыршәа дгәалҭан, дырҳәазаны лыҩныҟа днаганы акраамҭа дылхәшәтәуан. Заабеҭ ишьапы данықәгыла, иҩызцәа ԥхьаҟа ицахьан, анаҩс иара Белоруссиатәи апартизанцәа дрыцлеит", - аишьцәа рҭоурых аҟнытә илдыруа еиҭалҳәоит Аҳмеҭ имаҭа Асида Царгәышԥҳа.
Геворк Кещян - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2024
Аԥсны
Хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит: Геворк Кешьиан иеибашьратә мҩа иазкны
Аишьцәа афронт ахь ианца, аб ида Царгәышаа рыҩнаҭа аҳәса роуп инхаз. Дара ахшара рааӡара анаҩс рыбӷа иқәхеит аҩнра ду аныҟәгара. Уаанӡа иамаз ахԥша амырӡра. Ныгәҭа лыҷкәынцәа аибашьра еибганы иалҵуама ҳәа есыҽны хәыцырҭас илыман. Ана-ара ишьны иааргоз асолдаҭцәа рыӡбахә анлаҳауаз лгәыӷрақәа ҿыцәаауан. Ныгәҭа ахәыцра хьанҭақәа дышрылазгьы, знызаҵәыкгьы лҭацацәа идылмырбаӡеит агәалаҟазаара шлымам.
"Сабду иан асасцәа анылзааиуазгьы лцәаныррақәа дыриааины абысҭа муӡакәа илышьҭӡомызт. Зны лыԥшәма иашьцәа руаӡәы ус лаиҳәазаап "Ныгәҭа, бԥацәа рыхәҩыкгьы аибашьра иҟоуп, иаанхо иаанымхо быздыруам, абысҭа уны аркасҿабҵартә агәы бымаӡам, ус баша ҳаицәажәап" аниҳәа, "сыҷкәынцәа рымацара роума, СССР зегьы амцашыра иалагылоуп, дара егьырҭ аҷкәынцәа излареиӷьи" ҳәа иаҭалкзаап. Зны-зынла санхәыцлак иџьасшьоит абас агәамч лызҭеи ҳәа", - лажәа иацылҵоит сажәабжьҳәаҩ.
Лхьаа даиааины ланхәеи лабхәеи жәҩахырс дрыҵагылан Аҳмеҭ иԥшәмаԥҳәыс Марица Адиқәԥҳа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы дҭахеит аррантә афронт ахь ишьҭыз лашьеиҵбы, аиҳабгьы лыԥшәмеи лабхәандацәеи реиԥш аҵыхәтәанӡа иӡбахә лыздыруамызт. Марица лыԥсы ахьынӡаҭаз иҵәахны илыман, лашьеиҵбы аррантә илзааишьҭуаз асалам шәҟәқәа. Есыҽны иҿыцны ак анылозшәа дрыԥхьалон.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анеилга, Шьрыфи Ныгәҭеи рԥацәа аӡәаӡәала рыԥсы ҭаны аҩныҟа иаауа иалагеит. Досу изы анцәа диашьаԥкны ҭабуп ҳәа иалҳәон.
Шьрыф Царгәыши Ныгәҭа Аҩӡԥаҳаи рхылҵшьҭра иахьа анцәа ишиҳәара иҟоуп. Аԥсны аԥеиԥш иаҵагылоуп, хьӡи-ԥшеи змоу уаауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0