Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьԥҳа-Аӡынба Мшаԥныҳәа лқәыԥшраан ишаԥылози иахьеи иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьԥҳа-Аӡынба Мшаԥныҳәа лқәыԥшраан ишаԥылоз иахьа ишазгәарҭо атәы
Анапаҵаҩра
Аиашақьырсианхаҵаҩцәа Мшаԥныҳәа лаша азгәарҭоит сынтәа лаҵара 5 рзы. Аԥсны ари аҽны иара убас иашьҭанеиуа амш азгьы ныҳәатә ԥсшьарамшқәоуп.
Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәоуп. Араҟа иаарԥшуп ауаа рҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара.
Џьгьарда инхо аҭаацәа ду ран, арҵаҩы Белла Ҵәыџьԥҳа-Аӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лқәыԥшра ашықәсқәа раан лаб иҩнаҭаҟны Мшаԥныҳәа ишаԥылоз, иахьа лҭаацәараҟны ишазгәарҭо атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақьырсианра ныҟәызго аԥсуаа Амшаԥныҳәа ауха ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа Анцәаимҵаныҳәара шарԥазынӡа иалахәуп. Амшаԥныҳәа аҽны ачгара иҵаз ичгачысым агьама рбоит, аԥсуаа рҿы уи еиԥш иҟоу чысны иԥхьаӡоуп аилаџьи ахарҵәи, уи ашьҭахь амшаԥы кәтаӷь еимырдоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0