Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс- маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи еиднакылоит "ҳабдуцәа ргәымшәара, рфырхаҵара, рхьамҵра" ҳәа.
Атәыла ахада аурыс жәлар ирзеиӷьеишьеит Аџьынџь ахьӡала агәеицамкреи аиааира ҿыцқәеи.
Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0