Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Булискериаԥҳа Аиааира Ду амш Очамчыра азгәаҭаразы: ишақәнагоу имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит

Булискериаԥҳа Аиааира Ду амш Очамчыра азгәаҭаразы: ишақәнагоу имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Амра Булискериаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аиааира Ду амш араион аҟны ишазгәаҭахо атәы.
Лаҵарамза 9 аҽны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иазгәарҭоит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра.
"Лаҵарамза 9 аҽны Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәаҟны 1941-1945 шықәсқәа рзы иҭахаз рбаҟа амҵан асааҭ 11 инаркны ихацыркхоит ашәҭқәа рышьҭаҵара. Анаҩс араион ахадара адныҳәалара ҟарҵоит, аибашьра иалиааз ажәеинраалақәа ашколхәыҷқәа, убасгьы араион абиблиотека аԥхьаҩцәа иҳаздырхиоит. Убасгьы мыцхәы еиҵымхкәа аконцерттә программа рзыԥшуп инеиуа… Иазгәасҭар сҭахуп амшын аԥшаҳәаҟны ишыҟало адәахьтәи ахәыҟаҵарҭа, хышәҩык ирызхаша афатә ҟалоит", - лҳәеит Булискериаԥҳа.
Лара агәыӷра аалырԥшит сынтәа Очамчыра араион акультура аҟәша аныҳәа аиҿкааразы иаду анапынҵа ишақәнагоу анагӡара рылшап ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0