Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зарандиаԥҳа аекскурсиа амҩаԥгарзы акурсқәа ирхысуа рзы: рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит

Зарандиаԥҳа аекскурсиа амҩаԥгарзы акурсқәа ирхысуа рзы: рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит атуризми асасааирҭатә уси рҟазацәа разыҟаҵара ацентр аҿы аҵара зҵоз аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа рԥышәарақәа рыдкылара. Уи шьҭахь дара ирзыԥшуп атуризм аминистрраҟны аекскурсиа амҩаԥгаҩ иҟазара аиура. Сынтәатәи алҵшәақәа зеиԥшроу, аҵара иахысуаз рыҩаӡара ахә шыршьаз, сынтәа азшьаҭарахь изымнеиз анаҩс уи шарҭо, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ААУ аҿы иаԥҵоу атуризми асасааирҭатә уси рҟазацәа разыҟаҵаразы ацентр аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Алина Зарандиаԥҳа.
"Инеираны иҟаз ( аԥышәарақәа рахь-азгәаҭа) иаҳа ирацәаҩын, аха изымнеизгьы ҟалеит. Шьоукы ргәамбзиара иахҟьеит, даҽа шьоукы иарҭаргьы аус рзуӡом ҳәа рыӡбеит, дара ишыртәым еилыркааит. Арзаҳалқәа ртәы ҳҳәозар, шәҩыуаак рҟынӡа иаларҵеит, аха аԥышәарақәа рахь инеиз 90-ҩык рҟынӡа роуп иҟалаз", - лҳәеит Зарандиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аекскурсиа амҩаԥгаразы акурсқәа рахысра инеиуа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа ишацло.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0