Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиааира Ду апарад мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Огонь памяти" в честь 70-й годовщины Победы в Великой Отечественной войне 1941-1945 годов состоялась у памятника Неизвестному солдату на набережной Диоскуров в Сухуме.
Акция Огонь памяти в честь 70-й годовщины Победы в Великой Отечественной войне 1941-1945 годов состоялась у памятника Неизвестному солдату на набережной Диоскуров в Сухуме. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра иазку апарад мҩаԥысит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Шьаҿеиқәшәала Диоскураа рыԥшаҳәа ианысит 650-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа — Атәылахьчара аминистрра, Аԥсны иҟоу 7-тәи арратә база, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа рыруаа, Аԥсны АШәМ, Аԥсны АҶА, Аԥсны АХьМ, АҩАР, Амиграциатә маҵзура рмаҵзурауаа, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа.
Апарад акомандаҟаҵара мҩаԥигон Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба. Апарад идикылеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Ажәабжьқәа зегьы
0