Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Витали Џьниа иаб Виктор изкны

Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Витали Џьниа иаб Виктор изкны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Витали Џьниа иаб Виктор Аибашьра Ду далахәын. Уи афронт ахь ицара шыҟалаз, дызнысыз иеибашьратә мҩа зеиԥшраз, насгьы аҭынч ԥсҭазаара дшазыхәынҳәыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Виктор Џьниа Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду ахы инаркны аҵыхәанӡа дахысит. 1939 шықәса рзы арра дыргеит, шықәсык аанхоны еиԥш аибашьра иалагеит.
"Аҭоурыхқәа рҳәара бзиа ибаӡомызт. Царгәыш Наиб ҳәа иҩыза ицеибашьуази иареи зны аҩны итәаны ишеицәажәоз исаҳаит еиҭеиҳәоз иԥхыӡ атәы. Храк даҿанагаланы анахьгьы-арахьгьы дзымцо дааҟалеит, иҵаҟа аӡы еилашуан, хыхь цаҟьаран, аха ишыҟалаз сыздыруам, салҵит ҳәа еиҭеиҳәон. Ашьыжь аибашьра иалагеит ҳәа ҳдыргылеит ҳәа изеиҭеиҳәон иҩыза. Убысҟан аибашьра деибганы дшалҵуа азы агәыӷра иоуит", - иҳәоит аибашьҩы иԥа.
Виктор Џьниа хынтә дырхәит. 1942 шықәса рзы аҩныҟа дааит ҽыхәшәтәра, анаҩс деиҭацеит. Аибашьра анеилга Иапониаҟа дрышьҭит, уаагьы шықәсык аибашьра ихганы, 1946 шықәса рзы дхынҳәит аҩныҟа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0