Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит.
"Лаҵара 9 – иԥшьоу рыцхәуп ҳтәыла дарбанзаалак иқәынхо ауаҩԥсы изы. Ари амш агәалашәареи агәыӷреи иртәуп, Зыԥсадгьыл, асовет тәыла ду ахьчаразы игылаз милаҭрацәала еилаз ажәлар рыӷәӷәареи ргәымшәареи ирсимволуп", – ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Ахада иазгәеиҭеит аветеранцәа афырхаҵаратә ҭоурых ишахәҭаку, ҳаиҳабацәа иаҳзааргаз Аиааира акәзар — иахьагьы ҳгәы шьҭнахуеит, ԥхьаҟа ацаразы амч-алша ҳанаҭоит, ауадаҩрақәа ҳариааиразы ҳгәы азҭанаҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0