Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гиви Смыр иусумҭақәа рцәыргақәҵеи аџьармыкьа-фестивали аатит Афон ҿыц

© SputnikЯрмарка-фестиваль, приуроченная ко Дню рождения первооткрывателя Новоафонской пещеры, художника и скульптора Гиви Смыр
Ярмарка-фестиваль, приуроченная ко Дню рождения первооткрывателя Новоафонской пещеры, художника и скульптора Гиви Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2024
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы, асахьаҭыхыҩ, аскульптор Гиви Смыр иирамш аҳаҭыр азы аџьармыкьа-фестиваль аатит Афон ҿыц ақалақь аҟны.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Гиви Смыр иусумҭақәа рцәыргақәҵеи аџьармыкьа-фестивали аатит Афон ҿыц.
Аекспозициаҿы раԥхьаӡа акәны ицәырган Гиви Смыр иусумҭақәа 50 роригиналқәа.
Аџьармыкьа рхы аладырхәит 90-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи анапҟазаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ааглыхыҩцәа.
Ацәыргақәҵа аус ауеит ҩымш — лаҵара 9,10 рзы.
Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Афон ҿыц ақалақь аҿы. 1961 шықәса рзы, 16 шықәса данырҭагылаз иара ихала "Аҵа змам атыша" ҳәа изышьҭаз акылҳара ду дҭаланы шахала длыбааит. Убас иаартын адунеи аҟны реиҳа идуу аҳаԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Гиви Смыр иԥсҭазаара далҵит абҵара 18 2016 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0