Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гиви Смыр иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи анапҟазацәа рџьармыкьеи мҩаԥгахоит Афон

© Sputnik / Томас Тхайцук Ярмарка-фестиваль памяти Гиви Смыр открылась в Новом Афоне
Ярмарка-фестиваль памяти Гиви Смыр открылась в Новом Афоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Асахьаҭыхҩы Гиви Смыр иусумҭақәеи ихатәы маҭәарқәеи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Афон ҿыц аӡхыҽҽаҟны лаҵара 9-10 рзы.
Гиви Смыр иԥшәмаԥҳәыс Жаклин Чачбаиаԥҳа ишылҳәаз ала, ацәыргақәҵаҿы раԥхьаӡа акәны инагахоит 50 усумҭа рхаҭақәа. Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы аекспозициақәа рҟны урҭ рыхкьыԥхьаақәа ракәын ицәырыргоз.
"Ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа адгылара рыҭара, Амилаҭтә галереиа афонд ахыбра абылра ашьҭахь ауаа ргәышьҭыхра. Абри ала ҳара иаҳҳәар ҳҭахуп макьанагь ауаа идҳарбаша шҳамоу, ҳазлаҽхәаша шыҟоу, ҳагәгьы шкаҳмыжьуа", – ҳәа лҳәеит Чачбаиаԥҳа.
Иара убасгьы, лаҵара 9 рзы аӡхыҽҽаҟны имҩаԥгахоит анапҟазацәа рџьармыкьа, уи рхы аладырхәоит 90-ҩык инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәеи анапҟазаҩцәеи.
Лаҵара 10 рзы имҩаԥгахоит аконцерт, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит ахәыҷтәы хореографиатәи авокалтәи ансамбльқәа.
Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Афон ҿыц ақалақь аҿы. 1961 шықәса рзы, 16 шықәса данырҭагылаз иара ихала "Аҵа змам атыша" ҳәа изышьҭаз акылҳара ду дҭаланы шахала длыбааит. Убас иаартын адунеи аҟны реиҳа идуу аҳаԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Гиви Смыр иԥсҭазаара далҵит абҵара 18 2016 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0