https://sputnik-abkhazia.info/20240514/aslan-bzhania-eshyra-ayan-vladislav-arynba-iagyn-ay-asha-sheieit-1051069770.html
Аслан Бжьаниа Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Аслан Бжьаниа Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 14.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-14T12:41+0300
2024-05-14T12:41+0300
2024-05-14T12:41+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/0e/1051068936_115:0:1166:591_1920x0_80_0_0_9ca7dea9bd67d4b907a93f0c1083c294.jpg
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240514/vladislav-arynba-iazhei-iaamei-1045759768.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/0e/1051068936_246:0:1034:591_1920x0_80_0_0_dba2e3fa0d631087a9dfb8e6b5a6fde2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.
Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.
1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.