Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаҩ аҳәынҭқарраԥсахра мҩаԥигон ҳәа даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаҩ Каха Мурадов Гагра дааныркылеит Қырҭтәыла ахәарҭаразы аҳәынҭқарраԥсахра мҩаԥигон ҳәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ.
Имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан Мурадов идбалан ашпионтә ус азы ихәарҭоу атехникатә хархәагақәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла иара Аԥсны ашәарҭадара иаҿагыло аинформациа еизганы Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа ириҭон.
Мурадов Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Гагратәи абаталион уаанӡатәи акомандаҟаҵаҩцәеи, арадикалтә гәыԥ "Мхедриони" алахәылацәеи, иара убасгьы УкрАМ рганахьала еибашьуа ақырҭуа легион алахәылацәеи дырныруан.
Иаанкылоу иажәақәа рыла, Қырҭтәыла АШәМ аусзуҩ Лаша Какәыбаа ҷыдала анапынҵақәа ииҭон.
Ашьаус хацыркуп. Мурадов дырбаандаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0