Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳагба Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 110 шықәса аҵра изкны

Анапаҵаҩра
Асовет Еидгылеи Аԥсни Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи иахьа 110 шықәса ҵит. Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, адраматург, аҟаза ду арадио Sputnik аефир аҟны дигәаларшәо ирҿиара аҷыдарақәеи, иуаҩышьеи, ихаҵашьеи дырзааҭгылеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
"Шәарах асценаҿы ицыҟазаара, акы уаԥсамзаргьы, икәшамыкәша иаԥиҵоз аҳауа, аенергетика уаланагалон. Ус анцәа уишароуп. Ус дыҟан Шәарах", - иҳәеит Ҳагба.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0