Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

© Sputnik Томас ТхайцукРоман Сабуа.
Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит асахьаҭыхҩы Руслаг Габлиа ифырхацәа ҳардырра. Иахьа ишәыдаагалоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Роман Сабуа иҭоурых.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Роман Сабуа диит 1955 шықәсазы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан. 1976 шықәсазы далгеит Қарҭтәи атеатртә институт.  Уи нахыс иԥсҭазаара зегьы адҳәалоуп  Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр.

Аибашьра раԥхьатәи амш

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рҭоурых еиҭаҳәо Сабуа игәалашәарақәа дрылацәажәон.

"Аибашьра зегь рзыҳәан еимгеимцарак иалагӡаны иаахәыҵҟьеит. Убри аҽны сара Гәдоуҭа сыҟан.  Асааҭ ак ҟалахьан еиԥш адәыӷбаангыларҭаҟны асиренабжьы геит. Иара акраамҭа, угәахы ааҿнаҵәаауа абжьы гон", — ҳәа игәалаиршәоит Сабуа.

Абри амш аҽныҵәҟьа иара Аҟәаҟа дааит. Аԥсуа драматә театр аҟны иҩызцәеи иареи еиқәшәеит, еицынгьы Ацҳа ҟаԥшь ахь инеиит.

"Ҳара ҳахьугалакгьы ҳартистцәами. Иаразнакы атеатр аҟны иҳамаз асолдаҭ маҭәа ааҳашәҵаны Ацҳа ҟаԥшь ахь ҳнеиит. Уаҟа аиҿахысрақәа ҟалахьан. Ҳара ҳаннеиуаз аламҭалазы ҳаҷкәынцәа ақырҭцәа ртанкгьы рнапаҟны иааргахьан, иаарҳәынгьы изтәыз ирықәкны идыргылахьан. Абри гәамчк, гәеизҳарак иаразнакы иаҳнаҭеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Сабуа.

Аибашьраҟны дасу ишидыруеиԥш деибашьуеит

Ҳапроект афырхаҵа иаартны иҳәеит аибашьра агәаларшәара шицәымӷу. Избанзар ашықәсқәа мцаӡацшәа еиҭах ишигәаланаршәо иҭахаз иҩызцәа, идырцәа, ашьаӡа-гәаӡа, арыцҳара.

"Аибашьраҟны дасу иара ишинаало деибашьуеит. Ахымҩаԥгашьақәагьы еиԥшым. Арра атәы идыруазар – руаҩык иеиԥш деибашьуеит, дартистзар – артистк иеиԥш.  Аибашьраан аиумор, алаф ҳара иԥсеиқәырхаган иҳаман. Иҟалап иахьазы уиаҟара алаф ҳамҳәозар. Еиҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раангьы иҳалҳаршон уи иуморла азнеира. Иҟалап убри акәзар ҳаиҳараҩык ҳаиқәзырхаз", — иҳәеит Сабуа.

Рафаэль Айба. - Sputnik Аҧсны
Рафаель Аиба: Аиааира ашьҭахьтәи ашықәсқәа – ианымхысуа аамҭоуп

Аибашьра ианналагаҵәҟьаз акәын. Араион ҿыц ахь ицо ахаҵәирҭаҟны абетон иалхыз астолбқәа рыла амҩа адыркит аӷа итанкқәа змиасырц. Абраҟа игылан  ҳаибашьцәагьы.

"Шамахамзар абџьар ҳамамызт. Сара ашәақь кны сгылан.  Ус ақырҭуа БМП ааины иааҳадгылеит. Иареи ҳареи 30-ҟа метра ракәын иҳабжьаз. Сара абарҭ абетонлых столбақәа срыдгылоуп, аҷкәынцәагьы  рҽаарӡеит. Сахьыԥшуа избоит апушка сара ишсықәку. Зынӡа сыла иҭаԥшуеит агәыцә. Ашәарагьы сахьымӡеит, иҟалазгьы цқьа аилкааха смаӡеит, сгылан сыԥшуп", — иҳәоит иара.

Аха иара шааз еиԥш иаахынҳәын ицеит. Нас аҷкәынцәа алаф сылырхуан – шәақьԥынҵала атанк аанукылеит ҳәа.

Аамҭақәак рышьҭахь Роман Сабуа дызлаз агәыԥ аҟәарахьчаразы Алада Ешыраҟа ирышьҭит.

"Амза агәыр каршәзар иубартә илашон, ус иаалырҟьан ақырҭцәа ахысра иалагеит. Иаарласны аҭабиа аажит. Аснариадқәа ҳхыкны ишыԥжәоз анааба аччара ҭаҳҵеит. Ҳара ҳгәы иаанагон  урҭ ҳа ҳҟынӡа изааӡомызт ҳәа. Насоуп ианеилаҳкаа  урҭ шгәыртә снариадқәаз, ҳаргьы анцәа имчала ҳшеиқәхаз", — ҳәа еиҭеиҳәоит Сабуа.

Ииасхьоу азхьаԥшра агәыхь унаҭоит

Руслан Габлиеи Роман Сабуеи еиқәшәеит  аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Гәдоуҭа, асолдаҭцәа рота-ротала, взвод-взводла ҳәа ианыршоз, абџьар анрырҭоз. Аамҭақәак рышьҭахь урҭ еиҭахгьы еиқәшәеит  Аҩада Ешыра, Мушьни Хәарцкьиа напхгара зиҭоз абаталион аҟны. Сабуа иажәақәа рыла уа ирацәан  акультура аусзуҩцәа, артистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, амузыкарҳәаҩцәа. Урҭ рҽеизакны рхатәы взвод аԥырҵеит.

"Зегьы, аибашьраҟны ҳзаанаҭ ҳхашҭыр ҳәа ҳшәон. Адирижиор Иван Шамба ҳкомандирс далаҳхит. Аамҭак шааҳаулак  ашәа аацәыраагон. Афронт ахьгьы концерт хәыҷқәак ҳаманы ҳнеилон", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Руслан исахьа анҭихыз амш Роман ибзианы игәалашәоит.

"1993 шықәса, ԥхынгәымзазы акәын. Гәымсҭа аӡиас ҳхықәтәалан. Амш каххаа иҟан. Ақырҭцәа ҳарбоит ҳәагьы ҳаҟамызт. Иагьа ҳхаагазаргьы ҳара ҳашҭынчуааԥсыраз ҳанханы ҳаҟан. Руслан спатреҭ рацәак дадымхалакәа иҭихит. Иара дызҿыз даалгоны ахысра ҭарҵеит. Минамиотла иҳаихсуан. Анцәа иџьшьаны ԥсыҭбара ҟамлеит", — игәалаиршәоит иара.

Сабуа игәаанагарала исахьа акыр иеиԥшуп, Руслан иқәҿианы иҭихит. Усҟантәи иҭагылазаашьеи иҟазшьеи акыр ианыԥшуеит.

"Сара усҟан сҿан, акыр схы сақәгәыӷуан, ԥхьаҟа ҳәа сгәыӷуан. Уажәы, ииасыз агәылаԥшра угәы унархьуеит, ԥхьаҟа аԥшрагьы  уацәшәоит. Уаанӡа аҽакалашәа иҟан", — азгәеиҭоит иара.

Роман иаҳзеиҭеиҳәоит еиуеиԥшым ахҭысқәа, иҩызцәеи иареи зықәшәақәаз.

Ҭамаз Габниа - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Габниа: аибашьра адәаҿы зегь ирылшоз ҟарҵон

"Ашәаҳәаҩ Рудик Ҳагбеи сареи "агәыр" ҳарҭеит аӷа иҳаирпланқәа ркажьразы. Акыр инарҳә-аарҳәуа иаҳкын аус шауа аилкааразы. Ус рациала адырра ҳарҭеит аиҩхааҟынтәи иҳақәкны аҳаирплан аҿшаанахаз. Ҳҽырхианы ҳаԥшуп. Аха иара еимгеимцарак ала инаҳхыԥрааит. Лацәеихарҟәысракгьы ҳахьымӡеит. Абри зысҳәо аибашьра ҳахьазыҟаҵамыз ауп", — иҳәоит Сабуа.

Аибашьра Роман Сабуа хәра имоукәа далҵит. Аха иара убри аамҭазы иҟан ҭагылазаашьақәак, иахьагьы иԥсы ҭаны дахьыҟоу оумашәа ибо.

"Аибашьра ианалагаз аԥхьатәи амшқәа рзы Аҟәа иахаԥыруан аверталиотқәа аҭынч уааԥсыра ирылахысуа. Дара ибзианы еилыркаауан ҳара ҳшабџьардаз, ԥырхага шҳазрымҭоз. Зны, сахьгылаз анаҩс, 3-4 метра наҳабжьаны  ҷкәын қәыԥшк дгылан. Икаҳаз аснариад иара ихы ааихнаҵәеит… сара сеиқәхеит. Усеиԥшгьы ҟалалоит аибашьраҟны", — иҳәоит Сабуа.

Аиааира амш

"Атеатр артистцәа ҳрацәаҩны ҳаибашьуан. Заҟантә ҳалыргахьааз, аха ҳара еиҭах уахь ҳхынҳәуан. Нас иҳарҳәеит Владислав Арӡынба хаҭала адҵа ҟаиҵеит ҳәа, Москва, Питер, Нхыҵ Кавказ агастрольқәа мҩаԥаагароуп ҳәа", — игәалаиршәоит иара.

1993 шықәсазы, ажәылараан атеатр атруппа Москва иҟан.

"Ҳара Москва ҳаннеиҵәҟьаз акәын. Сааҭкҟа ааҵуаны  ажәылара цоит ҳәа ҳарҳәеит. Ҳара Москва ҳаҟанаҵы Аҟәа ахы иақәиҭыртәит, Питер ҳаҟанаҵы – аҳәаа аҟынӡа инаӡеит. Ганкахьала ара ҳаҟамзаара ҳагәқәа ҳнархьуан, аха аҽаганкахьала ауаа џьашьахәыс ирыман уаԥсҵәык иҟоу ажәлар аибашьрагьы иахьӡо агострольқәагьы еиҿкаауа ахымҩаԥгара ахьрылшоз", — иҳәеит Сабуа.

Аҩныҟа ахынҳәра

Аиааира ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны атруппа Аҟәаҟа, аҩныҟа ихынҳәит. Аҩны ҳәа Роман Сабуа дзышьҭоу атеатр ауп.

"Ҳара Ҳаҩны аҩналара узыгәаӷьрымызт. Алиустраҟны асолдаҭ магәқәа хшьын. Атеатр ахыбра казармак иеиԥшыртәхьан. Иҳамаз ареквизит зегьы аԥхасҭа аҭан", — ҳәа игәалаиршәоит иара.

Аха иаарласны артистцәа рымчала атеатр еиҭашьақәыргылан.

"Аибашьра — аԥсҭазаара ахәшьара бзиа шаҭатәу, ҳаҭырла ишазнеитәу снарҵеит. Сара аҭынчра еиҳа ахә ҳаракны исшьо салагеит. Иара аныҟоу, рацәак уазхәыцӡом, аха иануцәыӡлак – зегь атрагедиатә ҟазшьа роуеит. Ахысбыжьқәа анымго еиҳау насыԥ ыҟамзаап", — дԥышәырччо дцәажәоит Роман Сабуа.

Актиор иҳаиҳәеит акомедиа ажанр еиҳа дшаманшәалоу. Иара иажәақәа рыла, акомедиеи аиумори роуп акырџьара аибашьраан иалзыршаз агәкамҳара, иҟалап аԥсҭазаарақәа реиқәхарагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0