Алик Габниа: Инга афырхаҵа игәы зызҭаз ҭыԥҳан

© Sputnik / Томас ТхайцукАлик Габниа
Алик Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иаанарԥшуеит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа ифырхацәа рҭоурыхқәа. Иахьа ҳаизааҭгылоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, Афырԥҳәызба Инга Габниаԥҳа леибашьратә мҩа. Уи атәы ҳзеиҭеиҳәеит лаб иашьа иԥа Алик Габниа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Зегь ахьцоз ларгьы ддәықәлеит

Аибашьра алагаанӡа, Инга Габниаԥҳа ашкол аҟны аҵара далганы аҩны дыҟан, дҭаацәарамызт. Лара даныхәҷыз аахыс дыџьбаран, ианаҭахыз ллеишәагьы цәгьан, уи аҟнытә Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра лхы алалырхәырц дцеит ҳәа лашьа Алик Габниа ианиаҳа уамашәа имбаӡеит, избанзар лҟазшьа идыруан.

"Аӷа дҳақәлеит ҳәа адырра анҳау, зегь рҽеибаркны иахьцоз Ингагьы дцеит. Усҟан лара дхәыҷын, аха Аԥсны схы ақәсҵоит ҳәа ддәықәлеит", — игәалашәеит Инга лаб иашьа иҷкәын Алик Габниаԥҳа.

Инга лҭаацәара аҟнытә Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын лаб, жәаф шықәса зхыҵуаз лашьа еиҵбы, насгьы лаҳәшьа еиҳабы.

© Фото : предоставлено автором, Мариной БарцыцИнга Габния на войне
Инга Габния на войне - Sputnik Аҧсны
Инга Габния на войне

"Аибашьра ианалагаҵәҟьа аӷа иҿагыларазы агәыԥқәа реидкылара иалагеит. Лара лбатальон лхы здылҵаз даадымҵкәа аибашьра ахьынӡацоз дрылахәын. Уи дызцыз ирҳәоз алоуп лхы шымҩаԥылгоз", — иҳәеит аиашьа.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Аибашьра аҟны Инга Габниаԥҳа Гәымсҭатәи амедико-санитартә батальон далалеит, ахәрақәа зоуаз аибашьцәа амедицинатә цхыраара рылҭон.

"Аибашьра цонаҵы, лареи сареи ҳзеибамбеит, избанзар ҳазегь акы ҳаҿын, аибабаха ҳамамызт, — иҳәеит Алик Габниа.

Инга Габниаԥҳа аибашьцәа амедицинатә цхыраара арыҭара анаҩсангьы, лхаҭа абџьар кны аӷа диабашьуан.

"Аибашьра адәаҿы илыцыз изларҳәо ала, Инга аибашьра адәаҿы ахәрақәа зоуаз амедицинатә цхыраара рыҭара адагьы лхаҭа абџьар шьҭыхны аӷа диабашьуан", — азгәеиҭеит уи.
Инга лашьа еиҵбы Руслан Марттәи ажәылара аан дҭахеит.

Аҵыхәтәантәи ажәылара

Инга дызцыз лгәыԥ Шрома аҭарцәразы ажәылара иалахәын. Уаҟа аӷа иҽеибыҭаны дтәан, иӷәӷәангьы аҿагылара ааирԥшит.

"Ажәылара ацара ишаҿыз, аӷа идәықәиҵаз аснариад Инга лааигәара иҭҟәацит, уи аԥҽыха Инга лхы иақәшәеит, лыԥсҭазаарагьы ҿахнаҵәеит рыцҳа", — иҳәеит Инга лашьа.

© Фото : предоставлено автором, Мариной БарцыцИнга Габния
Инга Габния - Sputnik Аҧсны
Инга Габния

Инга дҭахеит ԥхынгәымза 22 аҽны, аибашьра адәаҿы иаалырԥшыз агәымшәара азы, уи иланашьан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

"Абџьар бымкын, бхы ԥхьак ҳәа лоуҳәаргьы уҳәатәы хазҵоз лакәӡамызт, лгәы иҭалкыз ҟалымҵар лгәы иауамызт. Лара акыр деилҟьан, ҳаибашьцәа анырхәлак дцаны ирҳәазаны иаалгон, излалылшоз ала дрыцхраауан", — азгәеиҭеит Алик Габниа.

Аибашьра адәаҟынтә еибганы аҩныҟа игьежьит Инга лаби лаҳәшьа еиҳаби. Инга Габниа лашьа иажәақәа рыла, Аԥсны иагаз аҭоурыхтә иааира хьчалатәуп, иҭахаз зегьы рыхьыӡқәа наунагӡатәуп.

Аибашьра асахьа

Инга Габниаԥҳа лашьа иажәақәа рыла, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭихыз Инга лсахьа имбацт, аха уи аҵакы амоуп ҳәа иԥхьаӡоит.

"Агәра ганы сыҟоуп, саҳәшьа лсахьа анаҩсангьы, асахьаҭыхҩы иҟаиҵаз егьырҭ аусумҭақәагьы ауаа рылаԥш иҵашәо иҟазар ауп ҳәа, избанзар ари ҭоурыхуп. Иаҳҳәап, иахьа еиҵагыло аҿар абарҭ асахьақәа дырбаны, урҭ ирымоу аҭоурых рзеиҭаҳәазар, сгәы иаанагоит игәныркылоит, џьара рыҩнуҵаҟа кәицк ахы акуеит ҳәа", — иҳәеит Алик Габниа.

© Фото : из архива Руслана ГаблияПортрет Инги Габния
Портрет Инги Габния - Sputnik Аҧсны
Портрет Инги Габния
Ажәабжьқәа зегьы
0