Ажәлар рдоуҳатә психологиеи, абызшәеи, амилаҭтә хдырреи

Танцоры ансамбля "Шаратын"
Танцоры ансамбля Шаратын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа дазааҭгылоит ажәлар рхатәы бызшәеи рмилаҭтә хдырреи еиҟәыҭхашьа рымамкәа ишеидҳәалоу атәы.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Ирҳәоит, иарбан бызшәазаалак, уи ибзианы агәылаԥшышьа, аихыршәшәашьа здыруа, иаҵәахуа амаӡақәа рацәоуп ҳәа. Абызшәақәа рҿы иҵәахуп ажәларқәа рдоуҳа маӡақәа зегьы.  Абызшәа Анцәа иоуп изшаз ҳәа иԥхьаӡоуп. Ус анакәха, Анцәа иишаз раԥхьатәи абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп аԥсшәа. Ишжәытәӡатәиу ахьаныԥшуа рацәоуп ҳбызшәа, дара ашьҭыбжьқәа рымацара ҳгозаргьы. Урҭ рызегьы бжьык-бжьык рхоуп, аԥсабара иазааигәоуп.

Аԥсшәа иҵәахны, иҭаӡны иамоуп ҳажәлар зхысхьоу рацәаӡаны. Уи ажәлар рдоуҳа анаӡараҿы иҟоуп. Код ҳасабла иара иаҵаҵәахуп. Абызшәеи ажәлар рдоуҳаи иузеиҟәымҭхо еидҳәалоуп, акыи-акыи еихылҿиаауеит. 

Раԥхьаӡа абызшәеи ажәлар рдоуҳаи шеидҳәалоу зҳәаз, иагьҭызҵааз дреиуоуп XVIII-тәи ашәышықәсазтәи анемец ҵарауаҩ Вильгельм фон Гумбольдт. Иара игәаанагарала, абызшәа закәу еилукаарц уҭахызар, ажәлар рдоуҳаи иареи еидҳәаланы уахәаԥшроуп, уазнеироуп. Иара иҳәоит, ажәлар рдоуҳаи абызшәеи еиҟәыхшьа рымам ҳәа. Абызшәа ажәлар рдоуҳа адәахьы ицәырнагоит, иаанартуеит ауаа ираҳауа, ирбо иҟанаҵоит ҳәа иԥхьаӡоит. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, абызшәа ҿиоит адоуҳа азакәанқәа рыла. Анемец ҵарауаҩ Гумбольдт абызшәеи ажәлар рдоуҳаи ирызку иҭҵаамҭа бзианы издыруа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир Занҭариа абас далацәажәоит хыхь иаҳарбаз атематика. 

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

"Амилаҭтә хдырра амилаҭтә ҟазшьа амоуп. Зны-зынла аҭоурыхтә-политикатә, ауаажәларратә процессқәа ирхырҟьаны ажәлар агәаҟрақәа ирҭашәоит. Аибашьрақәа ҟалоит, арыцҳарақәа ирықәшәоит. Иҟалоит аҭынч аамҭа. Даҽакала иаҳҳәозар, ахьысҳаамҭа, ашьҭыҵаамҭа. Амшын ацәқәырԥара еиԥшны, уи зны агәараҳәа иеилашуеит 12 балл рҟынӡа ихалоит, нас иааиқәтәоит, еихсыӷьны аҵәца иҭаҭәоушәа еиқәышьшьыи шыҟало еиԥш ажәлар рыԥсҭазаарагь, аҳәынҭқарра аԥсҭазаарагь зны ишьҭыҵуеит, зны илаҟәуеит. Убри иаҩызоуп амилаҭ рыхдыррагьы. 

Ажәлар рыхдырра ахаан илаҟәӡом, иара ус ишыҟац иҟоуп, гәынхәҵысҭала иааргоит. Аха асубиективтә факторқәа, аполитикатә катаклизмқәа, аинҟьа-еиныррақәа уҳәа еиуеиԥшым афакторқәа ирыхҟьаны зны-зынла амилаҭ рыхдырра лаҟәызшәа ҳбоит. Амилаҭ рыхдырра лаҟәӡом, абни аполитикатә мчқәа ицәырырго аидысларақәа, аиҿыхарсҭақәа, аиҿагыларақәа ирыхҟьаны зны-зынла аҩбатәи аплан ахь ииасуеит. Аха нас, аҳәынҭқарреи ажәлари рлахьынҵа ашәарҭа иҭагыло ианалагалак, гәынхәҵысҭала, ҽакала, ҩныҵҟала зегьы акоуп ажәлар убри арҽеира бааԥсыла рҽаларгалоит. Рбызшәагьы иахӡыӡаауеит. Рыжәлар иԥсаҟьаны адунеи иқәыԥсоу рлахьынҵагьы иахӡыӡаауеит. Абарҭ зегьы рырҽеира амҩа иқәызҵо ажәлар рыхдырроуп. 

Амилаҭ хдырра иаԥырхагоу, изхәаҽуа амоментқәа ыҟоуп, ҳәарада. Аха сара агәра ганы сыҟоуп абызшәатә хдырреи уи иарҿио ауаажәларратә хдырреи дара-дара шьҭибахуеит ҳәа. Зны-зынла иҳазгәамҭаӡакәа иара абызшәа ҳанарманшәалогьы ыҟоуп. Аҭагылазаашьа убас иааҿиоит, игәхьааганы абызшәа ҳамҳәар ада ԥсыхәа ҳамамкәа ҳанҭанаргылоит. Амузика бзиа еиҭах сазымӡырҩыр ада ԥсыхәа сымам ҳәа ҩныҵҟала, доуҳала ауаҩы игәхьааганы, дазгәаҟны дшазыӡырҩуа еиԥш, абызшәа азгәыкрагьы ыҟоуп. Зегь ҳамоуп, аха ҳбызшәа абас изыҟалеи ҳәа ажәлар рбызшәа иазхьаԥшуа иалагеит. Рхәыҷқәагьы игәхьаарго иҟалоит. Амала убри ҳара ҳацхраароуп. Ахалаҵәҟьа ус иҟалаӡом, ицәгьоуп.

Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Иҟалалоит убас, ажәлар рбызшәа рцәыӡны, рмилаҭ хдырра аанханы ианыҟоу. Уи рыцҳара дууп, уи трагедиоуп. Убасоуп ишыҟоу аубыхцәа рҭагылазаашьа. Даҽа шәышықәсалагьы иаҳҳәалоит аубыхцәа афырхаҵаратә мҩа ишанысыз, ахырзаман, ахамышҭыхә ишҭагылаз, аума ирылшаз атәы. Аха аубых, са сыубыхуп ҳәа ҭырқәшәала, ма урысшәала дааины дуацәажәар, дрыцҳаушьоит. Дызлаубыхузеи ҳәа ауаҩы игәы иаанагаргьы ҟалоит. Урҭ хаз милаҭны иҟаӡамызт, субетноск аҳасабала аетнос ду иаҵанакуан, аха рцәажәашьа рыман. Аубых иҟазшьа, имилаҭ рҟазшьа злааирԥшуеи ибызшәада? Иаҳҳәап, акәымжәи акабеи ишәиҵап, ахҭырԥа ихаиҵап, аимсқәа ишьаиҵап, аха уи зегь адәныҟатәи атрибутикоуп, адәахьтәиуп, ҽырԥшӡагоуп. Абызшәоуп агәара-гәараҳәа амилаҭ ргәеисыбжь аазырԥшуа. Насгьы абызшәоуп амилаҭ рҭоурых зырҿио, абызшәоуп рлитература зырҿио, рыхдырра зырҿио. Урҭқәа аныӡ, амилаҭ хдырра ыҟоушәа убоит, аха иҿыцәаахьоу акы иеиԥшхоит. Амца аихәлацәара иаҿу иаҩызоуп. Убри аҟнытә абызшәа ыҟамкәа, амилаҭ шьала-дала, зегь рыла иӷәӷәаны иҿиоит ҳәа аҳәара, уи даара игәаӷьыуацәоуп".

Иахьа ахшыҩзышьҭра ӷәӷәа зҭатәу азҵаарақәа иреиуоуп ҳбызшәа аидеологиа, еиҳарак еиҵагыло абиԥарақәа рааӡараҿы. Ирацәоуп ҳара иахьа урҭ иҳазрымамдо. Еиҳарак ҳақалақьқәа рҿы аҿар аԥсышәала ирымаҳамдо рацәоуп, уи зегь раԥхьа ҳдоуҳа архәанчоит, иарԥсыҽуеит. Ари хырҩа азуны авсра дарбанызаалак, аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿ игылоу роума, ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәа роума, аӡәгьы азин имаӡам ҳәа ҳҳәар, иаҳҿазырхьуа аӡә дыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом. Дасу иҳалшо ала ҳаидгылароуп ҳбызшәа ахархәараҿ иахьа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбараҿы. Усҟаноуп ҳбызшәагьы аԥеиԥш лаша анаиуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0