Амҩадуқәа ирну иҭынхадоу арахә: милаҭтә колориту мамзар шәарҭароу?

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрахә. Архивтә фото.
Арахә. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылаҟны аҭыԥ змоу амҩа-транспорттә машәырқәа рҟынтәи 17% зегьы зыхҟьо ԥшәыма дызмамкәа иуаадаха амҩа иану арахә ирыхҟьоит иҳәеит ареспубликатә автоинспекциа аиҳабы Ныгәзар Шьоууа.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Арахә амҩаду иануп - Sputnik Аҧсны
Ақалақь иалоу иҭынхадоу арахә анырхлоит

"Индиа сыҟазшәа схы збон" лҳәеит Аԥсны раԥхьаӡа акәны иаҭааз Москватәи сҩызак. Индиеи ҳареи геи-шьхеи шҳабжьоугьы, араҟа анапырацәа змоу анцәахә Шива дшаҳԥымлогьы, асари зкәыршо аҭыԥҳацәа ҳамҩақәа ишырнымгьы, ҳтәыла Ахада итәарҭаҵәҟьагьы Тадж-Махал шугәаланамыршәогьы иаҳзеиԥшу ҟазшьак ҳауит. Убри ауп игәалҭаз ҳасасгьы. Ольга зыӡбахә лымаз иҭынхадаха амҩадуқәа ирну арахә роуп. Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа реилазаара акыр ишырацәоугьы адинхаҵареи ареспубликамҩаҟны ишырҭаху еиԥш инеи-ааиуа арахәи еидҳәалара рымам. Адоуҳатә гармониа иашьҭаз, арахә бзиа избоз, аҟазара уаҩ Ольга аԥсуа мҩақәа ари рҷыдара екзотикак еиԥш илшьеит. Аха ареспубликаҟны иҟоуп ауаа, зымчқәа зегьы абри амҩатә шәарҭадара иаҿазыргылар зҭаху. Урҭ – автомашьынақәа рырныҟәцаҩцәа роуп.

Изхарада?

Атәылаҟны аҭыԥ змоу амҩа-транспорттә машәырқәа рҟынтәи 17% зегьы зыхҟьо ԥшәыма дызмамкәа ихуаадаха амҩа иану арахә ирыхҟьоуп иҳәеит ареспубликатә автоинспекциа аиҳабы Ныгәзар Шьоууа.

Авариақәа аиҳарак аҭыԥ рымоуп ианыхәлало аамҭазы, аиҳарак ақалақь налс. Амҩақәа ирну ҳмашьынарныҟәцаҩцәагьы ишахәҭоу аасҭа рныҟәашәа ырццакуп атрассаҟны, алашьцарагьы амҩа абаразы ихәарҭаны иҟам ҳәа азгәалҭоит асоциалтә ҳа "Аруль ануку иумжәлан" амодератор Кристина Буиук-оӷлы.

Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ишьақәдырӷәӷәаз арццакратә режим амҩаҟны арахәи амашьынеи реинҟьара ԥнарҟәҟәаауа иҟам. Лара лгәаанагарала ареспубликатә трасса хада аҟны аҭагылазаашьа ахылаԥшразы административтә уснагӡатәқәа рыдкылара аҭахуп.

Амҩа иантәалоу арахә рхыкәшаразы амашьынарныҟәцаҩ аганахьтәи ацәаҳәахьы диасыроуп. Ари амҩатә ныҟәара аԥҟаррақәа еиланагоит. Абарҭ зегьы ирыхҟьаны – иҭахоит арахә, амашьына аԥсҟы зку аахақәа роуеит, атранспорттә хархәагақәа ракәзаргьы амеханикатә ԥхасҭа изацәцом. Абасеиԥш аан амҩатә машәыр зхароу аилкаарагьы уадаҩуп лҳәоит лара.

"Аԥстәы зтәыз иеилкаара уадаҩуп. Амашьына ааха ӷәӷәа аиузар аԥстәы аԥшәма зынӡаскгьы ихы имырзар алшоит. Убри адагьы, абасеиԥшқәа раан иҟалаз амашәыр аҟны ахара зду, аҭакԥхықәра иаҵагылаша дузыԥшаауам" — лҳәеит Буиук-оӷлы.

Ныгәзар Шьоууа иажәақәа рыла арахә злахәхны иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ахара здылоу дара зтәу роуп. Аха аус аҟны аҽакала иҟалалоит. Арахә зтәу амашьынарныҟәцаҩ ахараԥса имихырц иҽазикуеит.

Скорая помощь. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Бамбора аҳаблаҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсҭбара ҟалеит

Адунеитә практика иаҳәоит иарбанызаалак ахҭыс ҷыдала иазнеитәуп ҳәа. Адырга "Арахә рахыжьырҭа" амҩаҟны игылазар амашьына аԥсҟы зку иоуп ахара зыдны ишьоу. Усҟан иара аԥстәы ахәԥса ишәароуп. Ари адырга амашьына аԥсҟы зку ргәы рҽыннаҵоит араҟа аамҭа-аамҭала арахә амҩа ишахрыжьуазы.

Урыстәыла аиуристцәа амашәыр аныҟалалак ГИБДД аусзуҩцәа адыԥхьалатәуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит, иҟоу аҭагылазаашьа иныҭкааны иҭырҵаарц азы. Уи ада иҟалаз-шыҟалаҵәҟьаз аилкаара уадаҩуп. Амашәыр ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи ақәҵра зынӡагьы иҟалом. Ус аан амашьынарныҟәцаҩ амашьына арныҟәара азин изҭо ашәҟәы имыххоит. Аҭыԥ змаз амашәыр аҭагылазаашьақәа зегьы ҭҵааны, аԥстәы зтәыз дыԥшааны ианеилгалак ашьҭахь аӡбарҭахь аус нагатәуп аԥхасҭа ахә ахшәааразы.

Аԥсны ари аҩыза апрактика аус ауам. Амашьына зтәу шамахамзар амашәырҭыԥ ааныжьны дцоит, аканбасырҭоҳәагьы дыԥшуам.

Аԥсахеибакра – гәнаҳароуп

Иҟалалоит амҩа иантәалоу арахә ирыхҟьаны амҩатә ԥҟаррақәа анеиларго.

Аҟәа инхо атәылауаҩ Асҭамыр амашьынарныҟәара азин имырхит ажәқәа ахьтәаз дырхыкәшарц азы ацәаҳәеимада дахьахысыз азы.

"Сара аԥҟарра еиласымгар ауамызт, амҩа иантәалаз арахә сраҩсыр акәын. Ааигәа ААИ (ГАИ) апост ыҟамызт аха адәныҟатәи авидеорбага акамера иҟалаз ҭнахит" ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Абасеиԥш аан амашьынарныҟәцаҩ иҟаиҵар акәыз ҳәа ҳзазҵааз амилициа аусзуҩцәа ирҳәоит: арахә еимирпыр акәын мамзаргьы дара гылан ианцо ҳәа дыԥшыр акәын ҳәа.

Амҩатә машәыр иахҟьаны ааха зауз ахәышәтәырҭахь инагоуп

Еиҭах ҳхаҿы иааиуеит индиатәи асахьақәа: автомашьынақәа еишьҭыхәхәа игылоуп амҩа иангылоу ажә аԥхьа. Иара акәзар, џьаргьы иццакуам, иҭынчӡа, ираҳаҭӡа иԥшуп. Иалшоит зынӡа ишьҭаиаргьы, ацәа хаа аҽанаҭаргьы. Амашьынарныҟәцаҩцәа гәахеибакрак рныдмырԥшыроуп – гәнаҳароуп.

Аԥсны акәзар, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз автомобилист ахараԥса ҳәа ф-нызқьмааҭгьы идыршәеит.

"ААИ (ГАИ) аусзуҩцәагьы амҩақәа рҟны ашәарҭадара иахылаԥшуазароуп. Ареспубликатә трассаҟны жәи-ҽи ианым ҳәа акгьы ыҟам. Уи зусу амашьынарныҟәцаҩцәа рыдагьы аҳәынҭқарроуп. Арахь ахара здырҵо ҳара заҵәык ҳауп. Аиаша абауԥшаари? Уабашьҭалари?" игәы дахаԥжәоит атәылауаҩ.

Агәҽанҵаратә дыргақәа

Арахә амҩа раныгара залмыршахозар, ма агәҽанҵаратә дыргақәа ргылатәуп рҳәоит амашьына аԥсҟы зку аӡәырҩы.

"Атрасса зегьы аҟны сара избаз гәҽанҵаратә дырга заҵәык ауп. Арахә ашьха ианцо еиҿкаарак амазар, урҭ ахьчаҩ дрыцзар – уи акуп. Аҽакуп ихуаадаха арахә амҩа анырҭәаа ианану" — лҳәоит амашьына аԥсҟы зку Ҭамила.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит ареспубликатә трасса мрагыларахьтәи ахәҭа уахынла ишырлашам.

"Очымчыра аганахь уанцо амҩа рахәыла иҭәуп. Агәҽанҵаратә дыргақәа зынӡагьы иҟам. Амҩазы ашәахтәқәа ҳшәозар, ашәарҭадара заҳзаԥҵами? Арахә рҳәырҭа ҳәа акгьы ыҟаӡами, абарҭ арахә амҩа раныгара алзыршо?" — дҵаауеит лара.

"Ари амилаҭтә калорит" раԥхьа иргыланы ашәарҭадара иазҵаароуп. Зегьы ирҳәоит атәылаҟны амҩатә машәырқәа рацәоуп ҳәа, аха убри аан зынӡа имариаӡоугьы ҳарҽеиуам" — иҳәоит амашьынарныҟәцаҩ Георги Арӡынба.

Арахә амҩатә ԥҟаррақәа рыздырам, ахараԥсагьы узрымхуам, ианырҭаху иахьырҭаху амҩа еихырҵәоит. Ус анакәха урҭ рхала аҭагылазаашьа рыԥсахшам, аҭагылазаашьа зыԥсахша ауаа роуп – длафуеит Арӡынба.

Аус аӷьараҳәа нап аркра

Аԥсны араионқәа рхадарақәа роуп иҭынхадоу арахә раанкылара знапы иану. Аҳҭнықалақь аҟны абри аус рнапы алакуп амуниципалтә унитартә наплакы "Спецавтохозяйство" аусзуҩцәа. аха хараԥсаны ишьақәыргылоу 1500 мааҭ аӡәгьы дацәшәом, хырыҩгьы азиуам. Аҭагылазаашьагьы ԥсахра ақәым.

Аха, Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы ачемпионат аламҭалазы иӡбоуп аус шьаҭанкыла аԥсахра.

Аҟәа ақалақь арыцқьаратә цәаҳәақәа русура алагара аҿҳәара иахыгоуп

Абри атәы далацәажәеит Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Тҟьебучаа изаамҭанытәиу ақалақьтә еизара аилатәараҟны.

Иара ажәалагала ҟаиҵеит иҭынхадоу арахә ашьырҭахь инагазарц. Ари азы иаҭахны иҟоуп ақалақь адепутатцәа рақәшаҳаҭра. Иара иҳәеит иҵоуроу аӡбра ҟалар ақалақь Ахадара иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа зегьы шеиҿыркаауа.

Аха адепутатцәа еицҿакрыла акы изазымнеиит, ирыӡбеит иааиуа аилатәараҟны азҵаара еиҭах иалацәажәарц.

Абраҟа арахә ирыхьчаҩцәаны иаақәгылеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш туристцәақәакгьы. "Иҟаз, аҷыда ҟазшьа рымоуп" — рҳәеит шьоукы, "арахә ашьра рыцҳароуп" — рыцырҳәеит аҽа шьоукгьы.

Иҟалеит ахараԥса иацҵазарц ажәалагалагьы.

Ақалақь анапхгара иҟаҳҵари ҳәа ихәыцуанаҵы, ареспублика ауааԥсыра аҭагылазаашьа еимаркуанаҵы хьаа-баа змам аԥстәы амашәыртә ҭагылазаашьа аԥҵо ареспублика амҩадуқәеи амҩа хәыҷқәеи гәата-бӷата ирнуп. Шәара ишәҭаху шәҳәала, ҳара ҳаӡлагара лагалааит – иҟалап абас рҳәозаргьы урҭ гәаныла.

Ажәабжьқәа зегьы
0