Тапшь-иԥа Аҭилла илакә

© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаТапшь-иԥа Атилла
Тапшь-иԥа Атилла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Узунџьыорман ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Тапшь-иԥа Аҭилла иабду иҿынтә иаҳахьаз ажәытәтәи аԥсуа лакә ҳзеиҭеиҳәеит.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәыла, ақалақь Ҳендеқь иаҵанакуа ақыҭа Узунџьыорман инхо, 74 шықәса зхыҵуа Тапшь-иԥа Аҭилла (Маршьан) Аԥснытәи рыдгьылқәа рҭоурых еиҭеиҳәеит, аҵыхәтәан иабду иҿынтә иаҳахьаз аԥсуа лакәкгьы ациҵеит.

Еқрем Хышба: апҟақәа аниасуаз, зыла иамбоз санду аҵәыуара далагон

"Сара Тапшь-иԥоуп Аҭилла сыхьӡуп, сынхоит Узунџьыорман ахьырҳәо ақыҭаҿы, 72 шықәса схыҵуеит. Ари ақыҭа анкьа Тапшь иқыҭа ҳәа иашьҭан. Аԥсны Тапшьи Багаԥшьи ртәарҭақәа еизааигәан рҳәоит. Убри аҭыԥ аҟынтәи ихҵәаны иааит ҳабдуцәа. Тапшь-иԥа – абхьӡуп. Ҳара Дарыҟәа иԥацәа ҳауп. Дарыҟәа ҩыџьа аԥацәа иман. Аӡәы Хьрыԥс ихьӡн, аӡәы Тапшь ихьӡын. Тапшь иԥацәагьы Хьрыԥс иԥацәагьы хҵәаны арахь иааит. Ҳара Тапшь-иԥа, Хьрыԥс-иԥа ҳәа абхьӡы ныҟәаҳгоит, аха абарҭ абхьӡы ныҟәызго зегьы Маршьанны иаҳдыруеит.

Аԥснынтәи арахь иааз сара сабду иаб иоуп. Иара Мырзаҟан ихьӡын. Џьоукы ишырҳәо ала, Аԥснынтәи ҳабдуцәа арахь иааит аԥсуара мыӡындаз ҳәа. Даҽа џьоукы ҳаԥхасҭамхандаз ҳәа иааит рҳәоит. Аԥснынтәи арахь иааз сабду иаб Мырзаҟан иаб Саиҭ ихьӡын. Саиҭ Аԥсны джуп, уи арахь дмааӡеит рҳәоит. Шьоукы амҩахь дыԥсит ҳәагьы рҳәоит. Саиҭ иԥа Мырзаҟан иакәын, Мырзаҟан иԥа — сабду Фаиқ ихьӡын. Фаиқ иԥа Емир ихьӡын. Емир иԥа сара соуп. Абранӡоуп издыруа. Саргьы исымоуп ҩыџьа аԥацәа.

Ҳабдуцәа аҭырқәа идгьыл аҿы ианаанагаз иаҳхылаԥшуаз Османлы иакәын. Аибашьрақәа ыҟан. Ҳабдуцәа шааиз аибашьра иалалаеит. Уаҟагьы аибашьра иахҟьаны иԥхарҵеит, ара иахьааизгьы уи иақәшәеит. Ус ала даара аџьабаа рбеит. Ари ақыҭаҿы раԥхьа иааиз Тапшь-иԥацәа роуп. Мырзаҟан иоуп раԥхьа иааизгьы. Ақыҭа еиҿызкаазгьы иара иоуп. Аԥснынтәи арахь данаауаз уа ицынхоз Амҷба, Абагаԥшь, Ахба, Лазар-иԥацәа, Ҳәатышьаа, Ҽымҵаа уҳәа уажәы абарҭ роуп исгәалашәо. Абарҭ Мырзаҟан ицны иааит, уажәгьы ҳаигәылацәоуп.

© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаТапшь-иԥа Атиллеи иԥшәма ԥҳәыси, рыҩны
Тапшь-иԥа Атиллеи иԥшәма ԥҳәыси, рыҩны  - Sputnik Аҧсны
Тапшь-иԥа Атиллеи иԥшәма ԥҳәыси, рыҩны

Ҳара иаҳдыруала, ажәытә ус иҟан, Маршьан ҭыԥҳак (аамсҭа ҭыԥҳак) анхаҩы диццаӡомызт. Амаршьан анхаҩ ҭыԥҳа дааигар ҟалон рҳәоит. Аха уажәы уи нымхаӡеит, иӡуа иалагеит. Ажәытә Тапшьаа рынхаҩы Амҷба иакәын. Уи шыҟалаз ус оуп, сара сабду иҟынтәи исаҳаз ауп. Уа Аԥсны Тапшьк сасра џьара дцазаап, Чачбак иҟны днеит. Уа Ачачба иҟны дсасны дшыҟаз, Ачачба иԥҳа Тапшь дииҭарц иӡбеит. Атаԥшь, сара ара сзынхаӡом, дгьыл сымам, ҭыԥ сымам, аниҳәа, Ачачба – сара иусҭоит иҳәеит. Амҷбагьы ус иҳәеит, сара агәыжь аӷәра ааныскылоит, агәыжь мышныҟәа иҳарныҟәап, ианаангылалак, убри аҭыԥ аҟынӡа игәаҳҭап, иҳәеит. Ачачбагьы уи аҟара изныҟәарым игәахәит. Аха агәыжь лалаган — Амҷба аӷәра икын рҳәеит — амра анынҭашәозынӡа иныҟәеит. Нас амра анынҭашәа, иазхоуп ихәан, аҟама лаирсит. Убри аҭыԥ Тапшь итәарҭаны иаанхеит рҳәоит Аԥсны. Нас Тапшь-иԥа ани Ачачба иԥҳа дииҭан, уа даанхеит. Анаҩс Тапшь-иԥа иҭыԥ хазны, Хьрыԥс-иԥа иҭыԥ хазны иаанхеит. Амыҷбеи Тапшь-иԥеигьы пату рзеиланы иҟоуп.

Уажәы сара Аԥснынтәи сабду иҳәаны исаҳаз лакәк шәзеиҭаҳҳәар сҭахуп.

Қадем Гәылиа: Аԥсны ҳамбаӡац, анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп

Х-ҩык аешьцәа рыцә

Ажәытә Аԥсны ҭакәажәык хҩы-ԥацәа лыманы дыҟазаарын. Цәыкгьы рымазаарын арҭ. Ани рыцә, рызхара ӡы рмоуа даара хаԥсыра рбон, аџьабаа рбо иҟан. Анахь ицеит, арахь ицеит, иахьыргалакгьы рызхара аӡы рмоуа ишыҟаз, еиҳабацәақәак рбан, ас-ас оумак ҳақәшәеит, ари ҳацә азхара аӡы ҳауам. Џьара мҩак ҳақәызҵара акыр жәдыруазар ҳәа иразҵааит. Аӡы ахьырацәаз ҭыԥк аӡбахә рарҳәеит, иахьыкәу сыздыруам. Убрахь ишәыманы шәцар, аӡы ашәыржәуеит ҳәа рарҳәеит. Аҩны ианаа, ран иларҳәагәышьеит. Уаҵәы ҳацә ҳаманы амҩа ҳақәлоит, ҳаҽҳархиоит рҳәеит.

Рыҽдырхиан, аишьцәа амҩа иқәлеит. Рыцә рыманы ишцоз ҽыуаҩык даауазаарын. Аҽыуаҩ даарҿагылан, аиҳабы ацә ахахьы иақәтәаз ихы наиқәкны, шәабацо ҳәа данразҵаа, абас-абас абри ҳацә азхара аӡы аҳаржәып ҳәа абра џьара иҳарҳәеит, убрахь ҳцоит рҳәеит. "Мҩамш шәақәшәааит" иҳәан, дандәықәла ус иарҳәеит: Уаниасуа, агәыбжьанытә ацә аҟәаҟәа дақәтәоуп, маҷк даасааит, лассы ҳцап, иҳазиаҳә!" – рҳәеит. Аҽыуаҩ мчыбжьык данныҟәа, ацә аҟәаҟәа иақәтәаз агәыбжьанытә иҿы днеит, иаиҳәеит: "Уашьа маҷк дасааит, ҳамҩа хароуп, лассы ҳнеиуеит ҳәа иҳәеит" иҳәеит. "Џьабаауп, аха сеиҵыбгьы ацә аҵыхәахь дақәтәоуп, уигь даасааит" иҳәеит. Даҽа мчыбжьык данныҟәа аиҵбы иҿы днеит. Уигь инаиеиҳәан. аҽыуаҩ дцеит.

Арҭгьы рыцә рыманы иахьырҳәаз аӡаҿы инеит. Даара азхара аӡы адыржәын, аишьцәа еибаргәырӷьо, ҳацә азхара аӡы аҳаржәит рҳәан, иҳәлааит ҳәа рыцә нықәырҵан, даргьы ҵлак аҵаҟа илатәеит. Игәырӷьаҵәа иштәаз уарбажәк хыԥраауа иаахалан, иааины рыцә аашьҭнахын, иааԥааны, иаманы ицеит. Иҟарҵо рзымдыруа аҷкәынцәа рыцҳақәа ихынҳәын, рқыҭахь иааит. Ҳара иҳахьыз абас оуп, ҳацә ауарбажә иагеит рҳәеит. Иҟарҵахуаз уа иаанхеит.

Ани ауарбажә хаԥрыланы, ацә аманы ицан — аӡ нырцә ҭаҳмадак ибаӷь ирҳәуан — ани абаӷь атәыҩа иқәтәеит, ацә аманы. Уи шафоз, абаӷь зтәыз аҭаҳмадагьы абаӷь ажакьақәа рыҵаҟа ашәшьыраҿы дыцәан. Ус амаха аамыҩрын, илеины аҭаҳмада ила ихаҳалт. Ила ианҭаҳа, сыла ак ахьит иҳәан, иааирҟәыҷын, нырцә аҽы гәарызхуаз ҷкәынак дыҟан, абни иҿы сцап иҳәан, сыла даахыԥшылап, ихшәалаз аахыихып иҳәан, уи иҿы дцеит. Аҷкәын дылхыԥшылан, иамуӡеит. Иҽы длақәтәан, ила данҭала дук данца, даныԥшы ацә амаха ила иҭаршәуп.

Шаха дук иман, иладиҳәалан, дахеит-дахеит. Ианҭымҵ, аҽқәа аацырҳәаны дахан, амаха ҭыхны уа инкаижьит. Аҭаҳмадагьы "Аллаҳ уусқәа узеиқәиршәааит, сурраҳаҭит!" иҳәан, иџьмахь дхынҳәит. Ани амахагьы уа икажьын, аҽы гәарызхуазгьы дықәланы дцеит. Ари амаха ахькажьыз, иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь шырҳәоз, қыҭак ықәтәеит. Қыҭак ықәтәеит, аха ақыҭа ҵысуеит есыуаха. Аҩнқәагьы ҵысуа иалагеит. Аҿар ааизибаган, иҟаҳҵарызеи, акы ҳақәшәеит рҳәан, иҷаԥшьеит уахынла. Рабџьар рыманы ишыҷаԥшьоз, бга хәыҷык аакылсын, ани амаха иацрыхацыԥхьаӡа, ақыҭа ҵысуазаап. Ақыҭа ҵысуашәа анырба, иааихсны иршьит.

Зураб Хьыбба - Sputnik Аҧсны
Зураб Хьыбба: узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом

Адырҩаҽны ашьыжь иааизибаган, ацәа аахырхын, азынтәрахь ирзаамырҳәӡеит. Хыхь иахырхыз ацәа ақыҭаҿы итәаз ауапа зӡахыз дубап, ахылԥарч зӡахыз дубап, зегьы ирызхеит. Адырҩаҽны ҭакәажәык аӡы аазгап ҳәа лкьат кны дышнеиуаз, лшьапы акы иаҿаԥеит. Ианаҿаԥа дааԥшын, абагахәыҷы кажьуп. Ани лшьапы анаҿаԥа, иааҳәны икаҳаит. Ара хазынак ыҟоуп лҳәан, ацәа аахылхын, ари, лҳәеит, хышә рахәгьы рцәа нацысҵар, сԥа еиҵбы изы хылԥарчык алҵуеит, лҳәеит. Уигьы уи лӡахын, дцеит. Ана абага хәыҷы ахыбаҩгьы уа икәымпылуа иқәуп.

Ақыҭаҿынгьы шәҩык џьыка аагара ицон, рыцәқәа ҵакны ицеит. Ицеит, аха ихнымҳәӡеит. Иахьа, уаҵәы амчыбжьқәа ҵит, иҟаӡам. Ақыҭаа иргәырҩо иалагеит, арҭ ицаз абанхеи ҳәа. Урҭ ргәырҩо иштәаз, аӡә ирахә ҭицан ишлеицоз, ани абагахәыҷы ахыбаҩ кажьны ибеит. Алаба илахарԥаны иҟәаҟәа илықәиҵан, данаауаз, иманы дааит.

Иааиган, ақыҭа агәҭа аҵәҩан ианыҩхыишьы, ацәқәагьы, ауардынқәагьы, ауаатәыҩсагьы лҭыҩрын илкаҳаит. Ианылкаҳа, шәабаҟаз анырҳәа, ҳара ҳанцоз, ахьҭа ҳаақәнакын, амш цәгьа ҳанақәшәа, џьара хыбрак ҳҭалан, ҳазҭымҵӡеит. Убра ҳҭан рҳәеит иҭыҩрқәаз зегьы. Ԥшьынҩажәа цәы, ҩынҩажәа уаатәыҩса, руардынқәа зегьы ахыбаҩ иҭан. Уажә исҳәаз алакә аҿы иреиҳау акыр еилышәкаама? Уи шәара шәазхәыцла, сара иҭабуп ҳәа сҳәоит".

Ажәабжьқәа зегьы
0