Ажәытәтәи асаӡ жәлар еиҭарҳәоз алакә "Аҳ ԥҳәыс дшааигаз"

© Фото : Нонна ҬхәазԥҳаАқапба Муса
Ақапба Муса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацаҳҵоит ҳдиаспораҿы инхо аԥсуаа еиҭарҳәо алакәқәа рцикл. Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа алакә лзеиҭеиҳәоит Адаԥазар ақалақь иаҵанакуа, ҭырқәшәала Кәзулықә зыхьӡу аԥсышәала Гечрыԥшь ахьырҳәо ақыҭа аҿы инхо Ақапба Муса.

Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс ирыцын аҿаԥыц рҿиамҭақәа. Уаха шаанӡа еизаны еидтәаланы аҭаҳмадацәа ажәабжьқәа, алакәқәа еиҭарҳәон. Усҟан дара ирхагылан ирзыӡырҩуан аҿар, рымаҵгьы руан. Шәц рымҳәакәангьы ицар ҟалаӡомызт, избанзар убас ала ирааӡон жәлар рҿаԥытә ҳәамҭақәа рымардон. Уҿараҟны аиҳабацәа рымаҵ умукәа уара уқәра аныҟалалак аиҳабра узныҟәгаӡом ҳәа ирыԥхьаӡон. Дара рхымҩаԥгашьала, атәашьа агылашьала аԥсуара аҿар ирымардон, ажәабжьқәа еиҭарҳәоз рыла жәлар рдоуҳа аҩаӡара рыларааӡон. Абри атрадициа Ҭырқәтәыла инанагаз аԥсуаа иахьа-уажәраанӡа еиқәырханы ирыман уҳәар алшоит. Аиҳабацәа, аиҵбацәа жәлар рдоуҳа рҳәамҭақәа, рлакәқәа ргәыбылра ддыркуан.

Тапшь-иԥа Атилла - Sputnik Аҧсны
Тапшь-иԥа Аҭилла илакә

Аӡынра ауаа дара-дара еиҭанеиааиуан, сасра ицон. Убас данхәыҷыз рыҩны иааиуаз асасцәа иара иаб алакә анырзеиҭеиҳәоз дазыӡырҩуан Ҭырқәтәыла Гьечрыԥшь (Кузулуқә) инхо Қапба Муса, етникатә гәыԥла исаӡу. Муса иабшьҭрагьы Гьечрыԥшь ианыҵит, уи еиҭеиҳәо алакәқәа Аԥсны иадҳәалоуп. Уа иҟоуп иахьала Аԥсны иуԥымло алакәқәагьы. Абра имҳәакәа узавсуам Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыҩнуҵҟа алакәқәа здыруа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа ишагхо, избанзар еиҵагыло аиҵбыра рабиԥара аԥсуа бызшәа рыздырӡом, насгьы уаанӡа еиԥш алакә аиҭаҳәаратә традициа аанымхаӡеит. Убри аҟнытә уаҟа иуԥыло аԥсуаа иртәу зегьы хьҟәыршәак еиԥш пату ақәҵалатәуп. Избанзар, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рыԥшаара зынӡа иуадаҩхо иалагоит.

Уажәы ишәыдаагалоит асаӡ жәлар еиҭарҳәоз алакә "Аҳ ԥҳәыс дшааигаз".

"Анкьа алакә анырҳәалакгьы зқьынтә еиҭарҳәон амшала егьырхашҭуамызт. Уажәы сара алакә ҩажәа шықәса раахыс егьысымҳәацт, аиҭаҳәара салагар маҷк аџьабаа снарбоит, аха исҳәап.

Ҭырқәтәыла аԥҳәыс ажәа лырҭаӡом. Уи ашьҭахь дынхоит рҳәоит. Аха аԥсуаа рҿы жәытә-натә аахыс аԥҳәыс ажәа лыманы аԥхьагылара ныҟәылгоны дшыҟаз ҳзырдыруа лакәк ыҟоуп убри шәзеиҭасҳәоит сара.

Анкьа Аԥсны қыҭак аҿы иахылаԥшуаз аҳык дыҟан. Иқәра наӡаны дыҟан, аха ԥҳәыс дааигомызт. Ари гәырҩас иҟарҵон иқыҭа. Мчыбжьык ахьтә знык рызегьы еизаны аҳ иҳәозаарын. Ҳаҳ ҳазкәыхшоу, ԥҳәыск дааугар, ҷкәынак духьӡар, уара ушьҭахь иаҳхылаԥшуа аӡә дҟалап ҳәа иарҳәон. Уигьы аџьаама аԥхьа хаҳә дук ыҟазаарын, абри ахаҳә шьны абри ауаажәлар акрырҿашәҵар, саргьы ԥҳәыс даазгоит иҳәон. Нас иҟарҵоз ахаҳә шԥоушьуеи, уи ишьна ауаа ишԥарҿоуҵо иҟамлаша акоуп ҳәа иеимлысуазаарын. Нас есхәаша ас рҳәацыԥхьаӡа иара ииҳәоз иҳәон.

Ҽнак абас аниҳәа, маҷк иқәрагьы наӡаны иҟаз аӡәы даара игәы ихьын, илахь еиқәны иҩнахьы дцазаап. Иҩнахьы данца, иахьӡаны иҟаз иԥҳа дҵаазаап: Саб иҟоузеи иухьзеи, улахь еиқәны уааит ҳәа. Ааи ааи, сыԥҳа уи бара ибдыруа бызхәо акгьы акәым, баҟәыҵ иҳәазаап. Ах саб, сара исыхәо акы акәымзаргьы исоуҳәар ҟамлаӡои? Уара гәырҩаны иумоу сара издырыр ҟамлаӡои анылҳәа, абас-абас аҳ ҳиҳәоит ԥҳәыс дааигап ҳәа, аха иара ииҳәо,  абри аџьаама аԥхьа иҟоу ахаҳә шьны еиҿыхны ауаажәлар ирҿашәҵар аԥҳәыс даазгоит ҳәа ауп. Уи иҟамлаша акы акәуп, ишԥаҟаҳҵои ҳәа убри ауп сзырхәыцуа иҳәеит. Ларгьы уи ацкыс имарианы иҟоузеи лҳәазаап. Ахаҵагьы ибҳәо закәызеи, уи шԥамариоу аниҳәа ашьтәа зшьуа аиҳабы иоуп, иааиуа ахәашазы ус аниашәҳәалакь иаргьы аҭак аниҳәалак аԥхьа унагыланы саҳ сызкәыхшоу абри ашьтәа зшьраны изҳақу уара уоуп. Уара абри шьны иааҳаҭ, иаанхо амаҵ ҳа иҳамуеи уҳәар, ииҳәо убап усҟан, лҳәеит.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа афырхаҵа: Ҭырқәтәыла Ажьгьери-иԥа Қәычықә дшыргәалашәо

Егьи ахәаша дгәырӷьаҵәа дцеит. Анамаз кны аџьаама ианааҭыҵ зегьы иҳәахт. Ианиҳәа, аҳ еиҭеиҳәоз еиҭеиҳәеит. Уи аниҳәа ани ауаҩгьы иаԥхьа днагылан: саҳ сызкәыхшоу, абри ашьтәа зшьраны изҳақу аиҳабы иоуп. Ҳаиҳабгьы уара уакәзар ари шьны иааҳаҭ. Иаанхо амаҵ ҳа иҳамуеи аниҳәа, аҳ длаихәаԥшын акгьы мҳәакәа шәеимлыс иҳәеит. Ианеимлыс ашьҭахь аҳ дхәыцуа далагеит. Абри уажәраанӡа есхәаша еиҭарҳәон, ари иара ихшыҩ ала иҳәар усҟангьы иҳәон, аха ари ахшыҩ изҭаз аӡә дыҟоуп ҳәа игәы иаанагеит. Џьоукгьы уи ауаҩ иахь ишьҭын шәеимда, ари ауаҩ ахшыҩ изҭаз деилышәкаа ҳәа реиҳәеит. Нас инашьҭалан ирбеит ари ахаҵа иԥҳа дахьӡаны дыҟаны уи ахшыҩ изҭазгьы убри лакәны дшыҟаз.

Аҳ иахь иааит иарҳәеит. Аҳ ус акәзар иҳәан, ҩымш-хымш рышьҭахь ҩыџьа рҽи-ркәадыри иақәыртәаны быжьшықәса имхьац жәык риҭан абри абни ауаҩ иҿы ижәга иҳәеит. Аныгагьы риҭеит. Салам сызишәҭ иҳәеит. Ани быжьшықәса имхьац ажә уаха ирхьаны абри алагьы ахши аԥеи еидыргыланы исзаажәга иҳәазаап. Нас уи иҟамлаша акакәми? Ицазаап, салам ирҭан ауаҩы. 

– Аҳ салам узааишьҭит, абри быжьшықәса имхьац ажә уаха ирхьаны аԥеи ахши ҳауҭар изаҳгоит, уи азын ҳааит рҳәеит.

– Ааи ибзиоуп! Шәтәа ара иҳәан, џьара илаиртәан, иԥҳа лҿы дынкылсын, аа исзыбуз ббома бара, иҟасҵозеи уажәшьҭа иҳәеит. Ари аҳ иааишьҭыз ауаа ирҭаху иҟамлаша акоуп. Исыԥсыхәозеи аниҳәа:

– Ах саб гәыбӷан сумҭан, аха ари зынӡа имариоу акоуп. Уажәы уара маҷк угәы ухьны уҟоуп, уԥсы ааушьап, џьара уца лҳәан длышьҭит. Лара даалаган лыкәша-мыкәша иҟаз арԥарцәеи аԥҳәызбацәеи рызегьы ааидылкылан – асасцәа ҳамоуп, уаха ачара ҳамоуп ҳәа иаалгеит. Ҩыџьа-хҩгьы навалгалан, ани иааргаз ажә ишьны акәац ҟашәҵа ҳәа ралҳәеит. Урҭ иҟарҵоз анрыдылҵа, еизаны иҟаз зегьы шьыжьынӡа икәашеит, ишәаҳәеит, аамҭа бзианы ирхыргеит. Уи ашьҭахьгьы акәац анжәы аишәа дырхиан акрырҿалҵеит.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Уажәшьҭа игьежьыроуп. Ианыгьежьуаз ақәабқәа ҩба рылҭазаап. Руакы ахаҳә сса ҭалҵеит, егьи аруакгьы ашы (ашыла) ҭалԥсан ирылҭеит.

– Аҳ салам сызишәҭ лҳәеит. Нас ари иаажәгаз ажә ԥак арит. Ажә аԥа ахьариз азын цәгьа игәырӷьан иузнымкыло иҟоуп. Уи злаҿаҳҳәо ашаха ҳамаӡам. Аԥагьы даара еилҟьоуп, уигьы злаҳкуа ашахагьы ҳамаӡам. Абри ашы ала ан азыҳәан шахак ҟаиҵааит. Абри ахаҳә сса алагьы аԥазыҳәан шахак ҟаҵаны иаҳзааишьҭааит. Усҟан ангьы аԥагьы шәаҳҭоит ҳәаны аҳ иахь ахабар лышьҭит.

Нас аԥхӡы еиқәырҭәо ақәабқәа рыманы илкылсын аҳ ианиарҳәа, аҳ даахәыцын, сара уажәраанӡа хшыҩла сзышьҭаз дызбеит иҳәеит. Нас ԥҳәысаагара игәы иҭеикын ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит уи аԥҳәызба дырҭаххарц азыҳәан. Шәыԥҳа даҳгәаԥхеит, аха аҳ убас ак иҳәеит убри дақәшаҳаҭхозар даҳгоит рҳәеит. Ишԥыкәу уи анырҳәа, ус рҳәеит: Дҭацаны даннанагалакь аҳ иус дшаламцәажәо ала ажәа ҳалҭароуп ҳәа. Аҳ иус далацәажәар иааилыҵуеит. Нас аҭыԥҳа илазҵааит: иҟоу абас абасоуп иҳабҳәозеи ҳәа.

Аа уи аҳ иус иа иусуп, са исусузеи лҳәеит лара, нас дыргеит. Ачара ду ҟалеит. Ԥыҭк анҵы ашьҭахь, аҳ хшыҩла сзықәгәыӷуа аԥшәма дсымоуп иҳәан ақыҭақәа рахь еимдара, ныҟәара дцеит. Уи аамҭазы уи аҳ иқыҭаҿы иҟаз аӡәы ихараны џьара мхык иман. Дцәаӷәаразы ицәқәа ҵакны уа дцан дцәаӷәон. Маҷк аҟара изынхеит, сааҭк-ҩсааҭк рыла иҟоуҵаша, аха амра ҭашәеит. Ашьыжь исцәаӷәап, уаха аҩныҟа сымцап иҳәан уа даангылеит. Ауха ицәқәагьы ауардын иадиҳәалеит. Ус дшыҟаз, аҽаӡәгьы уи ақыҭахь дцарц амҩа дықәын, аха иҽы ирацәаны аидара ақәын иааԥсеит, убри азын уа даангыларц иҭаххеит. Уара ара унхозар, саргьы сҽы ааԥсаны иҟоуп ара саангылоит, ҳаиҩызцәаз аниҳәа, егьигьы ибзиоуп иҳәеит. Ари ауаҩгьы иҽы ауардын иадиҳәалан акрырфеит, акрыргеит, еицәажәеит, ацх анца ицәеит.

Ианааԥш аҽы аҽҵыс арины ишыԥаҭԥаҭуаз ауардын аҵаҟа иаҵалазаап. Ауардын  зтәыз сара суардын аҽҵыс ариит, сара истәуп иҳәеит. Аҽы зтәыз, уара уанаџьалбеит, иуҳәо закәызеи, ари ан ара иҟоуп иҳәеит. Уи ан иатәызар, ан аҵаҟа иҟалон, са суардын аҵаҟа иҟоуп иҳәеит. Рус ӷәӷәахеит. Аҵыхәтәаны аҳ ҳиазҵаароуп рҳәан аҳ иҿы еиманы иааит. Аҳ иҿы ианааи, аҳ иԥҳәыс даадәылҵын, иҟоузеи ишәымоузеи анылҳәа, изықәшәаз ларҳәеит, аҳ аҩны дыҟазар ҳус ибап ҳәа ҳааит рҳәеит. Лара ари ирҳәазгьы иакәым ак шакәыз анылба, ус лҳәеит: аҳ амшын амца акын, абамбала ирцәарц дцеит ҳәа. Уи ауардын зтәызгьы, унаны амшын амца акуама? Амца акыр абамбала иузырцәома? – иҳәан иааџьеишьеит.

– Уара афы усааит, ауардын аҽы ариуама анылҳәа, иаргьы ихшыҩ аҭыԥ аҿы иааин, аҽгьы аԥагьы аҽы зтәыз илҭан аус еиллыргеит.

аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Аҽы зтәыз дгәырӷьан ақыҭаҿы зегьы ириеҳәеит. Абас иҳамаз аус зеиԥшраз, аха ҩажәак рыла аҳ иԥҳәыс илыӡбеит, даара ахшыҩ бзиа лымоуп ҳәа. Аҳгьы ҩымш-хымш рышьҭахь дгьежьны даауан, иқыҭа данналала, зегьы иарҳәеит ани иԥҳәыс иҟалҵаз абзиара аӡбахә. Аҳ ицәымыӷхеит. Иус далацәажәеит. Уажәшьҭа еилымҵар ада амуа иҟалеит. Аҩны данааи: – Бара быххьандаз! Сусқәагьы ҟабҵо балагеит, сус балацәажәеит, ари еибаҳҳәахьаз акәын, уажәшьҭа ҳаилымҵыр амуа иҟалеит. Ари аҩны аҟынтәи еиҳа бзиа иббо быман баб иҩнахьы бцар акәхеит. 

Нас аԥҳәысгьы: – уара  иуҳәаз ажәа наугӡоит, саргьы бзиоуп сҳәоит, ҳаилыҵуеит, аха акыр шықәса даара ибзианы аҩны ҳәа сыҟан. Уахык акреицымфакәа ҳзеилыҵуам лҳәазаап. Аа, уи ҟалоит иҳәазаап иаргьы. Ауха, акрырфарц азыҳәан ацха ауаҩы дызшьуа ала ахаақәа бзианы иҟаҵаны, аҳ бзиа иибақәоз зегьы ҟаҵаны аишәа лырхиан ацха далыршьит. Ацха данашьы ихы-изымдыруа дықәхеит. Афақьаҳәа ҩыџьа-хҩык даарыԥхьан аҳ даашьҭыхны ауардын длақәылҵан ауха ахьшәашәараха лаб иҩнахьы амҩа иқәлазаап. Амҩабжара ианааи ахьшәашәаразынгьы ауардын ахьыҵысуаз азынгьы даанарԥшит иара.

– Уа иҟабҵозеи бара? Ҳабацои? – иҳәазаап.

– Саб иҩнахьы ҳамцои анылҳәа, — баб иҩнахьы бцозар сара исылабхузеи иҳәеит иара. 

– Уара иумҳәаӡеи, ари аҩнаҿы еиҳа бзиа иббо акы аашьҭхны бца ҳәа? Уара уацкыс бзиа избо иҟоузеи? Уара усыманы сцоит лҳәазаап.

– Унан! Иргьежь ауардын. Ари ашьҭахь сус балацәажәазаргьы ҳаиццоны ҳаҟазааит, — иҳәан ус рыҩнахьы игьежьын иааит".

 

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0