Аскульптор Џьениа: иҟан аамҭақәак зегь касыжьындаз анысҳәоз

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла уаанӡатәи ахантәаҩы, Витали Џьениа иаҳзеиҭеиҳәеит иусуреи ирҿиаратә ҟазареи ртәы.

Аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла уаанӡатәи ахантәаҩы, Витали Џьениа иаҳзеиҭеиҳәеит иусуреи ирҿиаратә ҟазареи ртәы. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асида Кәыҵниаԥҳа.

— Иаҳзеиҭашәҳәа, ишԥахацыркхеи аскульптор иҟазаратә мҩа?

— Сара саныхәыҷыз аахыс бзиа избон асахьаҭыхра, анышәаԥшь иалхны еиуеиԥшым анаплакқәа рыҟаҵара. Аҷандаратәи ҳашкол аҟны аскульптура закәу аӡәгьы издырамызт, иуазҳәозгьы дыҟамызт. Ашкол саналга аррамаҵзура сахысуан. Зны, аҷаԥшьараан саԥхьа итәаз аофицар ихы нкыдҵаны ацәа иҽнеиҭеит. Сара исыӡбеит исахьа ҭысхырц. Иара даара игәаԥхеит сҭыхымҭа, оумашәагьы ибеит уи аус ҷыдала снапы ахьалакым. Аррантә саныхынҳә агазеҭ "Советскаиа Абхазиа" аҟны сылаԥш ақәшәеит алаҳәара, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭахь астудентцәа шрыдыркыло азы. Сара дсыԥшааит аҵараиурҭа адиректор Сергеи Габелиа. Цқьа иныҭкааны сиазҵааит аҭалара шалшо азы. Аԥышәарақәа ҭины аҵараиурҭа сҭалеит, ԥшьышықәса аҵара сҵон уаҟа.

Аԥхьатәи аамҭақәа рзы исцәыуадаҩын. Иҟан ҭагылазаашьақәак зегь нкажьны сцап анысҳәоз. Аҵара сыцызҵоз зегьы среиҳабын. Усҟан аабатәи акласс ашьҭахьгьы ирыдыркылон. Сгәы иаанагон исықәҿиом ҳәа, аха ҳарҵаҩы Витали Лакрба исимырҟаҵеит. Асахьаҭыхыҩцәеи урҭ рырҿиамҭақәеи ирызкыз ашәҟәқәеи альбомқәеи сзааигон. Иахьа иуҭахны иҟоу аинформациа иаразнак иуԥшаар алшоит, аха усҟантәи аамҭазы уи акыр иуадаҩын. Ажәакала, сҽазышәарақәа лҵшәадамхеит. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә академиа сҭалеит. Уаҟа аҵара сҵон фышықәса. Аԥсныҟа саныхынҳә аусура салагеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны, сыҽрыласырхәуан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла еиҿнакаауаз ацәыргақәҵақәа зегьы рҟны. 2001 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа сара Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс сыҟан. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны еиҿыскааит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа Москва, Санкт-Петербург, Нхыҵ Кавказ. Асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа даара агәазыҟаҵара бзиа урҭоит, уи адагьы урҭ – аԥсуа ҟазара ӡырнагоит.

— Агәацԥыҳәара шԥашәзааиуеи? Ишәызцәырызгои?

— Дарбанызаалак асахьаҭыхыҩ иааиԥмырҟьакәа аусура агәацԥыҳәара имазароуп. Аԥхьаҵәҟьа иуадаҩзаргьы, нас уашьцылоит. Даара аҟыбаҩ улазаргьы ирацәаны аус умуазар, алҵшәа зыҟалом. Философк аҟыбаҩи агениреи дрыхцәажәо иҳәон: ауаҩы аҟыбаҩ хыччарыла дазнеиуеит, агенира – иара ауаҩы ихыччоит, дашьаҽуеит ҳәа. Аҟыбаҩ аус анадумула инауҵӡаауеит. Ирацәаҩуп ирылаз аҷыц зхы иззамырхәаз. Излаз злаԥсыз.

— Шәара шәстили шәтехникеи ҷыда ҟазшьақәас ирымоузеи?

— Сара сусураҟны аԥыжәара асҭоит сыскульптурақәа рыпластикатә ӡбара. Асахьаҭыхыҩ имыцхәу мап рыцәкны ихадароу аанижьлароуп. Ауаҩытәыҩса иҩныҵҟатә ҭагылазаашьа ааурԥшлароуп. Шишкин иусумҭақәа рҟны илшон аԥсабара шыҟаҵәҟьоу аарԥшра. Аха иубомызт иара асахьаҭыхыҩ уи аԥсабара шидикылоз. Сгәанала аҟаза иара идунеихәаԥшырагьы аарԥшра илшозароуп. Уи ахәшьара еиҳа еиҳауп. Сҟазарҭаҟны иахьазы игылоуп сусумҭақәа хԥа. Акы салгаанӡа аҽакы ахь сиасуеит. Ус еиҳа аинтерес сзаҵоуп. Акымацара уанаҿу убла ашьцылоит, агхақәагьы умбар алшоит.

— Иарбан хәшьароу шәара шәзы еиҳа зыхә ҳаракны шәызхәаԥшуа?

— Ставрополь имҩаԥысуан ацәыргақәҵа. Иалыркаауан иреиӷьыз аскульптура. Убраҟоуп раԥхьатәи апремиа ахьсаҭәашьахаз. Иароуп сара сзы иахьагьы реиҳа зыхәшьара дуу.

— Шәыскульптура "Ӡызлан" 2015 шықәсазы иреиӷьыз усумҭан иалкаахеит. Иара аԥҵара шәгәазырԥхеи?

— Аскульптура аус адызулон шықәсык иназынаԥшуа. Шәача имҩаԥысраны иҟаз ацәыргақәҵа иазсырхион. Иара уаҟагьы апремиа аҭәашьан.

— Шәҟазаратә мҩаҟны уадаҩрақәас ишәԥылоз?

— Иуадаҩын аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа. Аха, Владислав Арӡынба ацхыраара ҳаиҭон. Иҟамлацызт цәыргақәҵак аартра дагханы. Аибашьра ашьҭахь ҳаҳҭнықалақь ҳаназыхынҳә иара нап аиркит акультура ахәышҭаарақәа рышьҭыхра. Арӡынба ибзиаӡаны еиликаауан ажәлар доуҳала ирыцҳахар аҽа хәарҭак шырмоуаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0