Боџьгәуа: еснагь сыбла ихгыло - иҭахаз сҵаҩцәа роуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Боџьгәуа.
Леонид Боџьгәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Леонид Боџьгәуа марттәи ажәылара ахҭысқәа игәалаиршәоит.

Егьа шықәса рацәа царгьы Аԥсны амилаҭ қәԥара иадҳәалоу ахҭысқәеи ажәыларақәеи ахааназ хашҭра рықәым. Иԥышәагаз марттәи ажәылара ҳаԥсуа еибашьцәа рзы илыҵшәадахеит, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа 222-ҩык ҭахеит, аӡәырҩы хабарда ибжьаӡит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аҿазыҟаҵарақәа ааныжьны-еибашьра

Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ аҟны ахәыҷқәа аҵара дырҵареи, Гәдоуҭатәи аспорт школ аҟны зых иақәиҭу ақәԥараз ахәыҷқәа азыҟаҵареи ааныжьны, аҭынч ԥсҭазаара иалагәырӷьоз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аспорт азыҟаҵаҩ Леонид Боџьгәуа, абџьар аанкылан иҩызцәа днарывагылеит. Иара раԥхьатәи амш инаркны далан Вова Начач напхгара зиҭоз абаталион. Ари агәыԥ еиднакылон Замостианка аҳабла аҿы инхоз аҷкәынцәа, иара убас Лыхааи, Дәырԥшьааи, Бармышьааи рҵеицәа иаидкылан 250-ҩык ахақәиҭра азықәԥаҩцәа.

Алик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи). - Sputnik Аҧсны
Владимир Кәакәасқьыр: ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан

"Аибашьра алагеит ҳәа саҳаит аҩны Ҟәланырхәа сшыҟаз, аибашьра ацара-амцара ҳәа азҵаара схаҿгьы имааит, избанзар, Гәдоуҭа ақалақьаҿ еиҿкааз агвардиа салан. 1989 ашықәсқәа рзы имҩаԥысоз ахҭысқәа срылахәын, аиаша азықәԥара сара сзы ихадаратәын уи аамҭазы", — ҳәа игәалаиршәоит аветеран иеибашьратә мҩа.

Вова Начач напхгара зиҭоз абаталион ианартәи ажәылараан ааха ӷәӷәа аиуит, аибашьышьа ахьырзымдораз иахҟьаны, уи ашьҭахь хықәкыла марттәи ажәылара рҽазыҟарҵон, "ақәыларатә" баталион ҳәа иԥхьаӡан.

"Аибашьра аԥышәа хәҷык анҳаугьы абаталион взводла еихаҳшеит. Актәи авзвод командаҟаҵаҩыс даман Игорь Дармаа, аҩбатәи-Дима Аҩӡба, ахԥатәи сара, аԥшьбатәи Автондил Гарцкьиа, ахәбатәи Баграмиан ихьӡ зхыз аерманцәа ргәыԥ акәын",- иҳәеит Боџьгәуа.

Аветеран Леонид Боџьгәуа иажәақәа рыла ари абаталион хԥа-ԥшьба мзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагон, ажәылара аԥхьа Вова Начач арратә прокурорс дҟаҵан, убри аҟнытә Фридон Аҩӡба командаҟаҵаҩыс дарҭеит.

Март 15 аҽны уамашәа ихьҭан, ҳазыԥшын адҵа, зегьы еилаҳкаауан, аиааира арааигәатәразы шаҟа аҵак ду амоу ари ажәылара, игәалашәарақәа ациҵон иара.

"Аибашьраан зегь раҵкьыс иуадаҩыз ирыцҳараз аамҭаны иҟалеит марттәи ажәылара. Ацҳа аҟны, ажәылара аԥхьа ишаԥу еиԥш, аконверт аартны, иҳамаз адҵа дырны ҳҽырӷәӷәаны асааҭ хԥа-ԥшьба шыҟаз ҳамҩа ҳақәлеит, аӡы ҳарны аҟәараҿы ҳанынаӡа иҳақәыхәлеит, аҵх цәгьа илашьцан, уаҟа аминақәа рацәаны иҵан, иахьынӡаҳалшоз ҳаннеи ҳаангылар акәхеит", — иациҵон ицәажәара аибашьҩы.

Ажәыларахь ацара аамҭа анааи, хәба-хәба метра бжьаҵаны рымҩа иқәлеит аԥсуа еибашьцәа, аерманцәа ргәыԥ аснариад анрылаҳа, иҭахаз рацәаҩхеит.

"Аилашәара ануоулак агәкаҳара ҟалоит, ашәара рылалеит аӡәырҩы. Усҟан арҭҟәацга иахыԥжәеит Адгәыр Ԥниа, Славик Папба ишьапқәа рыҩбагь хнаҵәеит. Ҳнапаҿы ҳаиаанӡа ҳаангылан ашара ҳазыԥшын, ахымҩасқәа ҳхашәышәуа", — иҳәеит хәажәкыратәи ажәылара игәаларшәауа.

Аԥсуа еибашьцәа аштаб хадеи дареи ацәажәарақәа рыбжьан, пхьаҟа иахьынӡазнеиуа аҭыԥқәа ирылацәажәон. Убри аамҭазы ақырҭуа БМП аахәыҵҟьан аибашьцәа рышҟа ахы нарханы инагылт, уи аԥсуа еибашьцәа иртәыртәит.

Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

"Агәыԥ "Евколипт" иалаз аибашьҩы Арзик Ҭарба агәымшәара аарԥшны БМП аарҳәны инаиргылеит, иџьоушьаша, аилҟьареи афырхаҵареи аадырԥшуан аҿар. "Уаангыл" закәыз рыздыруамызт", — игәалаиршәон Боџьгәуа.

Аиҿахысрақәа цон, ҳаԥсуа еибашьцәа ааха ӷәӷәа роуит, ақыртцәа акырӡа иааигәан.

Ажәылара ашьҭахь ҿыц ииз

Аҩбатәи амш аҽны ажәылара акырӡа ишьаарҵәыран, абаталион ацәыӡ ду аиуит, аибашьцәагьы ргәалаҟара ашьҭыхра аҭахын, аха аамҭеи аҭагылазаашьеи иунаҭомызт.

"Асааҭ 12 реиԥш аиҿахысра ӷәӷәа цон, сҩыза Вадим Дбар дсывыршьааит, саргьы ахәра соуит, 30-рҟынӡа аснариад аԥҽыхақәа сылалеит, срыԥҳақәеи, сҷачақәеи, сымгәа, схы сеилаԥыхха ашьа аҽҽаҳәа исыцәцон, сдеисра ангәарҭа сыԥсоит, ҳәа ргәы иаанаган ахәшә сыларҵеит, ишрылшоз ала адгьыл жны, анышә сарҭеит", — иԥсы шҭаз анышә дшарҭыз атәы дԥышәырччо еиҭеиҳәон аветеран.

Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа

"Сара гәыбӷан аӡәгьы исҭаӡом, аибашьраҟны аԥсы иалгара иаагара акала иҟоуп, исоуз ахәра аԥсҭазаареи иареи еиваабомызт аҟнытә, усгьы дыԥсоит дымгәаҟап ҳәа ауп ус шыҟарҵаз", — иҳәеит Боџьгәуа.

Саатқәак рнаҩсан аԥсадгьыл ахьчаҩ илырҵаз ахәшә илҵеит, дааԥшит, адгьыл хьшәашәаӡа дшылаиаз инырит. Ҳаԥсуа еибашьцәа рыбжьы иаҳауан, аха иааигәа аӡәгьы дыҟамызт.

"Санааԥш, сеиҵасуа ахьҭа ӷәӷәала сакуан, ҳаибашьцәа рыбжьы саҳауан, дареи сареи хә-метрак аҟара ҳабжьан, аха сара сзы дара рҟынӡа анеира шә-километрак иаҩсон. Иҟало збап сҳәан сҳәазо сҿынасхеит, аха даара исцәыуадаҩын, избанзар сарма аган сыхәаӡомызт. Ҳаибашьцәа маҷк санырзааигәаха, сымчқәа еибыҭаны саахагьежьын, Автондил Гарцкьиа симпыҵҳаит", — иҳәеит марттәи аоперациаан зыԥсы ҭаны еиқәхаз.

Аибашьра аветеран акыр аамҭа иԥсы аалгон амедеиҳәшьа Ҭина Пагава. Анаҩсан, ахәра ӷәӷәа змаз Леонид Боџьгәуа дрыманы идәықәлеит ахәшәтәырҭахь, аха аиҿахысра иақәшәеит. Леонид Боџьгәуа дызгоз руаӡәк Гена Арӡынба ахәра иоуит.

"Сыхәра ӷәӷәан, ахәышәтәырҭахь срымгар амуа иҟан. Доник Ҭраԥшьи Зурик Ҵышәбеи срыманы идәықәлеит, аха ицоз аиҿахысреи, идууз аӡыи иаҳнаҭуамызт. Аӡы хьшәашәа ҳанҭала сыҩнуҵҟа зегьы аӡы ҭалеит, схы агьежьра иалагеит, аҟәарахьы ҳнаӡахьан еиԥш иӷәӷәаны хысраны ҳахҭаркит, цәгьала аҟәара ҳанхықәгыла ҩ-хык сықәшәеит, схы сыхьчап излауа ала ҳәа, саԥхьа ишьҭаз анышә схы адысҵеит, сыхәдагьы ахы ақәшәеит, Доник Ҭраԥшьи урыс еибашьҩыки сырҳәазаны сыргеит, настәи ахҭыскәа сгәалашәаӡом", — иҳәеит ссирла зыԥсы еиқәхаз аветеран.

Гәымсҭа ахықәан, аибашьцәа изларылшоз ала ихәыз рзы ҭыԥк рзыԥшааны уаҟа итәан, уахь уаҩы днеиратә иҟамызт. Ҩымш ишьҭан, Леонид Боџьгәуа дзыԥшааз ианшьа Аксенти Ԥниа иоуп.

Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәаратә хәылԥазы Ешыра имҩаԥыргоит

"Саншьа саныиԥшаа, ахьҭеи амлеи сакны сахьыҟаз иахҟьазар акәхап, цәгьала сыидырит, сеиҵаланы сыҟан, Гәдоуҭа агоспиталь аҿы сышьҭан. Ахьҭа исылалаз иахҟьаны сҷаҷақәа аусура аанкылара аҟынӡа инеихьан, убри аҟнытә сабхәанда Шәачатәи аҷаҷакәа ирызку ахәшәтәырҭахь сыиаигеит, аҳақьымцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха сҷаҷақәа ирнаҭомызт. Аҳақьым дшысхатәаз сҷаҷакәа аангылеит, ибыхьи ҳәа санлазҵаа уҷаҷақәа аангылеит лҳәан, аҵәыуара далагеит, бымшәан, уажәы аус асыруеит сҳәан, абҩарҵәырала издыруаз схы иархәаны сҽааибасырххан счаҷақәа аусура иналасыргеит. Абас аибашьра аԥхьа снапы злакыз аспорт сыԥсы еиқәнархеит", —иҳәеит џьашьахәыла зыԥсы еиқәхаз аветеран.

Леонид Боџьгәуа игәабзиара ашәақәыргылара апроцесс хьанҭан, хәымз Шәача ахәышәтәырҭаҿ дышьҭан, анаҩсан Гагра, ашьҭахь ашьа иларҵақәоз иахҟьаны аҩежьра ихьын Гәдоуҭа дырхәышәтәуан.

"Изқәым иқәым ҳәа рымҳәои аԥсуаа, саргьы исыхьыз сзымхозшәа аҩежьра иахҟьаны аибашьрахь сзыхынҳәомызт. Ахәшәтәырҭаҿ иааргоз ахәцәеи аԥсцәеи сара исзыхгомызт, сгәы иазычҳауамызт, сзеибашьомызт, аха исылшо ала срывагылазаап сҩызцәа ҳәа схынҳәит. Аиааирагьы Аҟәа сыԥылеит", — ҳәа игәалаиршәоит хәажәкыратәи ажәылара алахәыла.

Леонид Боџьгәуа иажәақәа рыла ари ажәылара лыҵшәадахеит, избан акәзар, марттәи ажәылараан ишақәнагаз еиԥш аԥсуа еибашьцәа еибыҭамызт, иазыҟаҵамызт, иахәҭаз ианаамҭаз аинформациа рымамызт.

"Марттәи ажәылара ашьҭахь ҳбаталион аҵыхәтәа ԥҵәеит, иҭахеит хыԥхьаӡара рацәала аҿар, хабарда ибжьаӡит ҳаибашьцәа аӡәырҩы, зегь реиҳа исызхымго, еснагь сыбла ихгыло иҭахаз сҵаҩцәа роуп, дара ргәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥаагоит атурнирқәа",- ҳәа иҳәеит Боџьгәуа.

Иара иажәақәа рыла марттәи ажәылара реиҳа згәаларшәара уадаҩу аамҭаны иҟалеит иԥсҭазаараҿы.

"Аиааира 25 шықәса анахыҵуа аламҭалаз сгәы азыҳәоит, иҭахаз сҩызцәа рыхьӡала аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, аҭоурых ианысҵар сҭахыуп ари абаталион аҟны еибашьуаз зегьы, рыхьӡ анаӡаӡатәра иаԥсоуп", ҳәа игәҭакқәа дырзааҭгылеит иара.

Дмитри Аргәын: марттәи ажәылара хлымӡааххеит ҳара ҳзы

Иԥсеиқәырхагахаз зых иақәиҭу ақәԥара

Аибашьра ашьҭахь Леонид Боџьгәуа иҩызцәа игәабзиара аиҭашьақәыргылараз, игәы ихаиршҭырц азы Санкт-Петербургҟа дыргеит. Иара, Урыстәыла дыҟан 15 шықәса, абар шьҭа бжь-шықәсоуп Аԥсныҟа дхынҳәижьҭеи. Иаразнак напы аиркит аибашьрааан иԥсы еиқәзырхаз зых иақәиҭу ақәԥара аспорт хкы арҿиара, аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар абҩарҵәырахь рызхьарԥшра, уи аус аҟны ацхыраара ииҭоит иҩыза абизнесмен Мусса Екзеков. Дара рымчала Ԥсоу инаркны Егрынӡа еиҿкаауп ахәыҷқәа рҽахьазыҟарҵо аспорт уадақәа, иаԥҵоуп аспорттә клуб "Абаза" уи напхгара аиҭоит Леонид Боџьгәуа.

Иахьа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аспорт азыҟаҵаҩ Леонид Боџьгәуа азыҟаҵара мҩаԥигаратә игәабзиара инаҭом, иахьа уажәраанӡагьы ицәеижь иалоуп жәохә рҟынӡа аԥҿыхақәа, аха аиҿкааратә усқәа инапы рылакыуп, зых иақәиҭу ақәԥара иалоу ахәыҷқәа реихьӡарақәа дрызгәыдууп.

Леон иорден занашьоу Леонид Боџьгәуа иеибашьратә мҩеи, игәамбзиареи, ииԥылоз ауадаҩрақәеи ицеиҩылшон иарӷьажәҩаны ивагылаз иԥшәмаԥҳәыс Марина Кәарцхьиаԥҳа. Дара иахьа рыҷкәын Омари, ԥшьымыз зхыҵуа рмоҭа Самири ргәы рыладууп, ргәыӷрақәа зегьы рыдырҳәалоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0