Ачашә шәҳәеи!

© Sputnik / Томас ТхайцукНарҭтәи ачашә.
Нарҭтәи ачашә. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны акоррепондентцәа рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны Аԥсны иреиӷьу ачашәҟаҵаҩы ҳәа ирыԥхьаӡо ичысҟаҵарҭахь инеиит, рыблала нарҭтәи ачашә шыҟарҵо баны агьама гәарҭарц.

Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа.

Ажәытә қалақь аҭынха

— Иарбанызаалак ак сҭахым. Чебурекума, пенерелума… Исҭаху зышшала игәылӡаау агәыҵаԥшьԥсыӡи гәдоуҭатәи аҩи роуп – уаҳа акгьы.

— Уара уиашам, Бориа, — иаархаан уи инеиҿаирхьит дзацәажәоз, — саргьы пату ақәысҵоит агәыҵаԥшьԥсыӡ, аха апенерел, уи пенерелуп. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи гаӡамызт апенерел ԥхақәа бзиа ианырбоз…

Иахьа дмаҷуп Аԥсны апенерел ҳәа зыӡбахә имоу Искандер ифырхаҵа. Издыруа дмаҷуп иахьа еицырдыруа нарҭтәи ачашәқәа ирхыҵхырҭоу Османтәи аимпериаҟынтәи аҭырқәцәеи абырзенцәеи Аԥсныҟа иааргаз апенерлқәа шракәу.

Пенерл аҭырқә ажәа peynirli аҟынтәи иаауеит. Ари ашә згәылоу ӡымҭоуп. Акәац згәылоу иара абриаҩызацәҟьа аӡымҭа кавурмали ҳәа иашьҭоуп.

Шәышықәса раԥхьа Аҟәа ауааԥсыра бзиа ирбоз ажәақәа иахьа урҭ ржәар инаныӡаан ицеит. Уи еиҳарак мзызс иаиуит асовет аамҭақәа рзы аҭырқәцәеи абырзенцәеи Аԥсны рахыгара. Урҭ ирыцны иӡит иҷыдаз аколаритгьы. Ақалақь иацәыӡит ачаиршырҭақәа, персиатәи ахаа-мыхаақәа, амҩадуқәа рҟны аҭира иаҟәыҵит ахьа ӡны. Апенерлқәа шаанхазгьы, рыхьӡ рыԥсахит – аҷаратәи ачашәқәа ҳәа рзырҳәо иалагеит. Ус рыхьӡызҵазгьы Қырҭтәылантәи Аԥсны иахатәаз ахҵәацәа роуп.

Амарҭхә маӡа

Абри аӡымҭа арецептура шәышықәсала аҽеиҭанамкыцт. Аҟәатәи аресторанқәа руак ахәыҟаҵаҩ-хада Ваган Домболиан агәра ҳиргеит араҟа маӡа ҳәа акгьы шыҟам. Зхаҭабзиара ҳараку ачашыла, акәтаӷьқәа, арчыга, маҷк ашьақар – уаҳа акгьы. Иҟоуп ахш алазҵо, аха Ваган аӡы еиҳа еиӷьны ибоит. Амажәа арчыга ала икәаҳазароуп, аҽакызар – уи аҷаратә чашә акәхаӡом. Ачашә ашә агәыларҵоит, Ваган ашә иациҵоит ҩба-хԥа кәҭаӷь аӡа.

© Sputnik / Томас ТхайцукШеф-повар замешивает тесто.
Шеф-повар замешивает тесто. - Sputnik Аҧсны
Шеф-повар замешивает тесто.

Ачашәтә цех аҟны ашьыжь хацдыркуеит амажәа акәаҳарала. Сҵаауеит – иҟалалома амажәа мгыло — ҳәа. Ачысҟаҵаҩ оумашәа ибоит сажәақәа – изымгылои? Иахьраны иҟои – иҳәоит.

— Сара зны-зынла аҩны амажәа ансыцымгыло ыҟоуп – сиҟәаҵуам.

— Уи аӡы хьшәашәаны иалашәҭәазар ҟалоит, ма ишцәазар ҟаларын. Арчыга аԥсы ҭоуп, уи ахьшәашәагьы ашгьы еиԥшны бзиа иабом.

— Иҟалап шәӡырҭа ԥечқь маӡак амазар – сиҟәаҵуам сара.

Азал агәҭа игылоу амҿтәы ԥечқь аныҟарҵаз ҳәа аӡәгьы игәалашәом. Иҟалап аԥсуа ҭауадцәагьы иара иааҭыргаз ачашәқәа шаҳә-шаҳәуа инарымҵарҵозар. Аха, абар шықәсыбжак ҵуеит уи усурада иҟоижьҭеи. Ақьафурҭа анапхгара дырзыԥшаауам уи арҽеира зылшо аҟаза. Иахьатәи аӡырҭагьы афымца-ԥечқь ауп.

Ваган амажәа аихатә дырган инанҵаны аԥечқь инҭаиргылоит, хәшак аҵымшьӡакәа. Хәба-фба минуҭ рышьҭахь ачашә афҩы лаҳа-лаҳауа иааҭигоит.

Аԥсны зегьы еицырдыруеит иреиӷьу ачашәқәа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны, "Нарҭаа" аҿы ыхьакәу ишырӡуа. Вагангьы уи дақәшаҳаҭуп.

— Араҟа хәыҟаҵаҩык аус иуан. Ибзиаӡаны зегь иқәманшәалахон. Аҽаџьара аусура даниас инапкымҭа аҽакхеит. Оумашәа ибон. Уагьы арагьы шеиԥшызгьы, амарҭхәқәа еиԥшны ишалеиҵозгьы…

Заҟа грамм капанлатәузеи?

Ацех агәҭа игыло астол ҭбаа иқәгылоуп акапангақәа. Ахәыҟаҵаҩцәа амажәа ҽыҭқәа аамхны акапанга инақәырҵоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукПриготовление нартовских хачапуров
Приготовление нартовских хачапуров - Sputnik Аҧсны
Приготовление нартовских хачапуров

Ваган исеиҳәоит 180 грамм чашәк иазхоит ҳәа. Иацымкәа, иагымкәа. Аха зны ақьафурҭа аҭааҩк хԥаны иаҿеиҵеит ачашә. Еергьҳәа аӡыга ианӡалеит иҳәоит Ваган.

Ацех аҟны аус зуа зегь хацәоуп. "Рмахәҿа ӷәӷәоуп", — иҳәоит Ваган.

Аусуратә мшы иалагоит асааҭ ааба рзы. Асааҭ жәаба рзы ақьафурҭахь раԥхьатәи аҭааҩцәа неиуеит.

Москванӡеи шьҭахьҟаи

Очамчыра араион Аҭара ақыҭа иалҵыз ахәыҟаҵаҩ қәыԥш игәы иаанагомызт аамҭакала ара аусура даналагоз жәашықәса даанхап ҳәа. Уаанӡатәи ахәыҟаҵаҩ еиҳабы иидыруаз иԥышәа иара инаимаданы дцеит.

"Сара сгәы иахәоит ауаа сџьабаа пату ахьақәырҵо. Сус бзиа избоит, аха ачашә сызнахәаԥшуам, исзыфом", — иҳәоит иара.

© Sputnik Томас Тхайцук приготовление лодочки.
приготовление лодочки. - Sputnik Аҧсны
приготовление лодочки.

Ваган аҽа маӡакгьы сеиҳәоит – нарҭтәи ачашәқәа рыда аҽа фатә хкык шизыҟамҵо.

"Кәтаӷьк зӡыр ҟалап. Уигьы седроу ишыҟалаша", ҳәа ихы дахлафуеит.

— Жәашықәса рыла заҟа чашә шәӡхьозешь? – сҵаауеит.

— Оо, иҟалап Москванӡа уцаны шьҭахьҟа уаазго амҩа аҟара сӡхьазар – иҳәоит аҟаза.

Ваган иус бзиа ибоит. Бзиа ибоит ауаа ргәы иахәо аныҟаиҵо.

© Sputnik / Томас ТхайцукПриготовление нартовских хачапуров
Приготовление нартовских хачапуров - Sputnik Аҧсны
Приготовление нартовских хачапуров

Ажәабжьқәа зегьы
0