Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги.
Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарба дырзааҭгылоит атәымдгьылаҿтәи иԥсҭазаареи, гәыҵхақәас имоуи, дзеигәырӷьои игәалашәарақәа жәпакы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Сабду Ҭырқәтәыла диит. Сабду иаб Аԥснынтәи ихҵәаны инеиқәаз дреиуоуп. Диузџьа ақалақь иазааигәаны иҟоу Ефҭениа ҳанхоит. Ақыҭа нырцә-аарцә ҳәа аҽеиҩнашоит. Сара сахьиз Бзыԥаа рҭыԥ ҳәа иашьҭоуп. Ҭырқәтәыла аҵара саналга, Германиаҟа сцеит. Уаанӡа сани саби уахь ицахьан. Сабдуцәа изларҳәоз ала, арантә ианнеиуаз ԥшьҩык аишьцәа Ҳәмараа еицнеит. Мысҭафа, сара сабду иаб ихьӡын. Аишьцәа руаӡәык  ӷбала ихҵәаны ианцоз, амшын агәаны балонҵас акы ибазаарын, дыӡсаны ааигәара даннеи,  иҭҟәацит, иара  уа  дҭахагәышьеит.

Англиа еиҿкаау аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә центр ахаҭарнакҵәа - Sputnik Аҧсны
Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

1993 шықәса азы, Урыстәыла сзанааҭ ала акрыура сцеит. Сара сархитекторуп. Шықәсыки бжаки Волгоград аус зуит. Уи ашьҭахь Ленинградҟа сцеит. Урыстъыла 40-қалақь хәыҷқәа рҿы аргыларақәа  мҩаԥызгахьеит. Сара Сҭампыл сынхоит.

Сан д-Аҭрышԥҳауп. Сан лан д-Кәаӡԥҳан. Урыстъыла сзықәшәоз аԥсуаа  сразҵаауан, еснагь сыжәла аҭоурых сашьҭан. Аха аӡәгьы ҽеила еилкааны издыруамызт. Аԥсны сахьааиз сыԥшуп аӡә дсықәшәозар ҳәа. Аҳәара ҟасҵоит сыуаажәлар рахь, сыгәҭыха заҳауа аӡәыр шәыҟазар, адырра сышәҭарц, уи даара сгәы иаахәоит, сангьы дазыԥшуп.

Сара ақыҭаҿы сиит. Аԥсшәагьы ақыҭаҿы исҵеит. 30 шықәса инарзынаԥшуа Европа саанхазаргьы, аҩны сҭаацәеи сареи ҳазлеицәажәоз аԥсышәа акәын. Саб рыцҳа Германиа дыԥсит. Ҳара еснагь аԥсуара ҳашьҭан. Ҭырқәтәылаҟа ҳаацыԥхьаӡа аџьықәреи шыла мгакәа ҳхынҳәӡомызт. Аԥсуа чысқәа сан еснагь иҟалҵон. Абысҭа анылымуаз ыҟаӡамызт. Урҭқәа сгәаласыршәо саналагалак, аҵәыуара сҭаххоит, акыр сгәы ԥшаауеит. Саб ихгьы иԥсгьы иԥсадгьыл ахь икыдын.

Цәгьа сгәы иалоуп  Аԥснынтә аԥсыуак илакҭа дҭамԥшкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз. Аиҳабацәа анааидтәалоз Аԥсны, аԥсуара, ирхыргаз агәаҟрақәа ракәын излацәажәоз. Ҳара ҳхәыҷқәан, еснагь рааигәа ҳаҟазар ҳҭахын, ирҳәоз ҳазыӡырҩуан. Урыстәыла саныҟаз амчыбжь анҵәамҭаз, еснагь аџьармыкьахь сцон. Уаҟа ихәаахәҭқәоз сразҵаауан аԥсыуак ихабар жәбахьазар ҳәа. Убас, Волгоград шықәсыбжак анаҩс, раԥхьаҟа акәны Ҭарба зыжәлаз аԥсыуак сиқәшәеит. Аухагьы аҩныҟа сиган аԥсыуаҵасла пату сықәиҵеит. Уи ашьҭахь Ленинград Псков  ақалақь аҿы, Аҟәысбак дызбеит. Уи ианхәа д- Кәаӡԥҳан. Сара сандугьы д-Кәаӡԥҳан. Иааигәаны ҳаибадырит. 

"Сгәы даара ибылуеит. Аԥсуара ишахәҭоу еиԥш исызныҟәымгозаргьы, иахьынӡасылшо сашьҭоуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа, аҿар акрыуразы ақалақьқәа рахь еихоит. Амала, рмилаҭтә хдырра иашьҭоуп, ирцәыӡыр рҭахым. Уахьгьы арахьгьы ҳаиҭанаиааилароуп, иӷәӷәаны ҳаимадазароуп, ҳҭоурых ҳазҿлымҳазароу".

Шьенер Ҳәмарба, аԥсуа телехәаԥшрала аефирахь иҭыҵуаз адырраҭара "Агәыӷра" ала ааԥхьара ҟаиҵеит ижәла аҭоурых здыруа, мамзаргьы ижәлантәык Аԥсны дыҟазар, ибжьы иирҳарц, дахьыҟоу диԥшаарц. Ас еиԥш иҟаиҵаз ааԥхьара анаҩс, иаразнак аҭел даҳзасит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг. Иаҳзеиҭеиҳәеит, иара акыр шықәса раԥхьа ииҩхьаз аповест "Абду Ажьгьери" афырхаҵа хада дшыҳәмарбаз. Ҳәмараа, амҳаџьырра ҟалаанӡа Хәаԥ ақыҭан ишынхоз, рҳаблагь Ҳәмарқыҭ ҳәа ишашьҭаз. Иахьа уаҟа ишҭацәу, уаҩ дышнымхо. Ари иҳаҳаз ажәабжь Шьенер иҟынӡа инаҳгеит, иагьаҳаӡбеит ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги иареи еиқәҳаршәарц. Аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылара акыр агәаԥхарра аҵаны имҩаԥысит.

Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

Никәала Ҳашыг, Шьенер изеиҭеиҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Агәыӷра" дшахәаԥшуаз, иқәгылара шибаз. Ижәлагь иаразанк илаԥш шақәшәаз, дагьшаршанхаз.

"Ари ажәла  сҩымҭаҿ иҟоуп. Сара қыҭала Хәаԥтәуп. Изларҳәо ала, Хәаԥ амҳаџьырра ҟалаанӡа ԥшьышә ҭӡы рҟынӡа инхон. Аӡәызаҵәык даанымхакәа зегь лықәыӡӡаа амҳаџьырра иагеит. Саныхәыҷыз инаркны исгәалашәоит абыргцәа  анааидтәалалак, амҳаџьырра атәы акәын ирҳәоз. "Хара ҳанҭырҭәааны Аԥсны ҳанхо ҳаҟазҭгьы, ҳабӷа шаҟа  иӷәӷәахарыз", — ҳәа еснагь иалацәажәалон. Абри ахҭыс хьаас ирыман. Сара сабду иҭаацәа наидкыланы ахҵәара амҩа дшықәгылаз, разҟны еиқәхагәышьеит, рқыҭаҿы иаанхеит. Ҳара ҳабиԥара амрагыларатәи акәакь аҿоуп иахьынхо. Дбар и-Хәаԥ ҳәа иашьҭоуп. Дара ахыӡааит, аха ахьӡ аанхеит. Иара убас, Маанаа рыхьӡ зхыу ӡыхькгьы ыҟоуп. Кац Маан иӡыхь ҳәа иашьҭоуп.Ҟанчоубеи Ҳашыг зны иҳәо саҳаит, абри ҳара ҳахьынхо Ҳәмараа нхон, Ҳәмарқыҭ ҳәа иахьашьҭаз. Ари ажәла смаҳаӡацызт, иагьааџьасшьеит. Ҳаиҳабацәа рцәажәара, рхьаа, саргьы гәыҵхас исоуны сшыҟаз, ашәҟәыҩҩра ашҟа саниас, аҵара саналга, Ҳәмараа, хаҭала уаҩ дшысзымдыруазгьы, ихыҭҳәааны изҩит аповест "Абду Ажьгьери". Усҟан, хынҩажәи жәабатәи ашықәсқәа ралагамҭаз акәын. Абри ахҭыс убри аҟара саланахалан сыҟан, абду Ажьгьери сара издыруа аӡә иакәушәа, Ҳәмараа сҭынхацәа ракәӡоушәа. Схы-сгәы абас иазышьҭны сшыҟаз ауп, ателехәаԥшраҿы, Шьенер, уара ужәла шызбазгьы", — дцәажәон ашәҟәыҩҩы.

Асеиԥш иҟаз аиқәшәара анаҩс, иабдуцәа рқыта Хәаԥ дызлацара дашьҭалеит Шьенер. Адырҩаҽныцәҟа инаӡеит игәҭакы. Ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги иареи иаԥшьыргеит Ҳәмарқыҭ иаҭаарц. Уи ахҭыс ҳара ҳзгьы илабҿабахеит, Аԥсуа телехәаԥшразы иҭаҳхуан. Абар, ашҟәыҩҩы иҩымҭа афырхаҵа хада "Ажьгьери" иаԥхьа дахьаагылаз, аҭоурыхтә аамҭақәа иргәылсны ибжьы  ҿаца ахьааҩызгьы.   

"Еҳ, убасҟан хаҵак даарылҵны, ҳаԥсуазар абра ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаԥсааит ҳәа ибжьы ҿаца иашьцәа инарықәиргар, зегьыцъҟа  шԥандырҵәарыз".

© Foto / Сырма АшәԥҳаХәаԥ ақыҭа.
Хәаԥ ақыҭа. - Sputnik Аҧсны
Хәаԥ ақыҭа.

Никәала Ҳашыг, ҳџьынџьуаҩ изеиҭеиҳәеит Хәаԥ ақыҭа аҭоурых, иирбеит аҭоурыхтә ҭыԥқәа маҷымкәа. Зны машьынала, даҽазныхгьы шьапыла дырнысуан Шьенер, иқыҭа амҩахәасҭақәа. Игәазхара избомызт аԥсабара,   игәазхара ишьапы изықәыргыломызт акыр иара изы игәыкыз ари адгьыл ԥшьа. Издыруадаз, Анцәа иишаз аԥсабара зцәажәозҭгьы, егьа ҭоурых маӡақәа изаанартрын, егьа жәабыжь ианақәарын! Ииашацъҟаны инаӡеит Ажьгьери аамҭаказы дыззыҳәоз иуасиаҭ.

"Мап, Ҳәмараа ҳәынҭқаррак ықәырҭәаа наҟ џьара инхозаргьы, исҭахым сара сыжәла Аԥсны ианыӡаар, Ҳәмараа наӡаӡа рылҩаҵә ҩеиуазароуп рыԥсадгьыл агәҭаҵәҟа — Ҳәмарқыҭ". 

Уи азы иаҭахын аамҭақәа реиҭасра азыԥшра. Шьенер Ҳәмарба Хәаԥ ақыҭа иибаз-иаҳаз акыр иџьашьаны, иаб иашьеиҵыб ҭелла иҽимеидеит. Изеиҭеиҳәеит рабдуцәа зныҵыз аҭыԥ Ҳәмарқыҭ дшыҟоу, рышьҭра аҭоурых, ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг ибзоураны ишеиликааз.

Знызаҵәык араҟа аӡыхь инаҿыхәаз, аҳауа лбааздаз, иҟалоума иара агьама датәнамтәыр! Ус ауп Шьенергьы.

Омар Беигәаа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп

"Акыр шықәса раахижьҭеи сара сыжәла ашьҭра сазҿлыҳмауп. Аха, иахьанӡа исзеилымкаацкәа сааиуан. Хәаԥ ақыҭа Ҭырқәтәыла иҟоу ҳқыҭа еиԥшушәа збоит. Гәаныла схәыцуеит, снапшааԥшуеит, сабдуцәа зныҵыз адгьыл аҿы рыҩынқәа абагылаз ҳәа сеимдоит. Ҭырқәтәыла аԥсуа имӡырха даара пату ақәиҵоит, уи  ус шакәыз збеит араҟагьы. Аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц. Убас еиԥш агъаԥхара соуит Хәаԥ ақыҭа санналаԥш инаркны".

Ааи, инаӡеит ашәҟәыҩҩы хьаас имаз, акыр шықәса раԥхьа абду  Ажьгьери ихаҿсахьала иааирԥшыз ихәыцрақәа. Уи усҟан аныха дамҵагылоушәа игәы аартны Анцәа даниҳәоз, ибжьы уажәы-уажәы аҽеиҭанакуан, иҟазшьагьы аҽаԥсахуан. "Иа Анцәа ду, зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу! Мчы уманы уҟазар, ҳзықәгылоу адгьыл мчы аманы иҟазар, ҳазхатәоу ҳчеиџьыка, ацәца иаҳкыу мчы рымазар, ҳшәыҳәоит зыԥсадгьыл иахганы иҟоу ҳажәлари ҳареи   иҳабжьоу амшын, "ахьтәы цҳа" рызхылан рыԥсадгьыл ахь ишәырхынҳәырц. Шәышгылоу ишәкы абри аныҳәаҿа, ишәкла ҩыџьа-хҩы шәахьааидтәало, жәаҩык, шәҩык шъахьааиднагалогьы. Ишәкла шьыжьи-хәылԥази, шәымала фырџьанк анаақәышәхуагьы. Ишәкла, шәкы рҿынтъи акы иақәшәоит рҳәоит. Ҳаԥсадгьыл аҿы ҳҭәы- ҳаԥха ҳахьыҟоу урҭ ҳхашҭыр,  Анцәагьы иаҳџьишьом!" 

Уи аҽны, Шьенер Ҳәмарба, Хәаԥ ақыҭахь дыжәлазаҵәны дхынҳәызаргьы, уи индмырԥшит жәытәӡа аахыс Ҳәмараа иргәылацәаз Ҳашыгаа. Аслан Ҳашыг игәараҭаҿы аԥсуаҵасла аишәа-чара рхиан.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0