Мегги Агрԥҳа: Аԥсны-Ричмонд-Австралиа

© Фото : со страницы Мэгги АгрбаАвстралиа.
Австралиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Швеицариа, Америка, Австралиа лыԥсҭазаареи лҵареи ртәы даҳзалацәажәеит Sputnik аинтервиу аҭо аполитолог Мегги Агрԥҳа.

Швеицариа, Америка, Австралиа лыԥсҭазаареи лҵареи ртәы далацәажәеит Sputnik акорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа аинтервиу лыҭо аполитолог Мегги Агрԥҳа.

- Швеицариа бҵара ишԥалагеи? Уахь бышԥананагеи?

— Пицунда ашкол саналга ашьҭахь исҭахын Москва, Афинанстә академиа сҭаларц. Аха, Андреи Дудко имшала сара исоуит алшамҭа хаҭалатәи ашкол "Институт Монте Роза" (Монтре, Швеицариа) аҭалара. Сара 16 шықәса схыҵуан. Аҳәаанхыҵ раԥхьаӡа акәны снанагеит.

- Иарбан уадаҩрақәоу ибԥылаз раԥхьатәи аамҭақәа рзы?

— Зегь акыр исцәыуадаҩын. Сҭаацәеи сҩызцәеи оумашәа игәхьаазгон. Аха маҷ-маҷ салашьцыло салагеит. Еиуеиԥшым атәылақәа: Испаниа, Италиа, Ирландиа, Саудовскаиа Аравиа рҟынтәи аҩызцәа сырҳаит.

© Фото : со страницы Мэгги АгрбаМэгги Агрба на вручении диплома
Мэгги Агрба на вручении диплома  - Sputnik Аҧсны
Мэгги Агрба на вручении диплома

- Ауниверситет аҭалара аамҭа анааи иалыбхи?

— Швеицариа ҩышықәса аҵара сҵахьан, 12-тәи акласс саналга Женеватәи ауниверситети ЕАШи, академиа Mercersburg рахь сдокументқәа насышьҭит. Академиаҟны шықәсыктәи сҵара сыцхрааит англыз бызшәа адырра аиӷьтәраҿы. Аҵара саналга ашьҭахь еиуеиԥшым ауниверситетқәа рахь еиҭах арзаҳалқәа насышьҭит. Ԥшь-вузк рыҟны срыдыркылеит, аха сара Ричмондтәи ауниверситет алысхит.

- Ричмондтәи ауниверситет аҭалара акыр иуадаҩуп, ишԥабылшеи?

— Сара акраамҭа сазхәыцуан сҭаларатә ессе темас иалысхра ҳәа. Аинтерес зҵоу, икреативтәу акы ԥшаатәын. Иалысхит Анцәа адгьылқәа шырзишоз атәы зҳәо аԥсуа легенда. Сшақәымгәыӷӡоз зегьы еицыргәаԥхеит. Саргьы актәи акурс сахырыԥхьаӡалеит. Сара еснагь исҭахын жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет. Саԥхьаҟа стәыла ахәарҭа асҭартә алшара снаҭоит ҳәа сақәгәыӷуан абри азанааҭ ала.

© Фото : со страницы Мэгги АгрбаЦеремония вручения диплома в университете Ричмонда
Церемония вручения диплома в университете Ричмонда  - Sputnik Аҧсны
Церемония вручения диплома в университете Ричмонда

- Америка ишԥамҩаԥысуаз быстуденттә ԥсҭазаара?

— Уа зынӡа зегьы аҽакала иҟоуп, аҽа еизыҟазаашьоуп аиҩызараҟны, аҭаацәараҟны. Аха уаҟагьы исоуит сзықәгәыӷша аҩызцәа.

- Аҵара адатәи баамҭақәа шԥабхыбгоз?

— Ауниверситет аҟны аԥсҭазаара акырӡа аинтерес аман. Сара африкатәи акәашарақәа ргәыԥ салалеит. Ес мшаԥымза аконцертқәа мҩаԥаагон. Уи адагьы анышәаԥшь аус адызулон, афотоҭыхра асеминарқәа рахь сныҟәон. Еиҭахгьы еиуеиԥшым агәыҳалалратә еиҿкаарақәа срылахәын.

- Ишаадыруа ала ауниверситет банҭаз балахәын Африкеи Азиеи рҟынтәи аемигрантцәа рзы ацхырааратә программа.

— Ҵыԥх исыман алшара аеммигрантцәа ирыцхраауа икоммерциатәым аиҿкаараҟны аусура. Урҭ Америка анхара раршьцылара ауп изызкыз аиҿкаараҿы аусура. Урҭ сара исгәаладыршәон схаҭа сҭагылазаашьа. Схаҭагьы Америка анхара сҽасыршьцылон. Ауадаҩрақәа сыман. Уажәы сара схаҭа урҭ англыз бызшәа дсырҵон. Сара схазы иаасыртит африкатәи акультура, иагьџьасшьеит уи аԥсуаа ркультура иахьазааигәаз. Зегь раасҭа аинтерес аиуит Конго иалҵыз ҭаацәаки сареи ҳаибадырра. Зны дара рҟны сасра саныҟаз аишәа иаақәдыргылеит абысҭа.

Художница Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Амра лдунеи лашара

- Австралиа быԥсҭазаара шԥамҩаԥысуаз? Уаҟа аҵара бышԥалагеи?

— Австралиаҟа сара снанагеит астудентцәа реимдара апрограммала. Сара уахь сцеит Ричмондтәи ауниверситет иҭаз сҩыза дсыцны. Австралиа оумашәа иԥшӡоу ҭыԥуп. Зынӡа аҽа дунеиуп. Сара снапала акенгуру скын.

Акоала акраҿасҵон, асерфинг атәы сҵар сҭахын. Ирацәоуп агәеиҵыхра сызҭоз ацәаныррақәа исоуз. Австралиатәи акультура америкатәи ишеиԥшугьы ауаа еиҳа аҽакала иҟоуп, еиҳа иаартуп, аиашара рылоуп.

Ҳиааира амш аҽны сҩызеи сареи Аԥсны абираҟ асахьа ҳаманы акәашара ҭаҳҵеит. Ҳазбоз ҳзеигәырӷьоз иазҵаауан, нас даргьы рыҽҳадырхалон.

- Австралиа еиҳа ибгәалазыршәозеи?

— Сиднеи сара исыӡбит асахьаҭыхра аурокқәа рахь сныҟәаларц. Иҭысхит раԥхьатәи асахьа "Ҩ-дунеик" захьӡу. Ҵаҟатәи ахәҭа – сыԥсадгьыл аԥсабара. Аҟәа санду дахьынхо игылоу аҩн хәыҷы, Пицунда абырлаш еизызго аҭыԥҳа лсахьа, хыхьтәи ахәҭаҟны иарбан аҳәаанырцәтәи адунеи – ахыбра дуқәа, автомагистральқәа. Сара схатәы ԥсҭазаара аанарԥшуан абри асахьа. Саргьы ҩ-дунеик рыҟны сынхоит. Асахьа аконкурс аҟны аиааира агеит, Сиднеитәи ауниверситет агалереиаҟны ицәыргақәҵан. Уи даараӡа саргәырӷьон.

© Фото : со страницы Мэгги АгрбаМэгги Агрба
Мэгги Агрба - Sputnik Аҧсны
Мэгги Агрба

- Бахьыҟаз атәылақәа рҟны Аԥсны абанӡардыруеи?

— Исазҵаауа ирасҳәоит сара Аԥснытәиуп ҳәа. Иҟоуп аӡбахә заҳахьоу, иҟоуп измаҳац. Иҟан исазҵаауаз.. Агеографиа иазкыз рҵагашәҟәык аҟынгьы Аԥсны ахьӡ сԥылеит. Сара исылшоз ҟасҵон Аԥсны аӡбахә сҩызцәа ирыласырҵәарц. Сыстатиақәа, сыҳасабырбатә усумҭақәа зегьы Аԥсны иазыскуан. Аҵара сыцызҵоз зегьы аԥсуа чыс агьама рбахьеит. Абысҭеи аҟәыдигьы рзыҟасҵахьан.

- Аҵара хбыркәшар бнапы злабкуеи?

— ЕАШ узанааҭ ала аусура аԥшаара уадаҩуп, аха сара исынасыԥхеит икоммерциатәым аиҿкаара, аеммиграциа азҵаарақәеи алхрақәа разыҟаҵареи знапы рылаку, аҟны аусура. Уи сара сзы иԥышәахоит. Сара даара исҭахуп Аԥсны сахәарҭахартә еиԥш сҟаларц. Исҭахуп ҳҳәынҭқарра еицазхарҵахьоу тәылак акәны ишьақәгыларц. Даара агәра згоит убри ахықәкы сахәҭакны сҟалоит ҳәа. Макьаназы уи амҩа сануп маҷ-маҷла, шьаҿа-шьаҿала.

Ажәабжьқәа зегьы
0