Аинтернет аҟны иубар алшоит ачемпионат иазку авидеороликқәа

Аролик аҟынтә акадр
Аролик аҟынтә акадр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинтернет аҟны ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат иазку авидеороликқәа цәырҵит. Урҭ шҭырхуаз атәы даҳзалацәажәоит арежиссиор Џьанико Ҵурҵумиа.

Џьанико Ҵурҵумиа диҿцәажәон ҳкорреспондент Владимир Бегунов.

- Адунеи ачемпионат иазкны ароликқәа заҟа ҭыҵи?

Амультимедиатә центра Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысит апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Арежиссиор: ачемпионат аартра ҩышәҩык рҟынӡа алахәхоит

— Хԥа. Актәи Аԥсны атәылауаа ирзырхан. Иараҟны ашьапылампыл асыҩцәеи, ахәыҷқәеи, иара ус Аҟәа ауааԥсыреи ампыл иасуан. Акадыр аҟны иубо аҭыԥқәа зегьы удырыртә иҟан. Аҩбатәи – атәымтәылауаа ирзырхан. Уаҟа арԥызбеи ҩыџьа аԥҳәызбацәеи Аԥсны зегьы иалсны Аҟәаҟа ицоит. Актәи аролик аҟны Аҟәа мацара акәызҭгьы иубо, аҩбатәи аҟны Аԥсны аԥшӡарақәа ишалшоз ала иааҳарԥшит. Ароликқәа рыҩбагь Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аҿаҵарала ҳара ҳасценари ауп излыху. Ахԥатәи аролик, астадион аҟны иҭыху аидеиа зтәу ақалақь Ахадара роуп. Ҳара амонтаж ҟаҳҵеит.

- Ҳара – шәарбану?

— Зхатә техникатә база змоу, шықәсык иназынаԥшуа Аҟәа аус зуа авидеостудиа. Уажәы ҳара атитрқәа рмонтаж ҳаҿуп. Ҳара атранслиациа азаауеит ачемпионат аартра, Гагра имҩаԥысраны иҟоу ахәмаррақәа. Егьырҭ аиндаҭларақәа ртранслиациа мҩаԥызго аԥсуа телеканалқәа роуп.

- Аҩбатәи, аҿартә ролик атәымтәылауаа рзоуп изҭыху, аха иара абарбо?

— Аинтернет аҟны мацара. Аҳәаанырцәтәи ателеканалқәа дырбара ахәԥса иара ачемпионат ахәԥса еиҵахомызт.

- Акраамҭа иҭышәхуазма?

— Аҟәатәи хымш рыла иҭаҳхит, мышкала амонтаж ҟаҳҵеит. Егьи, ҳфырхацәа Аԥсны иахьнеи-ааиуа мчыбжьык ҳадхалеит. Амш бзиа акраамҭа ҳшазыԥшызгьы.

- Иҟазма ашьапылампыл Афедерациа мап зыцәнакыз аидеиақәа?

— Мап. Иҟан аҽа идеиақәакгьы, аха урҭ рынагӡара уадаҩын уи адагьы аԥара рацәа рҭахын.

Ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат 2016 шықәса лаҵарамза 28 мая рзы Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны иаатуеит. Иара иалахәхоит 12 команда. Афинал рашәарамза 5 рзы имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0