Лагәлаа: 55 шықәса рзы ауаҩы деимаркоит аҿареи, ахатәреи, ахарҭәаареи

© Sputnik / Рада АжьибаАуаажәларра-политикатә ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреиат Анатоли Лагәлаа акыр шықәса инеиԥанкыланы ажурнал "Алашара" аредактор хадас дыҟоуп. Иара дравторуп хкы рацәала апрозатә рҿиамҭақәа. Анатоли Лагәлаа иахьа иихыҵит 55 шықәса. Имшира аҽны Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа аиубилиар диҿцәажәеит.

- Анатоли Ианкәа-иԥа ишԥалагеи иахьатәи шәымш? Изеиԥшроузеи шәгәалаҟазаара?

— Асааҭ быжьба рзы, ашьыжь саҳәшьеиҳабы аҭел дысзасит, исыдылныҳәалеит сымшира, анаҩс сҭаацәа сҩызцәа зегьы, иахьа ажәа ԥхақәеи азеиӷьышьарақәеи сыгрыжьуам. Ауаҩы имшира аныҟоу гәырӷьароуп. Ажәлар абзиара анрымоу, аԥсадгьыл аҿы аҭынчра аныҟоу, ажәлар ингәырӷьо саргьы сгәырӷьоит. Ажәакала, ажәлар рҟазшьеи рыԥсҭазаашьеи сгәалаҟазаара ианыԥшуеит. Иахьазы сгәалаҟазаара бзиоуп, слыхҿыхуп.

Ажурнал "Алашара" 60 шықәса ахыҵит

- 55 шықәса аԥсуа хаҵа изы зынӡа имаҷуп. Шәара шәышԥазыҟоу ари арыцхә?

— 55 арыцхә даара акыр узырхәыцша рыцхуп. Ари агәырӷьара шацугьы, маҷк иалахьеиқәҵароу, избан акәзар аҿареи, ахатәреи, ахарҭәаареи 55 шықәса рзы ауаҩы деимаркоит. 55 шықәса ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рзы акәзар, еиҳа иҵаулоу иҭбаау аԥсҭазаара зныԥшша аҩымҭақәа раԥҵара даназхәыцуа ауп. Избанзар ауаҩы иԥсҭазаара иинаҭаз аԥышәа зегьы аарԥшра иаԥхьаҟа ишьҭоуп.

- Шәыԥсҭазаараҿ ихадароуп ҳәа ишәыԥхьаӡои. Насыԥ змоу уаҩуп ҳәа шәхы иазышәҳәоума?

— Сыԥсҭазаараҿы насыԥ змоу уаҩуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит, избанзар инарҭбааны ахақәиҭра сахаанхеит, насгьы сҩызцәа, сыкәлацәа, еиҳарак ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа сахьыҟоу, сахьеилыркаауа, аԥхьаҩцәа ахьсымоу иреихау насыԥ ыҟам сара сзы.

- Анатоли Ианкәа-иԥа маҷк ҳазааҭгылап шәырҿиара. Алитература шәадзыԥхьалеи, акьыԥхь ахь шәцәырҵра шԥаҟалеи?

— Акьыԥхь ахь раԥхьа сцәырҵит ажәабжь кьаҿқәа рыла, дара кьыԥхьын ажурнал "Амцабз" аҟны, ашьҭахь "Аԥсны ҟаԥшь" адаҟьақәа рыҟны. Раԥхьа сҩымҭақәа алызкааз дреиуоуп Баграт Шьынқәба, анаҩс иаразнак рықәҿиҭеит Алықьса Гогәуа, рапҳьатәи сажәабжь "Агәы абжьы" иара редакторс дызмаз ажурнал "Амцабз" х-номерк аҟны акьыԥхь аирбеит убри нахыс ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа Таиф Аџьба, Џьума Аҳәба, Мушьни Миқаиа ақәҿырҭеит.

Аҿар ражәеинраалақәа знылаз ашәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара мҩаԥысит
 Ажәакала, поетк иаҳасабала ирласны игәарҭаз, амҩа зырҭаз, насыԥ змоу поетуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит.

- Акыр шықәса ажурнал "Алашара"  редактор хадас шәыҟоуп, ажурнал аҿар радԥхьаларазы ауснагӡатәқәас имҩаԥыжәгои?

— Ажурнал "Алашара" аҿар рзы иаартуп, ибзиангьы иадыԥхьаланы иҳамоуп, дара рҩымҭақәа ркьыԥхьоит. Уимоу ажурнал аҟны аҿар ирзаԥҵоуп апремиа иреиӷьӡоу рҩымҭақәа рзы. Аҿар рымҩа аартуп ҳара ҳҿы, ажурнал аредакциа ашәхамс иахыҵуеит аҿарацәа реиҳараҩык.

- Аиубилеи азгәаҭара аԥуп. Ишԥашәхыжәгои иахьатәи амш?

— Иахьатәи амш азгәасҭоит аредакциаҿы сҩызцәа рыгәҭаны. Аусура сшаалгалак еиԥш, ахәылбыҽха сҭаацәеи сареи ҳаизоит, смоҭацәа хәыҷқәа раԥхьа инаргыланы. Уаха зегьы ҳаиқәшәоит, иазгәаҳҭоит.

- Аинформациатә маҵзура "Sputnik Аԥсны" ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәымшира, агәабзиареи, арҿиратә гәазыҳәареи шәзеиӷьаҳшьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0