Искандер ибиблиа. Мадина Аргәынԥҳа лдунеидкылашьа

© Sputnik / Илона ХварцкияАрежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи акультура афестиваль, Фазиль Искандер "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль аатуеит Аԥсуа драматә театр аҟны, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лпремиера "Ажьақәеи амаҭқәеи" ала.

Sputnik Аԥсны акорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа данлыҿцәажәоз Мадина Аргәынԥҳа илҳәеит Фазиль Искандер ирҿиара лхазы ишаалыртыз атәы.

— Шәара ишәгәалашәома раԥхьаӡа акәны Фазиль Искандер ирҿиара шаашәыртыз? Шәнапаҿы ианбаанышәкылеи раԥхьаӡа акәны уи ишәҟәы?

— Саныхәыҷыз. 11-12 шықәсаҟа анысхыҵуаз. Иповест "Ажьақәеи амаҭқәеи" сара исдипломтә усумҭан.

Аԥсуа мифқәа Москва идырбахоит. - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа мифқәа" Москва идырбахоит

— Акомиссиа ишԥарыдыркылеи шәусумҭа?

— Схаҭа исгәамԥхаз бзианы исгәалашәоит. Еицҿакны ирҳәеит кавказтәи атемперамент шубо. Иҟалап ииашаҵәҟьаны ус акәзаргьы, аха уи сара сзаиааиӡом. Сдырҽхәон, аха…

— Асеиԥштәи аԥышәарақәа раан "хәба" зықәдыргылои? Зыхә ршьои?

— Арежиссура, утрактовка, узыԥхьаз шубо, иуҳәарц иуҭахыз актиорцәа ишеилыркааз, уидеиа рыдыркылоу ирыдрымкылоу? Ирацәаҩуп изыԥхьаӡо "Ажьақәеи амаҭқәеи"…

— Атеатр иатәым ҳәа?

— Ааи. Атеатр иатәым ҳәа иршьоит. Абри аганахьала сара аҽа гәаанагарак сымоуп. Иааиуа ашәахьазы ахәаԥшыҩ идаагалараны иҟоу 2001 шықәса рзы иқәсыргылаз аспектакль зынӡагьы еиԥшӡам.

— Иҿыцу атрактовка аиуама?

— Афабула шыҟац иаанхоит. Амаҭқәа ажьақәа рхәаҽуеит.

— Искандергьы аханатә усеиԥш иԥхьаӡоит.

— Ааи, аха аҽа инсценировкак акәхоит.

— Избан шәара убри аповест шәеиҭазыхынҳәырц зышәыӡбаз?

— Еснагь уи азыхынҳәра агәаҳәара сыман сыҟан.

— Шәара шәзын "Ажьақәеи амаҭқәеи" литературатә рҿиамҭак аҳасабалеиԥш шәспектакльк еиԥшгьы ҵакыс иамоузеи?

— Сгәы иаанагоит адунеитә литератураҟны иара Библиак еиԥшуп ҳәа. Араҟа еизгоуп зегьы: аполитика, аԥсҭазаара, абзиабара, аԥсра, аҭира, ахәшьадра. Аиҳаракгьы сара сгәаанагарала – агәыӷра. Ҳара ҳаԥсҭазаароуп иаанарԥшуа. Асеиԥш ҟалар алшоит аҳәынҭқарра ду аҟынгьы аҭаацәара маҷ аҟынгьы. Иара ҳара зегьы иҳазкуп.

Америкатәи афотоҭыхыҩ Џьеисон Ашкенази - Sputnik Аҧсны
Америкатәи афотоҭыхыҩ: Аԥсны џьашьахәуп

Сара сҽазысшәоит аламыс закәу аиҭаҳәара, уи зцәыӡыз ауаҩы, аха изырхынҳәырц иашьҭоу ихьуа.

— Фазиль Искандер бзиа дзыжәбозеи?

— Иҟәышраз.

— Фазиль Абдул-иԥеи шәареи шәышԥеибадыри?

— 2004 шықәса рзы, ииубилеи аан Аԥсны дыҟан. Сара усҟан сҵара салганы Аԥсны аус зуан. Раԥхьатәи сыспектакльгьы "Ажьақәеи амаҭқәеи" акәын. Фазиль Абдул-иԥа дахәаԥшит аспектакль. Азал ҭәын. Иара асценахь дыҩхалан арежиссиор шәаалыԥхь иҳәеит. Усҟан ус иҳәеит: "Даара иоригиналуп. Уи аҩызагьы аҭыԥ амазароуп" ҳәа.

— Уи шәара ишԥашәыдышәкылеи?

— Автор иҟазаара еснагь еиуеиԥшым ацәанырра рацәа цәырнагоит. Аиҳаракгьы Искандер еиԥш иҟоу автор.

— Изыԥшузеи ахәаԥшыҩ рашәарамза 13 ауха?

— Сара сҽазысшәоит ахәаԥшыҩ иибо еиликаарц. Еиҳаракгьы аповест иамыԥхьац. Аӡәы ак џьеишьандаз ҳәа сыҟаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0