Валери Кәарҷиа: Аԥсны ажәытә топонимика архынҳәра аус хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Кварчиа.
Валери Кварчиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аҟны аус зуа Абызшәатә политикеи адемографиеи ирызку ахеидкыла аиҳабы Валери Кәарҷиа иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа реиҭашьақәыргылара аус шцоз атәы.

Валери Кәарҷиа дазааҭгылеит Аԥсны атопонимика ашьақәыргыларазы Абызшәатә политикеи адемографиеи ирызку ахеидкыла имҩаԥнагаз аус.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Бадраҟ Аҩӡба

– Валери Еремеи-иԥа, ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭашәҳәар ҳҭахуп, Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа реиҭашьақәыргылара шәаналагаз.

Валери Кәарҷиа ииубилеи аҽны ''Ахьӡ-Аҧша'' аорден ианашьан

– Абызшәатә политика ашҟа иаҵанакуеит уи иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы, атопонимикагьы убрахь иналаҵаны. Аԥсны ажәытә хьыӡқәа рышьақәыргылара нап аркуижьҭеи акрааҵуеит. 1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихаан. Аԥсны аибашьра иалагаанӡа ес-жәашықәса аԥсуаа анеизоз, раԥхьаӡа иқәдыргылоз азҵаара атопонимика азҵаара акәын. Атопонимика аиҭашьақәыргыларазы азҵаара Владислав Арӡынба иқәиргылеит Гагра ақалақь ахы ианақәиҭха хара имгакәа. Сара ахеидкыла сеиҳабуп, аха уи адагьы сбызшәадырҩуп, атопонимика аганахь ала ԥшьба-хәба шәҟәы ҭсыжьхьеит. Абри аус амҩаԥгара ҳалагеит уинахыс. Убасҟан Гагра араион аҭыԥхьыӡқәа шьақәҳаргылеит. Аибашьра ашьҭахь Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рҭоурыхтә хьыӡқәа рызҳаргьежьит. Урҭ араионқәа амҳаџьырра аан зегь реиҳа иҭацәыз дара роуп, уи аҟнытә аԥсахрақәа уаҟа ауп иаҳа иахьырацәаз. 

– Иааидкыланы шаҟа ҭыԥхьыӡ ԥсаххазеи Аԥсны?

– Процентла иаҳгозар, Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа зегь рҟынтәи 58% ԥсахын. Уи Асовет мчра ҟалаанӡа аурыс хьыӡқәа заузи, анаҩс, уи анышьақәгыла ақырҭуа хьыӡқәа заузи роуп. Ақырҭқәа аԥсуа хьыӡқәа рыдагьы аурыс хьыӡқәа ахьырԥсахыз ыҟоуп. Абарҭ хәыҷ-хәыҷы рыԥсахра ҳаҿын, аригьы милаҭтә зҵааран. Раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны х-раионк рыхьыӡқәа шьақәҳаргылеит. 

– Иҟоума Аԥсны аҭыԥқәа аҭоурыхтә хьыӡқәа ахьышьақәыргылам?

– Аҵыхәтәантәи иҳадаҳкылаз ақәҵарала, ажәытә хьыӡқәа иахьабалак ишьақәҳаргылеит ҳәа уҳәартә иҟоуп. 

– Атопонимика аиҭашьақәыргылара аан иарбан хыҵхырҭақәоу шәхы иашәырхәоз?

– Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳхы иаҳархәо ахыҵхырҭақәа иреиуоуп инхаз архивтә материалқәа. Анхарҭа ҭыԥқәа рыхьыӡқәа зну ашәҟәқәа ҳамоуп, убарҭ ишырҳо еиԥш ишьақәҳаргылеит ажәытә хьыӡқәа. Ҳара иҟаҳҵаз аус хымԥада аҵаҵӷәытә шьаҭа ӷәӷәа амоуп.

Парламент. - Sputnik Аҧсны
Очамчыра ушьҭарнахыс Ачамчыра акәхоит

– Ааигәа шәхеилак ажәалагала ҟанаҵеит ақалақь Очамчыра Ачамчыра ала аԥсахразы, аха анаҩс, уи агәҭакы мап ацәкын, избан ақалақь ахьӡ аԥсахра аҭахны изышәыԥхьаӡаз?

– Уи зҳадҳамкылаз аӡәы игәаԥхеит мамзаргьы игәамԥхеит ҳәа акәым, Аконституциаҿы Очамчыра ҳәа иануп, ақалақь ахьӡ аԥсахразы ихадоу азакәан атекст ԥсахтәхоит. Раԥхьа уи ҳазгәамҭеит, аха ҳаӡбара азакәанра амч аҳҭаанӡа мап ацәаҳкит. Аха сара сгәаанагарала ахьыӡ ԥсахтәуп, Очамчыра ари лаз формоуп, ҳара иаҳтәым. Ҳара ҳбызшәа акәзар ҳаԥсадгьыл аҿы ихадоу, Ачамчыра ауп ақалақь иахьыӡҵатәу. Ачамчыра ахьӡ ахьынтәаауа иазкны иҟоуп агәаанагара уи аҭырқәа шьаҭа амоуп, ажәа ашыц иадҳәалоуп ҳәа, даҽакала иаҳҳәозар ашыц ахьаархәоз, иахьырҭиуаз аҭыԥ ауп ҳәа, ақырҭқәа ракәзар урҭ дара рбызшәала ак аанагошәа рҳәоит, аха сара абыргцәа срылаланы санрацәажәоз ирҳәаз анысҵеит. Урҭ изларҳәо ала уи аџьам-ԥҽыра аҿынтә иаауеит, уи иаанаго аҳаԥшьалых ахьыҟарҵо аҭыԥ ауп. Сара схаан аҳаԥшьақәа Қырҭтәылантә, Ҭырқәтәылантә иааны аҳаԥшьақәа ахьаархәоз иахьырҭиуаз Ачамчыра акәын. 


Ажәабжьқәа зегьы
0