Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитри Габелиа.
Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аналитик Дмитри Габелиа дазааҭгылоит аԥсуаа 19-тәи ашәышықәсазы ирхыргаз агәаҟрақәа ртәи уи иахьа ишаҳныԥшуеи.

Зеижәтәи ашәышықәса актәи азбжазы Аԥсны шан ҩ-хәҭакны  – "аҩныҵҟатәи" "адәныҟатәи", ҳәа. Аԥсны аҩныҵҟатәи ахәҭа иаҵанакуан, Чачаа рышьҭра иатәыз аҭауад ду имчра ахьынӡанаӡоз, аӡиасқәа Бзыԥи Егри рыбжьара ишьҭаз адгьылқәа. Аԥсны Ду ҳәа изышьҭаз ари ахәҭа акәын Аԥсуа аҳратәра агәыцәс иҟаз. Аҭыԥантәи аԥсуаа территориала рҽыршон анаҩстәи агәыԥқәа рыла: бзыԥаа (ҳаамҭ. Гәдауҭа араион), гәымаа, мамзаргьы абжьаҟәаа (ҳаамҭ. Аҟәеи Гәылрыԥшьи рраионқәа), абжьыуаа (ҳаамҭ. Очамчыра араион), самырзаҟанаа (ҳаамҭ. Гал араион), анаҩс Аԥсны Ду ашьхаҭыԥқәа рҿы инхон, ус уҳәар ауазар, аҳратәра амчра инагӡаны иахьыԥшымыз, аҭауадцәа Маршьанаа хадара ззыруаз — далаа, ҵабалаа, ԥсҳәаа рхылҵшьҭрақәа.  

Гагра. - Sputnik Аҧсны
Мчыла зыԥсадгьыл иахырцо есымша ахынҳәра дашьҭоуп

Аԥсуа хылҵшьҭрақәа анхарҭатә ҭыԥла акырӡа иахьыҭбааз иабзоураны аетникатә ҳәаақәеи аҳратәра аполитикатә ҳәаақәеи еиқәшәомызт. Иара иахьагьы Аԥсны Ареспублика зҭакӡоу аетникатә ҳәаақәа ракәӡам, аполитикатә ҳәаақәа роуп. Ҳаамҭазы, мраҭашәара-ҩада ишьҭоу ҳадгьылқәа ҳара ианаҳтәым, џьоукы азҵаара ықәдыргылоит даҽа 160 ԥшьыркца (Аибга адгьылқәа) мраҭашәаратәи ҳгәыла, иахьатәи ҳҩыза иҭаразы. Ииашахон харгьы мраҭашәара-ҩадатәи ҳадгьылқәа рызҵаара ықәҳаргылар. 

Ҳгьежьып аҭоурыхахь. Аԥсны Ду аҳәаақәа рынҭыҵ, мраҭашәара-ҩада, аӡиас Ҳамышь (Хоста) аҟынӡа инхон аԥсуа хылҵшьҭра – асаӡқәа, мамзаргьы ахыҵхырҭақәа рҿы аџьигьетқәа ҳәа изышьҭаз. Ари Адәныҟатәи Аԥсны, Аԥсны Маҷ адгьылқәа роуп (Гарга араион – Шәача). Аратәи аԥсуа-саӡқәа территориала рҽыршон ҩ-гәыԥхадак рыла: амшын аҿықәантәи, ашьхатәи асаӡқәа, мамзаргьы мдаҩеиаа.   

Амшын аҿықә иаҵанакуаз асаӡқәагьы рыҩныҵҟа рҽыршон аиланхарҭақәа рыла, инагаз ажәлатә-шьҭрақәа рыла, иаҳҳәап: Цанаа (Ацанбақәа) – инықәрыԥшны аӡиасқәа Бзыԥи Ҳашԥси (мамзаргьы Цандрыԥшь) рыбжьара; Гьечаа (Гьечбақәа) – аӡиасқәа Ҳашԥси Мзымҭеи рыбжьара; Ардбаа (Ардбақәа) – Мзымҭеи Ҳамышьи (Хоста) рыбжьара, шьала-дала аԥсуаа ирзааигәаӡаз аубыхқәа рҳәаақәа рҟынӡа. Ашьха иатәыз асаӡқәа (мдаҩеиаа), еиҳараӡак Мзымҭа ахахьы инхоз, ишьақәдыргылон ахылҵшьҭратә акқәа хԥа: аҳчыԥсы (Гәбаадәы иахьаҵанакуа), Аибгаа (аҳчыԥсаа рладахьы), убас егьырҭ аиланхарҭа маҷқәагьы. Ажәак ала, аетникатә ҳәаақәа акыр иҭбаан аполитикатә ҳәаақәа раасҭа. (Ҳазлацәажәо аамҭазтәи аԥсуа хылҵшьҭрақәеи, урҭ ретникатә ҳәаақәеи шәрыԥхьар ҟалоит З. В. Анчабаӡе, Гь. А. ӠиӠариа, Шь. Д. Инал-иԥа русумҭақәа рҿы). 

Валери Кварчиа. - Sputnik Аҧсны
Валери Кәарҷиа: Аԥсны ажәытә топонимика архынҳәра аус хыркәшоуп

19 – тәи ашәышықәса актәи азбжазы мрагылара-лада аӡиас Егры инаркны мраҭашъара-ҩада аӡиас Ҳамышьи (Хоста) аҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, шамахамзар, милаҭк ракәын – аԥсацәан. Уаанӡа еиԥш, усҟангьы аԥсуаа иаарыдыӷәӷәало инхон етникала ирзааигәази ирзааигәамзи ргәылацъа, ажәларқәа – абазақәа, аубыхқәа, адыгақәа (ачерқьесқәа), ақарҭвелқәа, хәҭакахьала аҭиурққәа иреиуаз (аҟарачқәа) убас егьырҭгьы.

Ҳаззааҭгылоу аамҭазы Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡоз атәы аҳәара уадаҩоуп, иҳамоу аматериали адыррақәеи ахьмаҷу азы. Гь. А. Ӡиӡариеи, Шь. Д. Инал-иԥеи излазгәарҭо ала, 19 ашәышықәса актәи азбжазы аԥсуаа хыԥхьаӡарала 130 нызқь инаӡон. Аха даҽазныкгьы иазгәасҭоит, уи ишьақәрыӷәӷәам хыԥхьаӡароуп, избанзар иҟоу егьырҭ агәаанагарақәа рыла, ҳазлацәажәо аамҭазы аԥсуаа акырӡа еиҳан. 

19 ашәышықәсазы Аԥсны демографиала, етникала иузымдыруа аҟынӡа аҽеиҭанакит. Раԥхьаӡа иргыланы, уи зыхҟьаз аибашьрақәеи, аурыс империа аколониалтә политикеи, аԥсуаа хырҵәаны Османтәи аимпериеи Урыстәыла атәылаҿацәқәеи рахь рдәықәҵара роуп.  

Ишдыру еиԥш, 1810 шықәсазы Аԥсуа аҳра Урыстәыла аимпериа иалалеит. Уи ашықәс инаркны иалагеит, анаҩс аҵарауаҩ ду Гь. А. Ӡиӡариа иҭҵаарадырраҿы қәҿиарала дыззааҭгылаз, Урыстәыла аҳра Аԥсны ампыҵахалара апроцесс. Шәышықәсабжак аԥсуаа хьӡрала рыдгьыл, рԥеиԥш иазықәԥон. Ахы иацәымшәеит ԥсабарала, генетикала аԥсадгьыл азы ахамеигӡара здыруаз аԥсуаа, аха ажәлар маҷ рхақәиҭратә қәԥара аасҭа еиҳахеит аимпериа агыгшәыгра.

Аԥшьаҭыԥ Инал-кәыбахь - Sputnik Аҧсны
Инал-кәыба – Аԥсны аԥшьаҭыԥ ду

Аурыс империа аколониалтә мчра Аԥсны ишьақәымгылар амуит. Еиҟарамыз амчқәа ашьаарҵәыратә реиҿагылараҿы Урыстәыла аҳра шаҭарада, рыцҳашьарада еснагь ахақәиҭра иашьцылаз, ақәылаҩ имҵахырхәара ззымдыруаз аԥсуаа рхырҵәаразы еиҿнакаауан зхыԥхаӡара маҷмыз експедициақәа. Аекспедициақәа рыла иҭәуп Аԥсны 19 ашәышықәсазтәи аҭоурых зегьы. Урҭ аамҭа еиқәаҵәақәа раан иҭахеит зықьҩыла аԥсуа анхаҩыжәлар, иқәрыццышәааит имаҷымкәа ақыҭақәа. Ампыҵахалаҩцәа ирзымгоз рбылуан, иҭадырхон.  

Аколониалтә мчрақәа рҽазыршәон Аԥсны ауааԥсыреи аурысқәеи реизааигәатәра, аԥсуаа аурыс тәылауаҩра агәаԥхара дыркра. Ари аполитика аргаматә ҵаҵӷәы атәы ааирԥшит Кутаистәи арратә губернатор аинрал Гершельман идоклад аҿы: "Аокруг аҿы аурыс колонизациа иамоуп…аполитика аганахь ала аҳәынҭқарратә ҵак ду. Аԥсуаа зкультура лаҟәу, хдырралеи дунеихәаԥшышьалеи икәадоу, здин ззымдыруа, аполитикаҿы изықәгәыӷтәым жәларуп. Ари иҳанаҳәоит аурыс тәылауаҩра аԥсуаа рыларҵәара хымԥада ишаҭаху. Зегьы иреиӷьхон, арҭ адгьылқәа рҿы инхо ауааԥсыра аурыс колонизациа азхарҵар".

Иазгәаҭатәуп, аԥсуа уааԥсыреи аурысқәеи реилаӡҩара азҵаара аимпериатә политика аидиологцәа апропаганда шазыруаз 19 ашәышықәса 70–тәи ашықәсқәа инадыркны. Абар уи аганахьала аофициалтә газеҭ "Кавказ" иаҳәоз: Аԥсны иаҭахуп аиҳабыра ирымадоу, аҭыԥантәи анхацәа ирықәыӷәӷәаша, рышҟа ихьазрыԥшыша, рыларӡҩара зылшо ауааԥсыра". Агазеҭтә статиа автор игәаанагарала "аԥсуаа рыланырхараҿы иреиӷьу контингентуп аурыс губерниақәа аладатәии абжьаратәи ацәаҳәа иатәу ауааԥсыра".

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
152 шықәса раԥхьа Кавказ ажәларқәа амҳаџьырра рхыргеит

Ҳәарада, 19 ашәышықәсазы аԥсуа жәлар рзы амилаҭтә, аҭоурыхтә хлымӡаахраны иҟалеит, аҭырқәа резидентцәа-провокаторцәеи, аурыс аҳра аколонизаторцәеи, аҭыԥантәи ҭауади-аамысҭеи ргьангьашратә хымҩаԥгара иалҵшәахаз, мчыла жәларык хырҵәаны Оттомантәи (Ҭырқәтәылатәи) аимпериахь рышьҭра. Ари амассатә експатриациа ахьӡ ҳәоуп Амҳаџьырра ҳәа – араԥ-ҭырқәшәала muhacir – "еиҭаҵуа".

Аха, 19 ашәышықәсазы Кавказ ажәларқәа рҭоурых аҿы иҟаз баша еиҭаҵрамызт, аҭыԥантәи аҭынчуааԥсра мчылатәи рхырҵәароуп. Гь.А. Ӡиӡариеи С. З. Лакобеи ишырҳәо ала Аԥсны азы ахҵәара иашықәсқәахеит – 1810, 1821, 1824, 1830, 1837, 1840, 1841, 1855, 1864, 1867, 1877. Ахҵәара арҭ аетапқәа зегьы ирыман рхатә ҽыҵгақәа, аха изыхҟьоз акакәны иаанхон – ашьамхнышгылара ззымдыруа ажәлар раԥыхра, аколониалтә мчра инагӡаны Аԥсны ашьақәырӷәӷәара.  

Уи инамаданы, Кавказтәи аибашьра "нҵәаанӡагьы" Кавказтәи Анаместник афельдмаршал А. И. Бариатински лаҵарамза 1 1864 шықәсазы аимператор Александр аҩбатъи иахь иаахҵәаны иҩуан — "Аамҭа мгакәа, ҳганахь ала ааха ҟамҵакәа, иахьынӡауа ала ашьхарыуаа ықәцатәуп Ҭырқәтәылаҟа, нас атәыла рыцқьаны наунагӡа ҳәа ҳшьапы ҳарӷәӷәоит", (Г. А. Дзидзария Махаджирство и проблемы истории Абхазии 19-го столетия — Сухум 1982г. ст.199).

Османтәи аимпериахь аԥсуаа рхырҵәара апроцесс иаҳагьы иӷәӷәахеит Аурыс-Кавказтәи аибашьра анеилга (лаҵарамза 1864шықәсазы), Аԥсуа аҳратәра автономиа анаԥырх (рашәарамза 1864 шықәса) ашьҭахь. Аха, зегьы иреиҳау ахырҵәарақәа ҟалеит аколониалтә мчра иаҿагылоз, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ҟазшьас измаз ажәлар рықәгыларақәа рнаҩс 1866-1867 1877-1878 шықәсқәа рзы, аԥсуаа рыдгьыл аҿы иқәӡаама уҳәаратәы аҭагылазаашьа анаԥҵаха. Уи апериод азы амшын нырцәҟа иахыргон Аԥсны Мраҭашәара-Ҩадеи, Агәи, Ашьхареи иртәыз ауааԥсыра. 

Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп
 

Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы иҟамзар ҟалап ҳазлацәажәо Ахырҵәара еиҳау атрагедиа. Уи алҵшәақәа ҳажәлар иахьагьы ирныруеит, ирықәыӷәӷәоит, ирхьаауп.

Ари амилаҭтә рыцҳара атәы рҳәоит аҭоурыхтә фактқәа, ихырҵәаз рхыԥхьаӡара инагӡаны ишьақәыргыламзаргьы. Убас, ашьхеи аԥшаҳәеи ираԥныз аԥсуа еиланхарҭақәа рҿы инхоз асаӡ хылҵшьҭрақәа зегьы 19 ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы ишхәыԥкыз иахган Аҭырқәа империахь. Ҳаззааҭгыло ашәышықәса 60-70 ашықәсқәа рзы мацара Аԥснынтәи ихырҵәан 80 нызқьҩык – иҩуеит А. Ӡиӡариа, — аԥсуа-абаза аетника иатәыз ихырҵәаз рхыԥхьаӡара наӡоит инықәрыԥшны 135 нызқьҩык, аиашьаратә убыхқәа налаҵаны – инықәрыԥшны 180 нызқьҩык. Аха, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, арҭ ахыԥхьаӡарақәа шьақәырӷәӷәаны иҟам, избанзар ихырҵәаз рыстатистика аӡәгьы иҟаиҵарымызт, ашәҟәҭагалара мҩаԥыргарымызт.

19 ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы "еилгеит" Аурыс-Кавказтәи аибашьра. Урыстәылатәи аимпериа уи "хнаркәшеит" аурыс ар риааиратә парад ала лаҵарамза 21 (аҿатә ԥхьаӡарала ԥхынгәы 2) 1864 шықәса, аӡиас Мзымҭа ахахьы ишьҭоу аԥсуа дгьыл Гәбаадәы амҵан (иахьа Краснаиа Полиана). "Аҵыхәтәаны" абџьар шьҭарҵеит мраҭашәаратәи аԥсуа еиланхарҭа ашьхатә саӡқәа рхылҵшьҭра иатәу аҳчыԥсаа, ашьхарыуатә жәларқәа рхақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз.

Ауаҩыдарыла, гыгшәыграла Урыстәыла аҳра аполитика Аԥсни аԥсуааи ирзаанагаз ахлымӡаахра Кавказ иқәынхо егьырҭ ажәларқәа ирныруаз адеспотиатә қәыӷәӷәара аҵкыс еиҳахеит, аӡәы даанмыжькәа иахырцаз жәларык — аубыхқәеи, ихырҵәаны, зыдгьылқәа еимҵәаз адыга жәларшьаҭақәеи алаҳамҵозар. 

Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылантәи аделегациа Аԥсныҟа раԥхьаӡа раара 40 шықәса ахыҵит

Ашьхарыуа жәларқәа рнапахьы ианааргоз, аурыс аҳратәра ахаҭарнакцәа хықәкыс ирымаз ишьахәу амшын аԥшаҳәа ампыҵахалароуп. Уи ауп Урыстәыла усҟантәи амчрақәа амшын аҿықә аҿы инхоз аԥсуаа зықәырцоз, ажәлар ақәгыларақәа мҩаԥырымгар ада иамуа аҭагылазаашьа зырзыҟарҵоз, анаҩс ақәгылара иахырҟьаны иахыргарц, аԥшаҳәагьы ҭацәырц. 1878 шықәса инаркны 1907 шықәсанӡа, ахара зду ауааԥсыра ҳәа ахьӡ рыхҵаны амшын аԥшаҳәа иахьазааигәаз анхара азин зрымхызгьы убри азоуп, аурыс-ҭырқәа еибашьраҿы (1877-1878 шш.) аԥсуаа ҳҿагылеит ҳәа ҽыҵгас ҟаҵаны. 

Ихырҵәаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа иахьа инхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Мысра, Европа, Магриб атәылақәа рҿы, убас акырџьара. Агәаанагарақәа рыла, Ҭырқәтәыла мацара инхоит 500 нызқьҩык аԥсуа репотриантцәа. 

Иахьа ахақәиҭреи ахьыԥшымреи змоу адемократиатә принципқәа ирықәшәо аԥсуа ҳәынҭқарра анҳаргыло аамҭазы, аҳәынҭқарра зтәу ҳхыԥхьаӡара акырӡа еиҵоуп иҳаланхо ажәларқәа раасҭа. Адунеи аҿы иҟаӡам даҽа жәларык, аԥсуаа ҳеиԥш зхатә ҳәынҭқарраҿы хыԥхьаӡарала егьырҭ амилаҭқәа зегьы иреиҵаны.   

Уи ус шаку шаҳдыруагьы, ҳдемографиа азҵаара ҩныҵҟала аӡбаразы ҳҽазышәарақәа маҷӡоуп, адәныҟала ҳҳәаргьы, ҳрепотриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьылахь рыргьежьразы ҳҽазышәарақәагьы убраанӡоуп иахьыҟоу. Иаарласны адемографиа апроблема аныӡбамха, ари азҵаараҿы ҳзықәгыланы ҳныҟәо аԥырӷы ҳшьаҵатәқәа ццышәтәны ҳшьапаҟынӡа инаӡоит. Усҟаноуп, Анцәа иумҳәан, иаанкылахоит аԥсуа жәлар ҳҭоурыхтә мҩа-ҭбаа. 

Аҭоурых аҿы иҟалалоит убас, зны еиӷацәаз ажәларқәа еилаҵа-еилых рымамкәа аполитикатә зҵаарақәа рҿы ианеизааигәахо. Аха, ишдыру еиԥш, аполитикаҿы иҟаӡам аҩызцәа, иҟоу ахатәы интересқәа роуп. Еснагь убри дырны, ҳҭоурых адаҟьақәа ҳгәаларшәауа, афактқәа алкаа рызуа ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ааиӷътәра ҳазхиазароуп. Усҟаноуп ииашахаҭаны аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара анҳалшо. 

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0