Аҩӡԥҳа: ансамбльқәеи, ахаԥшьгаратә коллективқәеи рыҟны инеиуа аҿар реиҳарак ҳаушьҭымҭацәа роуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСира Авидзба
Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа культура ашьҭыхраз, аҟазацәа реиҵааӡаразы цәыббрамза 14 аҽны, 1956 шықәсазы еиҿкаан Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа. Иара аҭоурых дазааҭгылеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа данлыҽцәажәоз.

- Сира Михаил-иԥҳа аҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, ишԥаҟаз иара ашьақәгылашьа? Иахьынӡаздыруа, 1956 шықәсазы иара иаман х-ҟәшак, иахьа ишԥаҟоу?

— Амузыкатә ҵараиурҭа анаадыртуаз иҟан ахореографиатә, абиблиотекатә, ахор-дирижиортә ҟәшақәа ҳәа. 1956 шықәсазы аҵараиурҭа аартын Қарҭтәи акультуратә ҵараиурҭа иахәҭакны. Аԥсны акультура аусзуҩцәа ирылшеит Аҟәатәи акультура аҵаралашаратә ҳәа аҟаҵара. Даара аџьабаа адбаланы ашьақәгылара дазааԥсеит, акультура зҿаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Қаԥшь. Иара убас, лыԥсҭазаара зегьы абри аҵараиурҭа ашьақәгылара иазылкит, иара аушьҭымҭа Чекмезова. 1960-тәи ашықәсқәа рзы ахор-дирижиортә ҟәша аркны, иаадыртуеит жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыҟәша. Уи аахыижьҭеи иахьанӡагьы ари аҟәша аус ауеит, иара убас ахореографиатә ҟәшагьы.

- Амузыкатә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа еиҿыркааит еиуеиԥшым аколлективқәеи ансамбльқәеи, убарт шәҳазрылацәажәа.

Уасил Арухаа - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

— Иара аҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, ирацәаҩуп аушьҭымҭацәа. Аԥсны акультура аҿиаразы зышьаҭа ӷәӷәаны иаанзыжьыз ҵараиурҭоуп ҳәа гәадурала исҳәар алшоит. Избан акәзар, раԥхьатәи аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа иреиуоуп иацгьы, иахьагьы акультура аихаҳара, аҿиара аус азызуа. Аӡәырҩы аҿар рааӡоит. Маиа Гьерзмааԥҳа, Фазылбеи Ҟәуруа, Владимир Кәарҷиа, Оҭар Хәнҵариа, Кандид Ҭарба абарҭ раԥхьатәи ҳаушьҭымҭацәа иреиуоуп. Дара ирылшеит Аԥсны амацара акәым, уи анҭыҵгьы рҟазара адырбара, Аԥсны ахьыӡ ҭызгоз. Иахьа ҳаҽхәартә ҳаҟоуп, избан акәзар ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ансамбльқәа рнапхгаҩцәеи, алахәылацәеи реиҳараҩык ҳҵараиурҭа аушьҭымҭацәа роуп. 

- Аибашьра ашықәсқәа ҳанрылацәажәа, издыруеит амузыкатә ҵараиурҭа ааха ӷәӷәа шаиуыз. Аибашьра ашьҭахь ашьапы ишԥақәгыла?

— Аибашьра аамҭа ҳаналацәажәа, исҳәарц сҭахуп, 16-ҩык ҳаушьҭымҭацәа Аԥсны ахақәиҭра рхы шақәырҵаз. Иахьа акульутра иазымхо иҟоуп абас еиԥш иҟаз афырхацәа Руслан Кәылаа, Аркади Чачхалиа, Рауф Дасаниа уҳәа. Дара ҳреихырхәоит, ҿырԥштәыс есымша иахьатәи аҿар иргәалаҳаршәоит. Аҵараиурҭа анышьақәгылоз иҳамаз ҩ-уадак акәын, нас аерманцәа ашкол ҿыц анрыздыргыла урҭ рхыбра ҳара иҳарҭеит, уи Маиак акәын иахьыҟаз. Убраҟоуп иахьиз иахьа еицырдыруа ансамбль "Шьаратын", "Гәында". Ҭаацәара дук еиԥш ҳҳәоу еибыҭаны аус ҳуан. Ааха ӷәӷәа аиуит аҵараиурҭа, избан акәзар аибашьратә цәаҳәа иазааигәан, ақырҭцәа уа еиҿыркааит рыштаб, архив зегьы рыблит. Аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа зегьы рыблит, ирҟәаҟәеит. Едуард Бебиа ансамбль анеиҿикаауаз, раԥхьаӡа "Шьараҭын" ацәырҵра Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыла ишақәгылаз аоркестр арҳәарала ауп ишыҟаз. Ус ҩы-шықәса аус ауан аоркестр, нас иуадаҩхеит аныҟәгара. Нас хәыҷы-хәыҷла аиаӡаара иалагеит жәлар рмузыкатә рҳәагақәа. Оҭар Хәнҵариа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа дазҿлымҳан, иара ҿыц реиҭашьақәыргылара инапы иҵыихит.

- Ишәҳәеит аибашьра ашьҭахь жәлар рмузыкатә рҳәагақәа ԥхасҭатәын ҳәа. Иахьа, аинструментқәа шәзыҟазҵода, шәеиқәзыршәода? 

Оҭар Хәынҵариа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкотуа: Оҭар Хәынҵариа ибзоураны аԥхьарцаҿы ахәмаршьа сҵеит

— Ҳҵараиурҭа аушьҭымҭа Уасил Арухаа иоуп жәлар рмузыкатә инструментқәа рыла ҳаиқәзыршәо. Ҳаинструментқәа анԥырҽ ашьҭахь, инапы шбзиаз здыруан, иаанхаз ачамгәыр жәытәк исҭан абри уаҿыԥшны акы узыҟаҵозар ҳәа исҭеит. Сара ишԥаҟасҵо, исылшоума ҳәа шиҳәоз далагалеит. Ашьҭахь, Оҭар Хәнҵариеи иареи еидтәыланы иҟарҵон аинструментқәа, нас ишьақәдыргылеит абыкь, асаркьал, аҷыжь. Иахьа, Уасил Арухаа зхатә гәаԥхара иаҿу иоуп, абжьы ииашаны, иманшәаланы аҟаҵара аџьабаа ду аҭахуп. Оҭаргьы ҳаргьы гәыҵхас иҳаман, иҳамоуп ашьақәгылара, аиҿкаара иҳәынҭқарратәу жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыла ишьақәгылоу аоркестр. Уажәы инаҳцәыӡ, акырӡа агха ҳауеит, насгьы аиҭашьақәыргылара даараӡа иуадаҩхоит. 

- Иахьа ишԥаҟоу  аҵараиурҭа аҭагылазаашьа? Шәеиқәшәоума арҵаҩцәеи, амаҭәарқәеи рыла? 

— Аибашьра ашьҭахь Маиак зегьы рбылхьан аҟынтә, ақырҭцәа рхәыҷбаҳча ахыбрахь ҳаиасуеит. Уа уыҩнало иҟамызт, аха уа ҳаанҿасит. Ахыбра ақәа кылсуан, аԥенџьырқәа ԥҽын, аха ишаулак аус аауан. Иахьанӡагьы аидкылара ҳаҿуп. Уаареигәырӷьаратәы аҿар ҳзаауеит есымша, дара зегьы ишәаҳәаҩцәамхаргьы икәашаҩцәамхаргьы, хадаратәла ауаҩреи, аԥсуареи, акульутра абзиабареи рылаҳааӡоит. Агәарбжьара ибжьаҳгоит. Ашьыжь асааҭ 10 инаркны ахәылбаҽханӡа аус рыдаҳулоит. Арҵаҩратә гәыԥ аилазаар аҭаацәа бзиа реиԥш, ҟыҟ-ҿыҟда аус аауеит, уигьы акыр аҵанакуеит. Аҿар ҳааӡеит ирацәаны, урҭ  дреиоуп Иана Цәеиԥҳа, Денис Арухаа, Шьаризан Чамагәуаԥҳа. Зегь реиҳа ҳзеигәырӷьаратәы иҳамоу акы акәны иҟоуп, абалеттә ҟәшахьы иныҟәоз ахәыҷы иреиҳаӡоу Санкт-Петербургтәи Академиа дахьҭалаз. 

Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵашьа апроцесс

- Шаҟаҩы аҵаҩцәа шәымада? Ишԥаҟоу аҵаратә процесс?

— Ахәыҷқәеи, астудентцәеи аҵара зҵо ԥшьышә-ҩык иреиҳауп. Ажәбатәи акласс иналгалакгьы, иара убас аҩбатәи азанааҭ шьҭызкаар зҭаху рыдкыларазы азин ҳамоуп. Ҳҭыԥ ҭшәоуп, ихәыҷуп, хәыҷык аҽеиҵыхра ҳҭахуп.

- Шәашҭа ишәнаҭоит аҭагылазаашьа аҽеиҵыхразы

— Ааи, ииашаны иҳамоуп аҭагылазаашьа, аха иҟами ауадаҩрақәа. Иаадыруеит ҳҳәынҭқарраҿы аекономикатә  ҭагылазаашьа зеиԥшроу.

Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа аҭоурых шәазыӡырҩыр ҟалоит абра. 

- Ажәакала, шәҵараиурҭахь имҩахыҵуа рхыԥхьаӡара рацәоуп, насгьы шәара ишәымоуп алшара шәыстудентцәа аҳәаанырцә рҵара иацырҵартә еиԥш алшара рыҭара, усуралагьы реиқәыршәара?

— Аҵара рҵаратәы, усурҭалагьы реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа ҳамоуп. Акәашаратә, ашәаҳәаратә ансамбльқәа зегьы рыҟны инеиуа аҿар реиҳарак ҳара ҳаушьҭымҭацәа роуп. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0