Аҩӡба: "Евразиа" иаҳнаҭеит алшара Жәларбжьартәи аҿар рфестиваль аҽалархәра

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба.
Аԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оренбург ақалақь аҟны цәыббра 7 инаркны 11-нӡа имҩаԥысуаз Актәи жәларбжьаратәи аҿартә-рҵаратә форум "Евразиа" алҵшәақәа ртәы дазааҭгылеит афорум хаҭала иалахәыз, Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Sputnik Рада Ажьиԥҳа

- Оренбург ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аҵаратә форум "Евразиа" ахь ааԥхьара шәыман, афорум аартра шԥаҟаз, иалахәыдаз?

— Иазгәасҭырц сҭахуп, ари апроект аиԥш зеипшу раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥгаз. Жәларбажьаратәи аҵаратә форум раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысыз Оренбург ақалақь аҟны. Иара ари ақалақь аҟны амҩаԥгара машәыршақә иҟамлаӡеит, избан акәзар Оренбург агеографиала ишьҭоуп Евразиа аҳәаа аҟны.

Аԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба. - Sputnik Аҧсны
Аҿартә форум "Евразиа" Аԥснытәи аҿар алахәуп

Ҳара ааԥхьара ҳарҭеит Урыстәылатәи ҳколлегацәа. Ҳәара аҭахыума, ҳазлахәыз афорум ҳҳәынҭқарразы, хҽар рзы акыр аҵанакуан, избан акәзар егьырҭ аҳәынҭқарра дуқәа инрываргыланы ааԥхьара ахьҳамаз, ҳбираҟ ахьышьҭырхуаз. Иазгәасҭарц сҭахуп 63 ҳәынҭкарра аҟынтә аҿар аус ахьыруаз агәыԥқәеи, аплошьчадкақәеи ишрылахәыз ҳаԥсуа аделегациа ахаҭарнакцәа. Ирылацәажәон аҿар егьырҭ аҳәынҭкаррақәа рыҟны ирымоу апроблемақәа, рԥышәа еимырдон. Ажәакала хырхарҭа рацәала, аиқәшәарақәеи, ацәажәарақәеи, еиуеиԥшым аплошьчадкақәа рыҟны адисскусиақәа рацәаны иҟан. Аҟазара, аҵас, ақьабз уҳәа аҳәынҭкаррақәа рхаҭарнакцәа зегьы рхы ӡырыргон. Ҳара раԥхьаӡа ҳахьалахәыз аҟынтә аиԥыларақәа рацәаӡаны имҩаԥаагеит, зегьы қәҿиарала имҩаԥысит. Аҿартә политика ахырхарҭа егьырҭ аҳәынҭкаррақәа рыҟны аҿиара еиҳа ԥхьаҟа ицахьеит ҳара ҳаасҭа, иҟоуп аҳәынҭқаррақәагьы ҳара ҳзеиӷьу, уи азгәаумҭар залшом. Афорум иалахәыз зегьы аԥсуа жәлар знысыз, ирхыргыз аҭоурых зегьы рзеиҭаҳҳәеит. 

- Аԥсны адипломатцәа ҿарацәеи шәареи иарбан плошьчадкақәоу аус ахьыжәуаз?

— Аԥснынтәи ицаз зегьы аҿар гәыԥ-гәыԥла еихшан. Излацәажәоз атемақәа рацәан, уи акульутра, аҵара, аҿартә политика. Атемақәа рацәан. Хәара аҭахыума, афорум ахьынӡацоз ҳаибабон, алкаақәа  ҟаҳҵон. Зегь реиҳа игәаларшәаганы иаанхаз сара сзы, афорум анхырқәшаха ашьҭахь, Оренбург ақалақь иреиӷьу апаркқәа руак аҟны афорум иалахәыз зегьы рыхьӡала аҵлақәа ахьеиҭаҳҳаз ауп.  

Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

- Аҵаратә форум аиҿкаара аԥшьган урыстәыла ахада Владимир Путин иқәҵарала. Аха урыстәыла ирацәаны имҩаԥысуеит аҿартә форумқәа, ари егьырҭ излареиԥшымзи?

— Ари афорум егьырҭ излареиԥшымыз уи ауп, иалахәыз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡарала, уа Италиа, Франциа, Испаниа ахаҭарнакцәа ыҟан. Ирнаҭаз аԥышәеи, ишьҭыркааз аҩызареи акырӡа ирыхәоит аҿар раԥхьаҟа, рдунеи хәаԥшышьа еизҳауеит. Афорум аҟны излацәажәаз атемақәа рхырхарҭақәа акырӡа иҭбаан. Насгьы уаҟа раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан, 2017 шықәсазы Шәача имҩаԥысран иҟоу Адунеи Жәларбжьартәи аҿар рфестиваль, уи иалахәхоит 25 нызқь рҟынӡа адунеи иқәынхо аҿар рхаҭарнакцәа, убра Аԥсны аӡәы ҳәа ҳалахәхоит, уимоу аиҿкааратә гәыԥгьы саларҵеит. Уи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳагәтакқәа рацәоуп.

- 63 ҳәынҭқарра злахәыз афорум аҟны доусы иара иҟны аҿартә политиказы имҩаԥиго аус иалацәажәон. Ишԥаҟоу егьырҭ аҳәынҭкаррақәа рыҟны Аԥсныи дареи еиҿҳарԥшуазар?

Апатриоттә лагер Молодая Абхазия-2016 жәларбжьаратәхеит - Sputnik Аҧсны
Апатриоттә лагер "Молодая Абхазия-2016" жәларбжьаратәхеит

— Аиаша шәасҳәап, ҳзеиӷьу ԥыҭҩык ыҟоуп. Аха иҟоуп аҳәынҭкаррақәа акырӡа ԥхьаҟа ицахьо. Иаҳҳәап: аҿар ацхыраара арыҭаразы аматериалтә ҭагылазаашьа бзиа рымоуп. Аҿар рыбзазара, рааӡара, рыԥсшьара, апатриоттә ааӡара уҳәа ҳара имҩаԥааго апроектқәа иацәыхаро аҳәынҭқаррақәа даараӡа ирацәоуп. Ус рҳәон, ҳара ҳҿар ԥарада акгьы ҟарҵаӡом ҳәа. Ҳара имҩаԥааго зегьы ҳҿар рҭахрақәа ирықәшәо аҟаҵара ҳашьҭоуп, ҳматериалтә, атехникатә ҭагылазаашьа уамак иҳаракымзаргьы, иҟаҳҵо ахәыҷы цқьаны аҟаҵара ҳашьҭоуп. 

- Ишәнаҭеит шәара хаҭала афорум?

— Зегьы адырра залшагәышьаӡом, убри аҟынтә ари афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны исоуыз рацәоуп. Аҿартә политика аусура аинформациатә хархәагақәа рыла аларҵәара захьӡыз аицәажәарақәа сара иснаҭаз рацәоуп. Избаз исаҳаз агәахәара ду снаҭеит. Урыстәыла аҿартә политиказы аинститутқәа аус руеит, урҭ рнапхгаҩцәа алекциақәа иаҳзаԥхьон. Сара аус ахьызуаз аплошьчадка аҟны ҳазааҭгылон жәларбжьаратәи аҿартә политика азҵаарақәа. Аҿартә политикаҟны иҳалшо маҷӡам, адунеи жәларбжьаратәи аҿартә политикаҟны ҳхы ӡыраагарц. Сара ажәахә сыманы сықәгылан, имҩаԥааго, имҩаԥаагахьо апроектқәа санрылацәажәоз даараӡа иџьашьаны ирыдыркылеит. Иҟоуп аҳәынҭқаррақәа ҳара аԥышәа ахьҳамоу дара иахьрымам. Аҿартә политикаҟны шаҟа еихьӡара ҟаҳҵо ааҟара, уи ҳҳәынҭқаара азхаҵара иацхраауеит, 63 ҳәынҭқарра рбираҟқәа инрываргыланы ҳбираҟгьы шьҭырхит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0