Бебиаԥҳа: сара сзы есымша еибашьроуп, уи атема исыцрымшәо исыцуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәымшәараз амедал занашьоу Екатерина Бебиаԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Екатерина Бебиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәы змаӡам аибашьратә архив аидкылара, аиқәырхара лылшеит ажурналист, Агәымшәараз амедал занашьоу Екатерина Бебиаԥҳа. Аибашьра дшалагылази, лгәалашәараҿы еиҳа иаанхаз ахҭысқәеи Аиааира амш аҽны Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭалҳәеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы аԥсуа журналистцәа ирылшеит аинформациатә еибашьра аҿагылара.  Ажәлар  ирызнаргон аибашьра адәыҟнытәи, ахырӷәӷәарҭақәа рҟынтәи, ииашаз иҵабыргыз аинформациа аагара. 

- Аибашьра ашықәсқәа агәаларшәара уадаҩзаргьы, ишәҳәарц сҭахын шәеибашьратә мҩа абалагеи?

— Аибашьра анысгәалашәо схәы сжьы еилалгылоит, абри аҟара шықәса шҵхьоугьы. Зны зынла схы сазҵаауеит излаҳалшеи ҳәа. Усҟан ҳалашҩакны амца ҳалагылан. Аха уажәы даҽакала сахәаԥшуеит, иуадаҩҵәҟьазаап аибашьра алагылара, ана ара уҩызцәа анувыршьаауа.

Леон иорден занашьоу амедеҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Џьапуаԥҳа: сара зегьы раҵкыс игәыхьны, ихьааны исзынхеит ииультәи ажәыларақәа

Аибашьрахь снеира шыҟалаз ҳәагьы сгәалашәом, избанзар, абри абас иԥкааны иҟаҵатәуп, ицатәуп, иахьа нахыс аибашьра сцоит ҳәа акәымкәа ус иара ианналага нахыс аибашьра ҳалагылар акәхеит. Усҟан аԥсуа радио аҟны акәын аус ахьызуаз, иахьеиԥш исгәалашәоит ацҳа ҟаԥшь аҟны срепортиор кны саннеиз. Аҟәа ақырҭцәа рнапахьы иааргахьан ҳара ардиоҟны ҳҭыҵны аус анаҳуаз. Иџьасшьоит иахьанӡагьы, рнапахьы ҳазланарымгеи, ҳазларымшьи ҳәа.

Ҳар анынаскьа Гәымсҭаҟа, араион ҿыц ахь абжьаларҭаҟны, анҵарақәа сшырҿыз, аверталиот ҳхалн абомбақәа акажьра иалагеит. Иахьа лафҵас исҳәоит "уара абраҟа ҳахьгылоу рымбаӡои, абомбақәа шԥаҳаларыжьуеи" ҳәа. Убри аҟынӡа схаҿы иааиӡомыз изакәыз аибашьра закәыҵәҟьоу. Ишеибашьраз убасҟан ауп ишеилыскааз. Иҩтәуп ҳәа иԥхьаӡаны араион ҿыц зыҟаз ала сыҩит, ауаа сахьырбозгьы ԥхасшьон, аха уахь аибашьра ыҟамшәа сгәы иабон.

Ауаа рацәаҩны иҩуан усҟан, урҭ ирылан ҳашәҟәыҩҩцәа Платон Бебиеи, Никәала Ҳашыги, дара уа ааигәа инхон. Насгьы Гәдоуҭаҟа ҳанцоз, аԥсуа радио аҟнытәи ҩ-репартиорк сыжәҩа ихшьны иалызгеит, уи ада уаҳа изакәызаалак техникак, архив ҳәа акгьы ҳзалымгеит Аҟәа.

Екатерина Бебиаԥҳа лгәалашәарақәа шәырзыӡырҩыр ҟалоит абра

Ус Гәдоуҭантәи ахырӷәӷәарҭақәа рахь сцаны аматериалқәа аазгон. Раԥхьатәи аамҭазы арепартиор скын аԥсуа радио азыҳәан амаериалқәа сырхион, ашьҭахь избеит ишаҭахыз авидеокамера. Аҭоурых анҵаразы, аиаша аҳәаразы, аиқәырхаразы авидеокамера шхымԥадатәииз. Ус сашьҭалеит авидеокамера аԥшаара. Аԥсуа телехәаԥшра иамаз ҩ-камерак акәын аҟнытә сара уи сызҭодаз 

- Авидеокамера аԥшааразы ишәыцхраада, ишәывагылада? 

Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

— Авидеокамера аиура ус имариаӡамызт. Издыруан аҟәрышь ада ԥсыхәа шыҟамыз. Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба иштаб аҟны снеины иасҳәартә еиԥш исзымгәаӷьит. Избан акәзар ихы-игәы усгьы шә-уск ирылан. Ҳауацәа Возаа рыԥсраҟны Леван Арӡынба аамҭа ԥшааны сидгылеит, еилыикаартә еиԥш иасҳәеит ҳаибашьцәа рфырхаҵара аҭоурых иазаанхартә еиԥш авидеокамера шысҭахыу, аҭыхрақәа амҩаԥгара сшалаго атәы.

Иара ус иҳәеит, хымыш аамҭа сыҭ, Москвантәи ибзаасышьҭуеит ҳәа. Ишыиҳәаз еиԥш, хымш ааҵуаны еиԥш адырра сиҭеит, усҟан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра министрс иҟаз Александр Анқәаб ила ишысзааишьҭыз, усгьы иҳәеит, акы бара ибтәуп, егьырҭ аҩба ишыбҭаху аҭыԥ иқәҵа ҳәа.

Сара ус исыӡбит, акы сара схазы иааныскылоит, егьи Мрагыларатәи афрон ахь ирысҭоит ҳәа. Сергеи Қаџьаиа дыԥшааны атәылахьчара аминистрра ала инапаҟны исҭеит авидеокамера. Ахԥатәи авидеокамера, уи аҩнуҵҟатәи аминистрра аҟны иаанхеит, уахь инаргоз аҭҟәацәа рынҵаразы. Убри амш инаркны апозициақәа рахь сцон, аҭыхрақәа мҩаԥызгон.

- Раԥхьатәи шәҭыхрақәа зызкыдыз?

Раԥхьатәи сҭыхрақәа ахааназ исхамышҭуа акы акәны иҟоуп. Уи зызкыз атанк иақәтәаз ҳаибашьцәа ракәын. "Бронидед ҳәа иашьҭан" Валера Мхонџьиа иаргьы саргьы ҳцеит ҳар ртехника ахьыҟаз, атанк иақәтәаз аибашьцәа рҭыхрақәа амҩаԥгара.

Гәымсҭатәи афронт аҟны ана ара игылан акәылӡытә техника аҭыхрақәа амҩаԥгара ҳшаҿыз, Валера ус иҳәоит, абра џьара игылоуп ҩ-танкгьы, ҩ-бемпеки, уахь унеиуа иҟаӡам ҳәа, избан акәзар аснаиперцәа ирхысырҭоуп, анапсаргәыҵа аҿы еиԥш ҳарбоит ҳәа. Аха ҳцароуп ҳәа дыскит сара зегьы ҭыхтәуп ҳәа, нас ҳаиманы ҳдәықәлеит.

Валера саԥхьа дгыланы днеиуан, ҩыџьа аруаа сашьҭахь, рыгәҭа сыргылан ҳнеиуан. Ус мгеи мцарак иалагӡаны ахыс бжьы ҵырӡа иаагеит, Валера ахылԥа ихаз ихшәан саԥхьа инкашәеит, шәыҩ шәыҩ шәыҩ ҳәа ибжьы ааиргеит, сыҩт саргьы, ихылԥеи свидеокамереи шыскыз. Свидеокамера каҳаргьы ҳәа сшәон, сахӡыӡаауан. Абри сгәалшәараҿы есымша иҟоуп. Хархәҭақәа рахь ҳаниас ауп, схаҟны ианааи аибашьра закәызҵәҟьа, ҳаршьыр шалшоз.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Ҳаԥштәы ҳхаббы, акыр аамҭа ҳашьҭра ҳзықәамло ҳаҟан. Сиваршьаар ауан, мамзар иара дсывыршьаар. Абри ахҭыс иара Валери Мхонџьиа игәалашәаны изныкымкәа иқәгыларақәа рыҟны иҳәахьан. Аибашьра анеилга ашьҭахь атанкистцәа ирызкны изыҩит ашәҟәы "Люди из брони" ҳәа, иара  аҭыжьраҿы дсыцхарааит Александр Анқәаб. Иара абри ахҭыс абасҵәҟьа иануп уи ашәҟәыҿгьы. 

- Аиааира амш  шәабаԥылеи?

— Ака Арӡынба ибаталион еиҳа сҽадысҳәалон, избан акәзар сыԥшәма уа асвиазистс дыҟан. Зегьы рыҟны сышнеиуазгьы, ари абаталион ахь сгьежьуан. Убырҭ анжәылоз Аҟәа ахақәиҭтәразы, срыцжәылоит, срыццоит ҳәа сгәы иҭан, аха сыԥшәма аҳәара ҟаиҵеит, ахәыҷқәа, аҭаацәара сазхәыцырц, схы сыхьчарц.

Аибашьра цонаҵы ииашаны иҟан ирацәаны ахҭысқәа сицны сцар анысҭахыз еиҳа амца ахьеилашоз ахырӷәӷәарҭақәа рахь. Иҿаԥшылара ус иҟан, иажәа сзахымԥеит. Дара Бырцхантәи Аҟәаҟа илбаауан усҟан. Сара ус егьа иҳәазаргьы, ҭынч сызтәомызт. Гәдоуҭа, Олег Шамбеи Тота Аџьапуеи сареи иҳаҳаит Гәымсҭа ацҳа шыргаз, Аҟәа ишалалахьо атәы ҳархәҭақәа.

Саргьы сгәы сазмыртәеит, сдәықәлеит Аҟәаҟа. Скамера шыскыц искын, ишҭысхыц иҭысхуан. Хархәҭақәа Аҟәатәи авокзал аҟынӡа иааӡахьан, саргьы Аҟәа саналала. Шьаҿа-шьаҿала ҳрышьҭаланы, иҭыхуа сааиуан. Аҟәа ахы ианақәиҭыртә, цәыббра 27 аҽны аиҳабыра ахыбра амца анакуаз уа сгыланы аҭыхрақәа мҩаԥызгон.

Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

Сылаӷырц леиуан, аԥсуа радио аҟны аус ахьызуаз ауада, абылра ианаҿыз сыла иабон. Уа шаҟа архив алаблызи, аха ус акәзаргьы, хаԥсадгьыл ахы иақәиҭтәуп, архив еиҭашьақәҳаргылоит, еиқәҳархоит ҳәа сҳәон, сгәы сҟажон. Абри ашҭаҟны иҟаз уи амоментаз зегьы, уи аԥхьа иҭысхуази 14-фильм рылсхит, Аԥсуа телехәаԥшрала идырбан.

Амза 28 аҽны, Гәдоуҭаҟа сгьежьит, еизызгаз аматериал арадиои ателехәаԥшра аефири иазсырхеит. Ус цәыбрра 29, 30 Гәдоуҭа сыҟан. Цәыбрра 30 ашьыбжьон Аҟәаҟа амҩа сшықәыз иҳаҳаит Аиааира ҳгеит ҳәа. Ус Ахақәиҭра ашҭаҟны ҳаԥылеит аиааира амш. 

- Шәархив шԥеидышәкыла? Ишԥеиқәшәырха? 

— 2008 шықәсазы аибашьра аҟны иҭысхыз зегьы архив акасетақәа рҟынтә ииаганы адисккәа ирнысҵеит. Схы гәыбӷан асҭон ус аамҭа ахьаазгаз. Избан акәзар, ҳаҷкәынцәа ргәалшәарақәа ахьану, ҳаԥсуа ҭоурых аазырԥшуа  архив еиқәырхатәуп, еиҳа ихарҭәаатәуп, еидкылатәуп. Аибашьра анеилга ашьҭахгьы, сара сзыҳәан еибашьроуп, избан акәзар аибашьра атема еснагь исцрымшәо исыцуп. Ҳара ргәалашәара ҳхашҭыр ҟалом, зымҩа иаанҳажьыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0