Еџье Ҭраԥшьԥҳа: Ермитаж амузеи аҿы иҟоуп Аԥснынтәи археологиатә материалқәа

© Sputnik Илона ХварцкияЕџье Ҭраԥшьԥҳа
Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәа Санкт-Петербургҟа ицаз археолог қәыԥш Еџье Ҭраԥшьԥҳа дазааҭгылеит уахь лцара, иара убас уажәазы аус здылуло лкандидаттә диссертациа.

 Еџье Петербургҟа бцара хықәкыс иамази?

— Сара Санкт-Петербургҟа сцеит Гәдоуҭатәи аетнографиатә музеи аиҳабы Баҭал Гәынба ибзоурала. Сара хықәкыс исыман Ермитаж аҿы Аԥснынтәи уа иҟоу аматериалқәа рбара. Насгьы аетнографиатә музеи аҭаара. Санкт-Петербург аетнографиатә музеи аҿгьы Аԥснынтәи аматериалқәа рацәоуп. Ермитаж алабораториаҿы археологиатә материалқәа шырыхьчо аҭҵаара акәын сара схықәкы хада. Урҭ аматериалқәа шыдрыцқьо ибзианы еилыскаар сҭахын.

— Арҭ амузеиқәа бахьырҭааз иҿыцу еилыбкааи?

Берлин, архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Германиа инхо аԥсуа ԥхәызба Хьыбла Амҷыԥҳа лҭоурых

— Дара алабораториа ду рымоуп, рус ибзиаӡаны аҟаҵашьа рдыруеит, профессионалла иазнеиуеит. Аԥсны ихәыҷызаргьы ус еиԥш иҟоу алабораториа зынӡа иҳамаӡам. Ҳара иҳалшо ала ҳаҿуп аматериалқәа рконсервациа. Убри ииашаны иҟаҳҵома, насгьы иҟаҳҵаша иҟоуи убарҭқәа еилыскаарц азыҳәан сцеит. Даара ибзиоу адыррақәа сырҭеит. Иҟаҳҵо иашоу ииашаму гәарҭеит. Ииашоуп ҳәа сарҳәеит, аха даара ирацәаны аусқәа ҟаҵатәуп макьана. Убарҭқәа зегьы еилыскааит, иҟаҳҵаша иҳалшаша ыҟоуп. Ермитаж амузеи аҿы иҟоуп Аԥснынтәи археологиатә материалқәа. Иҟоуп Бамборантәи, Афонынтәи, Анхәантәи аматериалқәа. Аетногарфиаитә музеи аҿы еиҳарак амаҭәақәа, амузыкатә инстурментқәа уҳәа реиԥш аҩны иныҟәырго аматериалқәа ыҟоуп. 

— Урҭ оригиналқәа ҳарҭаӡом аха акопиақәа Аԥсныҟа иааугар ҟалома?

— Ермитаж иҟоу амтаериалқәа ркопиа ҟаҵаны Аԥсныҟа иааргеит. Уи аазгаз Гәдоуҭатәи аиҳабы Баҭал Гәынба иоуп. Ермитаж азал аҿы иҟоу аматериалқәа урҭ рфото аҭыхра ҟалоит. Аха ахьчаразы иҟоу аматериалқәа урҭ урылакьысыр ҟалаӡом. Убри азы хазы иаҭахуп аус аиҿкаара.

— Бара аԥсуаҭҵааратә институт аҿы уажәы хықәкыла бызҿуи?

— Уажәы сара акандидаттә диссертациа аҩра саҿуп. Уи адагьы археологиатә експедициа сымоуп Анхәа ақыҭаҿы. Убри салгар сҭахуп уажәы.

— Бдиссертациа атема иарбану?

— Сдиссертациа Елинтәи аамҭа иадҳәалоуп. Елинтәи аамҭазы Ҭырқәтәыла Амшын Еиқәа аҿықә аҿы иҟоу ақалақьқәеи Аԥсны уи аамҭазтәи ақалақьқәеи рыбжьара иҟоу аимадара зеиԥшраз ҭысҵаауеит. 

— Бара ажрақәа анымҩаԥыбго Аԥсны ибымԥыхьашәахьоума Еллинтәи аамҭа иадҳәалоу аматериалқәа?

— Еллинтәи аамҭа иазку аматериалқәа иҳамоу маҷуп. Уи аамҭа иадҳәалоу аҭҵаарақәа рацәаӡам. Аха иҟоуп амфорақәа, амонетақәа, усҟан Анатолиантәи Аԥсныҟа иааз. Иара убас Аԥснынтәи Анатолиаҟа ицазгьы, урҭ еиҳа имаҷуп амала.

— Еллинтәи аамҭа иадҳәалоу аматериалқәа ахьыҟоу иарбан ҭыԥқәоу?

— Ирацәоуп иахьыҟоу аҭыԥқәа: Аҟәа, Афон, Гәдоуҭа уҳәа. Аха Еллинтәи аамҭа иазкны мацара археологиатә жрақәа ыҟаӡамызт. Уажәыгьы иҭбааны уи азын ажрақәа мҩаԥысӡом.

— Ҭырқәтәыла Еллинтәи аамҭа иадҳәалан иҟоу аматериалқәа ббахьоума бара?

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

— Сара Ҭырқәтәыла амузеиқәа рҿы снеихьеит, иҟоуп уа аматериалқәа. Аха иахьынтәааз бзианы ирыздырӡом. 

— Абри Еллинтәи аамҭа иадҳәаланы еиҳарак зинтерес бымои, иҟабҵарц ибҭахуи бара?

— Сара еиҳарак зинтерес сымоу амонетақәа роуп. Убри аамҭазын Диоскуриа – Аҟәа ақалақь аҿы аусбарҭа ыҟан. Амонетақәа ҭрыжьуан, убри даараӡа интересуп. Уи ахьану ахыҵхырҭақәа ыҟоуп. Убарҭ ҳаԥшаароуп. Ара Аԥсны Диоскуриатәи амонетақәа ҳамаӡамызт уажәы ааигәанӡа. Урҭгьы аколлекционерцәа рҟынтәи иааҳхәеит Санкт-Петербургнтәи. Урҭ раахәара зыбзоуроу Гәдоуҭатәи амузеи ауп.

— Урҭ амонетақәа злыхуи, насгьы ирнуи дара?

— Амонетақәа диоскураа рхылԥақәа рсахьа рнуп, нас хыхь аеҵәақәа ануп, егьи аганахьгьы Диоскуриа ҳәа аҩыра ануп. Уи уаԥхьартә еиԥш ицқьаӡа иҟоуп. Ихәыҷқәоуп ҩ-граммк раҟара иҟоуп.

Санкт-Петербург бцараҟны зегь реиҳа зинтерес бки? Насгьы ибылшома аҭагылазаашьақәа реиҿырԥшра.

— Иеилкаауп ҳара зегьы ишаҳҭаху еиԥш иаҳзыҟаҵаӡом. Ҳҭагылазаашьа иҳалнаршо маҷуп. Аха уажәшьҭа хәыҷы-хәыҷла ԥхьаҟа ҳцалароуп. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәынҭқаррақәа дууп, урҭ ирылшо ҳалшаӡом, аха ҳара иҳалшо ыҟами. Маҷ-маҷ убарҭқәа ҳрылагароуп. Сара исҭахуп дара рсистема еилыскаар, нас ихәыҷны ара иҟаҳҵар ҟалоит. Иаҳҳәап сара сзанааҭ аганахьала аекспедициақәа шыҟарҵо. Амузеи аргылашьа, амузеи азалқәа реиҿкаашьа уҳәа. Убарҭқәа ҭҵааны, еиҳа имаҷны ара аҟаҵара ҳалшоит. Сара убарҭқәа ринтерес сымоуп, ишыҟаҳҵашагьы сазхәыцуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0