Шамԥҳа: аԥсуааи абазақәеи жәларык роуп, уи зегьы еилыркаауазар ахәҭоу

© Sputnik / Томас ТхайцукДиана Шамԥҳа.
Диана Шамԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәа реиқәырхареи, рырҿиареи, аҭоурыхтә - культура ҭынхеи" атемала ажьырныҳәа 27 рзы имҩаԥгахои астол гьежь, уи апрограмма дазааҭгылеит Диана Шамԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

— Диана Владимир-иԥҳа имҩаԥысраны иҟоу астол гьежь ҳбызшәеи ҳкультуреи иазкуп. Иаҳҭахын маҷк шәазааҭгыларц апрограмма иарбоу атемақәа ртәы.

— Аԥсуааи абазақәеи жәларык ҳауп, уи аҭоурых ашьаҭақәа амоуп. Ҳара ҳаиҩызшазгьы еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәа роуп. Иахьа ҳаицәыхароуп нхарала, аха ҳбызшәа акоуп. Ҳанхарҭақәа еицәыхароуп, ишысҳәаз еиԥш, дара рбызшәа аҿиара даҽа хырхарҭак ала имцаӡеит, ҩ-литературатә бызшәа шьақәгылеит.

Аԥсны актәи аҵарадырратә салон - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа аиқәырхара иазку адискуссиатә клуб мҩаԥысит

Абаза бызшәа атапанҭатәи адиалект шьаҭас иаиуит, аԥсуа бызшәеи иареи алитературатә бызшәакны ашьақәгылара уи иаԥырхагахеит, аилыибакаарагьы ҳацәмаҷхеит. Ҳара хбызшәақәа ралфавитқәа акириллица ашьаҭақәа рыла ишьақәгылоуп, аха еиԥшӡам. Ҳара иаҳцәыуадаҩуп аԥхьара, абазақәагьы ирцәыуадаҩуп аԥсуа бызшәала аԥхьара.

Ирацәаны аамҭа ҳацәцеит абызшәа ааигәахара ҳахьынӡаҿыз, еиҳа хырхарҭак ала аҿиара аус рацәаны иадулатәхеит. Иҟаҵатәуп иконкреттәу ашьаҿақәа абри ахырхарҭа азыҳәан. "Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәа реиқәырхареи, рырҿиареи, аҭоурыхтә-культура ҭынхеи" захьӡу апрограмма ҩ-ганк еиқәшаҳаҭны еиҿкаау программоуп. Ганкахьала, абазеи аԥсуааи етнос аҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи ахеидкыла "Алашареи", уи ахантәаҩы Муса Екзеков аиҿкаара ҟаиҵоит.

Егьи аганахьала Аԥсны аҭҵарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа. Апрограмма жәа-шықәса аҵанакуеит, аха хәҭа-хәҭала ишоуп. Ҳастол гьежьқәа хынтә имҩаԥысхьеит, раԥхьаӡа Черқьессқ, нас Аҟәа, уажәы еиҭа Аԥсны иаднакылоит. Астол гьежь темас иамоу шықәсык иҭагӡаны ҳапрограмма ала имҩаԥаагаз аус цәыргақәҵахоит, уи ҳалацәажәуеит. Иара убас, ҳалацәажәуеит 2017 шықәсазы иҟаҳҵараны иҟоу атәы, шықәсыктәи апрограмма ҳадаҳкылоит. 

— Ҩышықәсатәи шәусура рыҩнуҵҟа шәзыхьӡеи амҩаԥгара, аиҿкаара?  

Азиндырҩы Владимир Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Владимир Ҳараниа: ацәажәара даналаго инаркны ахәыҷы имоуп азин ихатәы бызшәа аҵара

— Ари апрограмма ахырхарҭакәа хԥа рыла ишоуп: абызшәа, афольклор, иара убас архивтә документқәа аус рыдулара. Абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусура мҩаԥсыуан иааиԥмырҟьаӡакәа. Шықәсык ҳзыхьӡаз иҟаҳҵаз ауаа идеилҳаркаауеит. Исҳәарц сҭахуп, сара напхгара зысҭо ахырхарҭа — аԥсуа бызшәа ахырхарҭоуп. Ҳара иҳадаҳкылеит апрограммаҿы апроектқәа ԥшьба. Рыхьыӡқәа абас иҟоуп: "Арҵагатә методикатә комплекс", "Аԥсуа бызшәа адырра алагаратәи абжьаратәи аетапқәа иаҵанакуа ашәҟәы аиқәыршәара", насгьы уи иацзаауеит адиск, ахԥатәи "ацәажәаратә аудио-курс аԥсшәа диалогқәа рыла".

Аԥшьбатәи апроект рызкуп зынӡа ахәыҷӡақәа. Арҭ апроектқәа инарываргыланы даҽа ҩ-проектк ҳамоуп. Иахьа уажәраанӡа иҳамаӡамызт аԥсуа бызшәа аҵаразы анбан аелектронтә версиа. Ҳапроектқәа зегьы рыҟны аус руеит даара зус бзианы издыруа, зусура бзиа избо, ашәҟәҭыжьраҿы аԥышәа ду змоу ауаа. 

— Ишышәҳәаз еиԥш ҳбызшәа апроблема иахьа иаҳӡо проблемаӡам. Избан акәзар ари апроблема ҳтәылаҿы иҵарны иқәгылоуп. Иазгәашәҭеит, анбан аҵаразы аелектронтә версиа аҭыжьра. Уи иахәҭоу ихымԥадатәиу усуп, уи апрактикагьы иаҳнарбеит. Ари апроект инарҭбааны ҳазааҭгылап.

— Ари апроект сара соуп напхгара азҭо. Иара убас, аус руеит арҿиаратә гәыԥ. Дыҟоуп апоет, хаҭала иаҳҭаху ажәақәеи аҳәоуқәеи зхы иархәаны арифмеи аритмалеи еиқәыршәаны иаҳзыҟазҵо. Гәында Кәҵниаԥха далахәуп, иара убас асахьаҭыхҩы ахәыҷқәа рыпсихологиа бзиаӡаны издыруа, иақәшәо, асахьақәа аԥсы ахаҵаны иҭызхуа Мадина Бигәааԥҳа. Иара убас, акомпиутортә дизаин аҟаҵаразы дҳацхраауеит Кама Бигәааԥҳа. Ари апроект далахәуп Баҭал Ҳашыг, ахәыҷқәа рзы иҟаиҵахьо иусумҭақәа ыҟоуп аинтернет аҿы. Иахьа иҟаҳҵахьо уи ауп: ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа ҳаҩхьеит, асахьақәа ҭаҳхьеит, абжьы ахаҵара ҳаҿуп. 

— Ари апроект аинтерес амоуп, ахархәара анбалшо, ари ашықәс аҩнуҵҟа иауама?

— 2017 шықәсазы ари апроект ҳалгоит, иҳагу маҷуп. Ари астол гьежь аҿы апрезентациа ҳасабала идҳарбар ҳҭахуп ҳахьынӡанеихьо. 

— Шәцәажәараҿы шәазааҭгылеит ҳбызшәа ахылҵшьҭра, иара убасгьы маҷк еицәыхарахеит ҳәа. Аҵарауаҩ Ермолаи Аџьынџьал ажәалагала ҟаиҵахьан иҭыжьзарц аԥсуа-абаза ажәар. Ари ажәалагала аҿиара амоума?

— Ус еиԥш иҟоу апроект иалоуп ҳапрограмма. Аԥсуааи абазақәеи жәларык роуп. Уи азы ахдырра аҭахуп, иаҳҭахуп ажәлар идеилҳаркаар. Иахьагьы иаҳԥылоит Аԥсны инхо ауааԥсыра абазақәеи ҳареи шаҟа ҳаизааигәои ззымдыруа, еиҳарак аҿар. Ҳара рхы ҳмырхар уахь, ус иаҳмырхәыцыр иҵегь ҳаицәыхарахоит. Ацәажәарақәа рацәоуп азааигәатәаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа, аха мҩак ҳаицықәымлаӡацт. Ҳастол гьежьқәа рыҟны ицәырҵхьеит ари азҵаара иаку аԥсуа –абаза ажәар аҭыжьра. Ари азҵаара апроблемақәа рацәаны ицәырнагоит, уи аҟнытәи макьана ус иҟоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0