Алхрақәа раан акыр еилашыҩкрахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Сергеи Шамба
Иаку Аԥсны ахантәаҩы Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лассы иҟалараны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәеи алхратә система иазутәу аԥсахрақәеи ртәы дрылацәажәеит апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Сергеи Шамба Sputnik аинтервиу аҭо.

— Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иԥа, ииасыз асабшазы ихацыркхеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа. Иуҳәар ауеит шәпартиагьы егьырҭ апартиақәа реиԥш аԥхьаҟа ишьҭоуп имариам аамҭақәа ҳәа. Сынтәа аполитикатә партиақәа ироуит алшара алхратә округқәа зегьы рыҟны ркандидатцәа ықәдыргыларазы. "Иаку Аԥсны" гәҭакны иамоузеи? Заҟаҩы акандидатцәа ықәшәыргыларан шәыҟоузеи?

— Ҳара ҳпартиа иахьазы иҟоу алхратә система хымԥада иԥсахтәуп ҳәа аԥхьаӡоит. Ҳара иаҳшьоит апропорцианалтә система ашьаҭахь ииастәуп ҳәа. Апартиатә сиақәа рыла алхрақәа атәылаҿ аполитикатә система аиӷьтәра иацхраауеит. Аха макьаназы Апарламент абри аганахь ала азакәан аднамкылацт. Убри иахҟьаны Жәлар Реизарахь инеиуеит аполитикатә партиақәа ирыдҳәалам ауаа. Урҭ реиҳарак ахаангьы аполитикатә процессқәа ирыламыхәхацт. Асеиԥш аан иҟалом иумоурц агәаанагара — урҭ рҟынтәи аӡәырҩы атәылаҿ иреиҳау азакәанԥҵаратә орган ахь изнеиуа рхатәы усқәа рыӡбаразы акәзар ҟалап ҳәа.

Ааи, аокругқәа зегьы рыҟны акандидатцәа рықәыргылараз алшара ыҟоуп, аха уи ҳара ҳпартиа иҟанаҵо ажәадгала, партиатә сиала акандидатцәа рықәыргылара акәым. Ииашоуп, ҳара иҳамоуп алшара азакәан ишаҳәо еиԥш аокругқәа рҟны ҳхаҭарнакцәа кандидатс рықәыргылара, уи азакәан иаҳнаҭо азин адагьы ҳпартиаҿ иаԥсоу ауаа рыҟазаарагьы иалҵшәоуп.

— Алхрақәа рҟынӡа мызки бжаки нхеит, аха макьаназы еилашырак ыҟан иҟам. Ишԥашәыԥхьаӡо: аиҿагыларатә еибарххара, аиндаҭлара зыҟамзеи?

— Макьаназ акандидатцәа рықәыргылара, урҭ ашәҟәы рҭаҩра аамҭоуп ицо. Ҩба-хԥа мчыбжьы рышьҭахь ауп алхратә қәԥара аамҭа анааиуагьы. Уи имариоу усхом, акыр ишыҩкрахоит. Округ цыԥхьаӡа уажәнатә 4-5-ҩык акандидатцәа рхы ықәдыргылахьеит. Иахьазы иҟоуп 7-8-ҩык акандидатцәа ахьықәгылоу аокругқәагьы.

— Иуҳәар ауеит ареспубликаҿ ак зылшоҳәаны иҟоу ахацәа зегьы депутатцәас иҟаларц рыгәҭакуп ҳәа. Урҭ зегьы еилаҳаны иҟоу анаплакқәа абасеиԥш напхгара рыҭаны ишьҭырхырц рыгәҭакызар ҳекономика еиҳа иласны иҿиозаарын. Уи лафуп, аха иарбан партиақәоу зхаҭарнакцәа ықәзыргыло? "Иаку Аԥсны" агәы иҭоузеи? Апартиатә сиала акәу ус хаҭала акәу акандидатцәа шықәшәыргыло?

— Ҳара иҳагәҭакын апартиаҩныҵҟатә праимериз ала, мамзаргьы аизара ду мҩаԥганы акандидатцәа ралхра, аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ицәырҵит агәаанагара иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны аԥшьгаратә гәыԥқәа рыла акандидатцәа рықәыргылара еиҳа еиӷьуп ҳәа. Иара убасгьы иҟоуп аокругқәа, зыҟны ҳпартиа аҟынтәи аӡәы иаасҭа кандидат дықәдыргыларц ахьырҭаху. Иҟоуп аокругқәа ҳпартиа ахаҭарнакцәа рыдагьы дара реиԥш ихәыцуа ауаа ахьықәгылоу. Ҳәарада усеиԥш иҟоу ауаа Апарламент ралахәра акыр хра амоуп ҳәа иаҳшьоит. Аихшьаалараҿ ихадарахоу алхыҩцәа ргәаанагароуп. Апартиа акәзар, ушьҭан, Апарламент аҟны иреиӷьӡақәоу рыла еиҿнакаауеит адепутаттә гәыԥ.

— Шәгәы ишԥаанаго, ирацәаҩхарыма апартиақәа рҟынтәи акәымкәа аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи акандидатцәа?

— Сгәы иаанагоит аиҳараҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи акәхарым ҳәа.

— Шәара шәгәаанагарала иарбан партиуоу аԥыжәара зауа? Азыԥхьагәаҭара ҳәа акыр шәзыҟаҵома?

— Хыхь ишысҳәаз еиԥш аиндаҭлара апартиақәа рыбжьара акәӡам иахьыҟало, хаҭала, акандидатцәа рыбжьароуп. Округқәак рҟны партиак ахаҭарнакцәа рыбжьара иҟалар алшоит аиндаҭлара. Иахьатәи ҳалхратә модель абасеиԥш иҟоуп, иуҳәарызеи. Азыԥхьагәаҭара атәы уҳәозар, лкаақәак заа рыҟаҵара сҭахым. Сгәыӷуеит Апарламент ҿыц аҟны ирацәахап ҳәа ҳпартиа ахаҭарнакцәа рыдагьы ҳара ҳаиԥш ихәыцуа ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0