Терент Ҷаниа: аԥсуа литература адунеитә литература иахәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАжурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа
Ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа иахьа 80 шықәса ихыҵит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

– Терент Михаил-иԥа ишәыдаҳныҳәалоит шәымш иира, ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа. Шәара шәажәеинраалақәа аԥсуара, аԥсадгьыл абзиабара, ауаҩра ирызкуп, ирацәаҩуп ҳкомпозиторцәа шәажәеинраалақәа ашәақәа рылзххьоу. Шәызлиааз ақыҭа Кәтол акәзар поезиала иҭәуп, апоезиа абзиабара шәызцәырызгаз, ажәа исахьаркны аарԥшра шәылзыршаз иарбан мчу еилаҳкаар ҳҭахуп.

Апоет Терент Ҷаниа ианашьоуп Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара - Sputnik Аҧсны
Апоет Терент Ҷаниа ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден

– Ари азҵаара ауама аҵанакуеит, ус иаахҵәаны аҭак аҟаҵара цәгьоуп. Сара ирацәаны астатиақәа срыԥхьахьеит аҩра сшалагаз ҳәа хыс измоу. Уи аурыс литератираҿы еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа Константин Симонов инаиркны, Александр Твордовски, Николаи Тихонов, Константин Федин реиԥш иҟоу абас иҟоу астатиақәа рацәаны ирҩхьеит. Зегь реиҳа ирацәаны иҩхьеит ашәақәа аԥызҵоз, зтекстқәа ашәа алырхуаз Михаил Исаковски. Аха сара исҳәар исҭаху уи акәӡам, Дырмит Гәлиа зны азҵаара ирҭеит дышԥалага аҩра ҳәа. Иара азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, раԥхьаӡа иргыланы абаҩхатәра шаҭаху, нас аԥсҭазааратә ԥышәа. Аха абаҩхатәрагьы аԥсҭазааратә ԥышәагьы ирыцзар ауп адырра, ауаҩы ашәҟәы даԥхьалар ауп, уи ибзианы идыруазар ауп Гомер, Сапфо, Пушкин уҳәа рҩымҭақәа. Пушкин иҩымҭақәа ззымдыруа споетуп ҳәа изҳәаӡом, мамзаргьы Лермонтов Кавказ иазкны иаԥиҵаз ажәеинраалақәа ззымдыруа, "Ҳара ҳаамҭа афырхаҵа" ззымдыруа апоетра алагара азин рымаӡам. 

– Зыӡбахә шәҳәаз адунеитә литература аклассикцәа, аԥҵаҩ дуқәа рҩымҭақәа рахь ишәымоу абзиабара иахылҿиаазар акәхап алитература азҿлымҳара?

– Ганкахьала ҳәарада аклассикцәа рҩымҭақәа рыбзиабара иахылҿиааит алитература ахь схьаԥшра, даҽа ганкахьала аԥсуа школ аҿы аҵара анысҵоз шықәсык акәын, нас ашколқәа зегьы қырҭуа школқәаны иҟарҵеит. Аха ахәыҷы уаламкьысын ҳәа иарҳәо иаҳагьы ихҭеикуеит еиԥш, ҳара ҳбызшәала аҩра аԥхьара азин анҳамырх ашьҭахь ҳара иаҳагьы алитературеи абызшәеи ринтерес ҳкит. Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа иажәабжьқәа ирыԥхьахьоу мшәан саргьы сзымыҩри, ажәеинраала заԥысымҵари ҳәа агәаанагара имоур ҟалаӡом. Дырмит Гәлиа зны иҳәон, ианбазбари аԥсуа литература агара игарҵны, ҳәа.

Апоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Иара ибзоурала, уи агара игарҵит, "Аҳы, сышәҟәы уеиҵамхан" актәи ацәаҳәа ҩны аԥсуа поетцәа ианриҭа, нас алитература ахала аҿиара иалагеит. Аӡы акраамҭа иҭакны ианумоу иԥжәаны ацарҭа аиуны ишцо еиԥш ацәаҳәақәеи ажәеинраалақәеи амҩаду ианылеит.

– Аԥсуа литература адунеитә литература иаҿҳарԥшуазар уи иахьанӡа иалнаршаз ала адунеитә иаваҟәылоит ҳҳәартә иҟоума?

– Хымԥада иаҳҳәар ҳалшоит, аԥсуа литература шәы-шықәса рыда шахымҵуагьы, иахьаацәыруго аказы еиҵахо иҟаӡам. Шәы-шықәса раԥхьа Дырмит Гәлиа раԥхьатәи иажәеинраалақәа аниҩы ашьҭахь, акыршықәса анҵы ашьҭахь ауп алитератураҿы данцәырҵ, уи иновеллақәа 48 бызшәа рахь ианеиҭарга, аԥсуа дзакәыз, иԥсадгьыл закәыз адунеи аҿы еилыркаауа иалагеит. Уи инаишьҭарххны иаацәырҵит Иван Папасқьыр, Иуа Коӷониа, Қьаазым Агәмаа, урҭ иаԥырҵаз аҩымҭақәа иахьа адунеи иахыҵәахьеит. Ус анакәха, ҳлитература қәрала имаҷзаргьы, дара иҟарҵаз аныррала адунеи егьырҭ алитературақәа ирылагылоуп ҳәа ҳҳәар азин ҳамоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0