Нҵыра змам аԥсуа кәыцҳа

Акәыцҳа
Акәыцҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра алхрақәа раамҭа анааилак иақәнарӡуа аԥара атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳаԥсҭазаара уахәаԥшуазар, инеиԥынкыланы алхрақәеи аполитикатә еиҿагыларақәеи рхаҿра амоуп. Акы ҳалгеит шаҳҳәо акәымкәа, даҽакы ҳналагоит. 

Абар иааит 15,5 миллион зыхҭнаҳҵо алхрақәа раамҭа. Ишдыру еиԥш, аҳәынҭқарра алхрақәа ирықәханарџьуа аԥарақәа абиуџьет иҭнагоит, ус анакәха, меигӡарахда ашәахтәшәаҩцәа рԥарақәа алхрақәа ирыхҭнаҳҵоит. Уи баргәымызт, алхрақәа рышҭахь ауаатәыҩса рсоциалтә ԥсҭазаара аҭышәынтәалара аныԥшуа иҟалозтгьы. Дара адепутатрахь кандидатцәас иқәгыло ртәы ҳҳәозар, азин рымоуп 600 нызқь мааҭ рҟынӡа аныхра. Даҽа усуп, миллионк нырхыр игәазҭода? Ажәакла, алхрақәа ирҭахуп амиллионқәа.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Уажәтәи алхрақәа рыхә акыр ихалеит, избанзар, акандидатцәа рхыԥхьаӡара егьырҭ аамҭақәа ирыҿҳарԥшуазар акыр иҳаракхеит, "иалшоит акырџьара аҩбатәи атурқәа ҟалар", иазгәеиҭоит иқәгыларақәа рҿы Ацентртә алхратә комиссиа ахада Ҭамаз Гәагьиа. Атехника, ақьаад, акәыцҳақәа (аурна) уҳәа, ирацәоуп алхратә кампаниа аамҭазы ахархәара ззутәу. Ҵыԥх имҩаԥысыз, Аԥсны атәылауаа мап зцәыркыз ареферендум "Изаамҭанытәым Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгара" аҳәынҭқарра иазоунажьит 9,5 миллион мааҭ. Убри аамҭазгьы аофициалтә ҳәамҭақәа рҿы иарбан аиҿкааратә усқәа инарываргыланы, ишаахәо еиуеиԥшым атехникатә маҭәарқәа, акәыцҳақәа аԥхьа инаргыланы. 

Хаҭала акәыцҳа ҳазааҭгылозар-апластик иалху, еилыххо иҟоу — ус унацәхасынгьы иузыԥҽуам. Аха, аԥсуа кәыцҳақәа анҵыра рымамзар акәхап. Аоргтехника ҳәа изышьҭоугьы (акомпиутерқәа, апринтерқәа, аксероксқәа) алхрақәа анынҵәалак "рыҽҳәара аангылозар" ҟалап….

Аибашьра зхызгаз, макьанагьы зшьапы иқәымгылац аҳәынҭқарразы, алхрақәа рбиуџьет хырҵәагахеит. Аамҭа-аамҭала аиҿагыларақәа, аамҭа-аамҭала изаамҭанытәиу, изаамҭанытәими алхаракқәеи ареферендумқәеи ирзыԥҵәоуп амиллионқәа. Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых рҳәоит аԥсуаа. Аха, ари ажәаԥҟа аԥсҭазаара аӡыбылра иагазшәа хархәара амоукәа иаанхоит. 

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

2014 шықәсазы имҩаԥгаз изаамҭанытәым Аԥсны ахада иалхрақәа ҳарзааҭгылозар, абиуџьет аҟынтә уи иақәхарџьын 14 миллион инеиҳаны. Иара убас, иаҳхысыз ашықәс мшаԥымза 3 рзы Аԥсны имҩаԥган аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә алхрақәа. Уигьы, хәыда-псада имҩаԥгамызт ахәынҭқарразы. Ажәакала, бжьаратәла иҳаԥхьаӡозар хы-шықәса рыҩныҵҟа 40 миллон мааҭ инареиҳаны алхрақәеи ареферендуми ирыхҭнаҳҵахьеит. Аха, иабацои мшәан, убасҟан иаахәаз аиҿкааратә техникеи акәыцҳақәеи?

Уажә аабыкьа Ацентртә алхратә комиссиа ахада Ҭамаз Гәагьиа Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәа рҿаԥхьа дықәгыло иазгәеиҭеит "уажәтәи алхрақәа рбиуџьет ареферендум атәы аасҭа 5 миллионк рыла еиҳауп" ҳәа. Уи ҵаҵӷәыс иамоу "уажәы аҩбатәи атур ҟалар ахьалшо ауп". Иара убас, иара инаҵшьны иаликааит: "убри адагьы, иазҳаит ацхыраагӡатә маҭәахәқәа рыхә. Хаҭала, акәыцҳа ахә 3 700 мааҭ рҟынӡа ихалеит. Уажәы ҳара иҿаҳҵоит 40% акәыцҳақәа зынӡа иаҭаху ахыԥьаӡара аҟынтә".

Азҵаара цәырымҵар ауам, ҵыԥхтәи ареферендум иазкыз акәыцҳақәа ихылҩаԥсылҩаха аҳауа иалалама? Ирыцҳарахеит, аԥсуа кәыцҳақәа нҵыра рымамкәа иахьыҟалаз… Ибзиоуп, ибжьысааит 10, ма 15 цыра, аха иабацои 40% алхрақәа рышьҭахь?

15,5 миллион ззоужьу алхрақәа мҩаԥызго Ацентртә алхратә комиссиа иахьазы иамам асаит, ма асоциалтә даҟьа. Убри аҟынтә, џьаргьы иуԥыхьашәом уи абиуџьет аихшашьа. Акәыцҳақәа ракәзар, алхрақәа рыҽны, иҽырба-ҽырбо ҳаԥхьа иаацәырҵышт, амаӡала иҭалаҳау амаҭәарқәа ирсимволны.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0