Аза Шамԥҳа: абызшәа адырра ҳџьынџьуаа Аԥсадгьыл агәыбылра днаркуеит, иаднаԥхьалоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАза Шамԥҳа лҵаҩцәа
Аза Шамԥҳа лҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа арҵаразы Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа дышьҭын Аза Шамԥҳа, лара лусура шымҩаԥысуа атәы дазааҭгылеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

— Аза, уажәшьҭа мызқәак ҵуеит бара Аԥснынтә бцаны Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора аԥсуа бызшәа дбырҵоижьҭеи. Уахь бцара шԥаҟалеи?

— Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сонер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи  Ҷкотуа иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы. Адаԥазар иҟоу аԥсуаа рхеидкыла аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахарџьала, Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ҭырқәтәылаҟа срышьҭырц шырҭаху. Сара уи ажәалагала гәахәала исыдыскылеит, сақәшаҳаҭхеит. 

— Уажәшьҭа аус буеижьҭеи шаҟа мзы ҵуеи?

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба: аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьа акыр ухнахыртә иҟоуп

— Сара аусура нап асыркит ԥхынҷкәын 1 инаркны. Ҩымш аԥсшьара сымоуп. Асабшеи амҽыши даара аус рацәаны исымоуп. Сақариатәи аԥсуаа ркультуратә центр аҟны(адернеқь) аус ауеит аҩашеи аԥшьашеи, асааҭ быжьба инаркны жәаба рҟынӡа. Ахашаҽны Соуксу-Џьгьарда ақыҭан. Аԥшьашаҽаны Адаԥазар сыҟоуп. Ахәашаҽны аԥсшьара сымоуп. Асабшаҽны асааҭ ԥшьба инаркны жәба рҟынӡа аус зуеит Каиалар. Уа ҩ-гәыԥк сымоуп. Зықәра еиҳа имаҷу гәыԥк еиднакылоит, ихбыџқәоу даҽа гәыԥк. 

— Шаҟа гәыԥ еиҿкааны иҟои зынӡа?

— Каиалар ҩ-гәыԥк ыҟоуп, Балбала гәыԥк сымоуп, уа асааҭ акы инаркны ԥшьба рҟынӡа аус зуеит мҽышала, нас уантә Каиаларҟа сиасуеит. Ашколқәра змоу жәаба инаркны жәохә рҟынӡа зхыҵуа гәыԥк аҿы иҟоуп. Жәохә инаркны ҩажәа инарҭысхьоу аҿар даҽа гәыԥк аҿы иҟоуп. Иҟоуп хатә гәапҳарала иааиуа аиҳабацәагьы. Адаԥазартәи агәыԥ аҿоуп зықәра еиҳа иҟоу ауаа ахьыҟоу. Уахь инеиуеит аҭаацәарақәагьы рҽеибаркны. 

— Аза, аҿар аҵара апроцесс ишԥазнеиуеи, рхатәы бызшәа шԥарыцааиуеи, аҩра аԥхьара шԥарыдыркылои, ирцәыуадаҩума?

— Агәыԥқәа зегьы еиԥшӡам. Уажәы Адаԥазар иҟоу абызшәа зҳәо, аха аҩышьеи аԥхьашьеи ззымдыруа ыҟоуп. Урҭ анбанқәа ҵаны иаԥхьоит, иану еилыркаауеит. Анбанқәа рҵахьеит Каиалар, Адаԥазар. Ашьҭыбжьқәа аԥсуа бызшәа ирацәаны иалоуп, дара рҟны анбанқәа маҷуп, ашьҭыбжьқәа ирхылҵуагьы маҷуп. Иуадаҩу ашьҭыбжьқәа рацәоуп, аха ус егьа иҟазаргьы сара избоит агәаҳәара шрымоу, идурҵар шалшо. Аҩра, аԥхьара, ацәажәара рҵарц рҭахуп. Ибзианы аԥхьашьа зҵаз рацәаҩуп. Иҟоуп иуадаҩны издызкылақәогьы. Еиҳа ирласны изҵарыда, иаԥхьарыда?, ҳәа аицлабратә ҟазшьа анрыбжьалогьы ыҟоуп, уи аус иацхраауеит, абзиабара днаркуеит. Сгәы иаанагоит аԥхьаҟа иҵегьы рхы аус шадыруло, рмилаҭ иацәтәымны ишыҟамло.  

— Аза, уажәаԥхьагьы бара Ҭырқәтәыла, Енегиоль ас еиԥш иҟаз аус бнапы алакын, уа инхоз аԥсуаа абызшәа дбырҵон. Ибҳәарц былшома ԥшьымз ирылагӡаны аԥсуа бызшәа акурсқәа рахь иныҟәо ауаа абызшәа рҵартә еиԥш, ицәажәартә еиԥш алшара роуеит ҳәа?

Гәында Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәында Кәыҵниаԥҳа: ҳдиаспора ахьынхо рҭаара, сара сзы даара акраҵанакуеит

— Ааи, ироуеит. Иқәыԥшқәоуп, уажәы иҟарҵо ашьаҿа маҷшәа иаҳбозаргьы, рбызшәа ашҟа абзиабара агьама зкыз аԥхьаҟа иҵегьы еихарҳауеит, рбызшәа иацәтәымны иҟалаӡом. Енегиоль усҟан аҩышьа, аԥхьашьа зсырҵақәаз иахьа избоит алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа, адернеқь аҿы ибзианы аус шыруа, аԥсуара ишазҿлымҳау, рыԥсадгьыл абзиабара шрымоу. Аҩыра еиҳа аԥыжәара амоуп хымԥада, ацәажәаратә бызшәа аасҭа. Сгәы иаанагоит иахьа аҵара зсырцо сҵаҩцәагьы хәыҷқәоуп, иқәыԥшқәоуп, аха уаҵәтәи амш азы рҭыԥ рыԥшаахьеит ҳәа. 

— Бара аҵара збырҵо бҵаҩцәа рахьтә иҟоума Аԥсныҟа иаахьоу?

— Ааи, иҟоуп иаахьоу, зҭоурыхтә ԥсадгьыл збахьоу. Абарҭ абызшәатә курсқәа рнаҩс, аԥхынра знык иадамхаргьы Аԥсны ицаны иаар рыхдырра зынӡа ирыԥсахуан. Даара ирҭахуп Аԥсныҟа ацара, аԥхынра ааира даара иазыԥшуп. Абызшәа адырра Аԥсныҟа ацарагьы иацхраауеит. 

— Аза, базааҭгыларц сҭахуп уа инхо аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа, раԥсуара. 

— Аԥсуара ргәы азыбылуеит. Рыжәлақәа реиқәырхара иашьҭоуп, иазҵаауеит, иазҿлымҳауп. Ирцәыӡхьоу шыҟоугьы еиқәдырхаз рацәоуп. Аҭырқәшәа аҟынтә ҳбызшәа иалоу ажәақәа рацәоуп. Ҳара зыхьӡ ҳзымҳәо аԥсышәала дара ирҳәақәо ыҟоуп. Иаҳҳәозар, "асакәа" — шәҵатәуп, "ахла" — аҭаца лҭынхацәа ус ирышьҭоуп. Абызшәа ҭызҵаауа ирдыруазаргьы, сара сзы иҿыцу ажәақәа сԥылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы. Иуаҳаша, иануҵаша, иҭуҵааша хымԥада ирацәоуп. Аихаҵгылара, апатуеиқәҵара, асасдкылара даара ибзианы иныҟәыргоит. Ҭырқәтәыла даҽа дгьылк аҿы иҟоуп. Хымԥада уатәи акультура аныррагьы ҟанаҵоит. Аха, егьа ус иҟазаргьы гәыцәс еидкыланы измоу аԥсуароуп. Ауаҩра злоу дарбанызаалак даԥсуаны дсыԥхьаӡоит сара, иара даҭырқәазаргьы. Иҟалозар ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп сусқәа зегьы зырманшәало, еҳәшьа дук леиԥш исывагылоу, зылша акырӡа ирацәоу ари аус аҟны, заԥсуара згәы азыбылуа, Аԥсныи, аԥсуа жәлари, адиаспореи реимадара аус еснагь иашьҭоу, сахьцалак сусруа иахаҵгыло арҵаҩ ду, лмырзакан шьҭыхны сахьцо исыцу ахәыҷкәа иҵегьы иадҳаԥхьалап ҳәа абызшәа арҵара иашьҭоу Зеррин Орҳан-иԥҳа Шамба, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа, уҳәа аус ахаҵгылара азҭаз зегьы. 

— Аза, аҵак ду змоу бусураҿы аихьӡара, агәеизҳара бзеиӷьаҳшьоит! Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0