Анқәаб: алитературатә журнал "Аԥсынгьыри" аҟазара злоу аҿарацәа ааӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАжурнал "Аԥсынгьери" аредакҭор Ахра Анқәаб
Ажурнал Аԥсынгьери аредакҭор Ахра Анқәаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Владимир Анқәаб ихьӡ зху ауадаҿы иаҧҵоу алитературатә еилазаара "Ацәыкәбар" абзоурала иҭыҵуеит асахьаркыратә журнал "Аԥсынгьери". Ажурнал ашьақәгылашьа атәы дахцәажәеит аредакҭор Ахра Анқәаб.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Ишԥаҟалеи Владаимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аартра, иаԥшьазгада? 

— Владимир Платон-иԥа Анқәаб аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа аԥсуа литература дадоцентын, акафедраҟны аус иуан. Ирҵаҩратәи ирҿиаратәи аус инавыргыланы, иреиҳахаргьы ҳҳәаргьы имцхарым, аҿар рааӡара ихықәкқәа ируакын.

Убри аҟынтә иара иоушьҭымҭацәа ражәалагалала, раԥшьгарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа ишҟа ианнеи, хымԥада адгылара аиҭеит. Иара ибзоурала март мзазы 2009 шықәсазы иаартын Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны Влдаимир Анқәаб ирҿиаратә ҭынха аидкылара, ихьыӡ акамыршәра, алитературатә гәыԥ аиҿкаара акабинет ахықәкқәа иреиухьеит.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: аԥсуа ҭҵааратә институт абызшәа аӡыргаразы иалшо рацәоуп

Избан акәзар, ишысҳәаз еиԥш Владимир Анқәаб аҟазара злаз аҿарацәа реиҵааӡара инапы алакын. 2009 шықәсазы цәыббрамзазы ари акабинет аҟны иаԥҵахеит арҿиартә гәыԥ еидызкало агәыԥ "Ацәықәбар", иара ахьыӡ асимвол ҵакыла ауп изахьӡыз. Ауниверситет аҟны аҵара зҵо мҩақәҵагак азеиԥш доуҳа ашҟа еидызкало гәыԥуп. Владимир Платон-иԥа аус аниуаз ашықәсқәа раан алитературатә гәыԥ аҟны иҭрыжьуан анапыла ҩыратә журнал "Арҩаш" ҳәа хьӡыс иаҭаны.

Иара шықәсык знык иҭыҵуан. Убри атрадициа амырӡра азы, аха иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо аҟнынӡа анагаразы аҿар зхатә ҩымҭақәа рыла ицәырҵуа азы иаԥҵоуп. Ииашоуп, араионтә газетқәеи, ажурналқәеи рҟны иркьыԥхьуеит, аха аҵара ианалагалак аҿар рҩымҭақәа ахьыркьыԥхьуа ҭыԥк рҭахуп. Аҿар рҩымҭақәа ахьаныло раԥхьаӡа акәны ԥышәарҭак аҳасабала иахьнеиуа журналк, иара аԥхьаҩ иахьгьы инеиратәы, иибаратәы, иаҳаратәы ҳәа хықәкыс ишьҭнахит.

2009 шықәсазы Алина Жьиԥҳа лоуп раԥхьаӡа иалагаз иара напҩымҭак ала аҭыжьра. Ашьҭахь, ари аидеиа аректор Гәарамиа ианиаҳҳәа, хымԥада дадгылеит. Деигәырӷьаны иҳәеит ауниверситет мацара акәымкәа амҽхак еиҳа иҭбаахарц, ҳреспубликаҿы аҿар ирлитературатә- сахьаркыратә журналны ишьақәгылартә еиԥш ҳәа ҳаицәажәеит. Ажурнал ҭыҵуеит шықәсык ахь ҩынтә. Ишысҳәаз еиԥш, атипографиаҿы ажурнал сахьа аҭаны ишаҳбо еиԥш аформа аманы иҭыҵуа иалагеит 2014 шықәса инаркны.  

2014 шықәса актәи аҵара шықәс бжазы актәи аномер ҭҳажьит. Анаҩс, аихшанҵа ишаҳәо еиԥш, ишышьақәыргылаз еиԥш шықәсык ҩынтә иҭыҵуеит. Номер цыԥхьаӡа асахьаркыратә ҩымҭақәа, ажәеинраалақәа рымацара, мамзаргьы ажәабжьқәа рымацара акәымкәа, аилазаара еиднакыло аҿар усгьы-усгьы афилологиатә факультет мацара акәымкәа ауниверситет егьырҭ афакультетқәа арҿиаратә баҩхатәра злоу аҿар зхатәы аԥызҵарц зҽазызшәо, рҩымҭа хәыҷқәа ириашаны, ирыцқьаны, ирҽеины аԥхьаҩ иҟнынӡа анагаразы. Иаарго зегьы ҳкьыԥхьо акәымкәа. Иалаҳхуеит, иалаҳҟәшәаауеит ԥсыхәа ахьынӡамоу.  

- Иахьа шәара ишәҳәарц шәылшоума аҿар ирлитературны-сахьаркыратә журналны ашьақәгылара аларшахеит ҳәа?

Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт

— Иахьазы иаҳҳәар ҳалшоит, инагӡаны изышьақәымгылаӡацт ҳәа. Маҷк иӷьеҩцәахьома сыздыруам, аха изаҭәазымшьозгьы, зыла иазмырбозгьы ыҟан, зегь дара роуп ажурнал аформати атиражи аҽаԥсахит. Хыдҵас, хықәкыс иҳамаз зегьы ауниверситет ахышәара-аҵышәара мацара акәымкәан, Аԥсны араионқәа абжьаратә школқәа зегьы рыҟны хәба-хәба цыра рбиблиотекақәа рыҟны ишьҭоуп. Иаҳшоит хәыда-ԥсада, аԥсуа бызшәалоуп изышьақәгылоу. 30-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа литература ишьҭнахыз атрадициақәа, акырӡа зҵазкуа материалқәоуп. 

- Аҿар ирымоуп рхатәы алитературатә журнал. Ишԥарыдыркылои аиҳабацәа?

— Ҿыц лагалазаалакгьы еиҳарак адоуҳатә культура арҿиараҿы иаразнак иамҽхакны иахьынӡахәҭоу аҩаӡара аҿынӡа шьақәгылашьа амаӡам. Еиҳарак аҿар ирыдҳәалоу. Хымԥада, гха-ссақәак рымамкәа, ишәхьоу рҿаҩцәоуп ҳәа уҳәаратәы иҟаӡам. Аԥсуа ирҳәоит "ихәаҷымкәан изызҳахьада" ҳәа, зегьы ус ауп ишалаго. Ажурнал аиҿкааҩцәа ҳгәыӷра здаҳҳәалаша, ҳмилаҭ сахьаркыра арҿиараҿы, аӷьараҳәа иалагаларц зылшо аҿар шыҟало агәра ҳгоит.

- Аҿар шәнапы зларылаку ала ишәбарҭоуп ус ишыҟало. Иахьа, абри акабинет шаҟаҩы аҿар еиднакылода?

— Аҭыҵра ианалага нахыс раԥхьатәи абиԥараан арҿиаратә еилазаара анаԥҵаз, истудентцәаны аҵара рҵон иахьа узеигәырӷьаша аҿыр Адгәыр Гәынба, Алина Жьиԥҳа, Лика Агрԥҳа, Альбина Анқәабԥҳа. Усҟан ирацәаҩын, уажәгьы имаҷуп узыҳәаӡом. Ари адоуҳа арҿиароуп, ишабалак азнеира ахәҭам. Шықәсык ала жәа-ҩык жәыхә-ҩык ԥшаатәуп ҳәа иузыҟаҵаӡом, иааиуагьы аиҳабыратә биԥара рҟынтәи ашәҟәыҩҩцәа рхылаԥшреи, рымҩақәҵареи рҭахуп. Избанзар, иахьа аамҭа акырӡа аҽеиҭанакит, иахьатәи аԥеиԥш здаҳҳәало ракәзар, рыда ԥсыхәа шҳамам ҳбозар ауаҩы игәы иалымсратәы игу шигу ҳәатәуп, ирҽхәатәу дырҽхәатәуп. Иҩуа ишабалакгьы ииҭаху ҟаиҵааит ҳәа изнеира ҟалаӡом.

- Ажәакала, иҭышәантәалахьоу ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, апублицистцәа рыцхыраара, ражәа рҭахны иҟоуп.

— Хымԥада, имцхәхаӡом. Аҳәынҭкарратә университет аҟынтәы зышьаҭа змаркыз рҿиаҩык дыҟаӡам. Ауаҩы иҩымҭа абри абас ииашам, абас иҟаҵазар еиҳа еиӷьуп ҳәа раҳәазар зегьы ирыдыркылоит, дара издызымкыло ракәӡам аҿар. Аҿар рганахьала иҟаҵатәу макьаназы акырӡа ирацәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0