Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАза Шамԥҳа
Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа дырҵаразы Аԥснынтәи ишьҭыз Аза Шамԥҳа дхынҳәит, лара дазааҭгылоит лусура алыҵшәақәа зеиԥшроу атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Аза, бара Ҭырқәтәылантәи мышқәак раԥхьа бааит, уа ԥшьымз инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа аԥсшәа дбырҵон. Уахь ааԥхьара шԥабоуи, бцара шԥаҟалеи?

— Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ашҟа иҟанаҵаз аҳәара инақәыршәаны, ԥшьымз ҿҳәарас иаҭаны, ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа дырҵаразы уахь сышьҭын. Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахарџьала, ус еиԥш иҟаз ажәалагала ахаҵгылара аҭан. Ԥхынҷкәын 1 инаркны хәажәкыра 31-нӡа аус зуан Ҭырқәтәыла. 

- Бара уажәаԥхьагьы ибыман ус еиԥш иҟаз аԥышәа, избанзар Енегиоль инхоз аԥсуаа абызшәа дбырҵон. Уажәы аҵара збырҵоз рықәра зеиԥшраз, хыԥхьаӡарала шаҟаҩ ыҟадаз?

Езель Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Езель Ақаҩба: сыԥсадгьыл гәыблыла саднакылап, сыԥсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа срықәшәап

— Ари аҩбатәи сԥышәоуп Ҭырқәтәылаҟа сцара. 2010-2011 шықәсқәа рзы Енегиоль сыҟан. Хымԥада, усҟан исоуз аԥышәа уажәы сара сзы акыр ицхыраагӡахеит. Уажәы уахь сышнеиз заҳаз Адаԥазар, Сақариа араион иаҵанакуа, иара убас аԥсуа қыҭақәа: Балбала-Калдахәара, Соуксу-Џьгьарда, Каиалар инхо аԥсуаа абызшәа рҵарц агәаҳәара аадырԥшит, дара-дара еигәныҩит. Ԥшьыџьара, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аурокқәа мҩаԥызгон. Рхыԥхьаӡара шәҩык рҟынӡа инаӡон. Фышықәса инаркны атәанчара аҟынӡа инеихьоу рыла ишьақәгылан, агәыԥқәа еихшан. Каиалар зегь реиҳа ирацәан, уа ҩ-гәыԥк ыҟан, аҿар ргәыԥ, нас ашкол ахь иныҟәоу. Балбала ақыҭаҿы ашколқәра иаҵанакуаз еиҳа ирацәаҩын. Соуксу акәзар уа еилаԥсан агәыԥ.  

- Аԥсуа бызшәа збырҵоз рахьтә иҟазма аԥсшәа заҳауаз, аҩреи аԥхьашьеи рзымдыруазаргьы ус злымҳа ашьцылахьаз? Иҟазма ашьҭыбжь змаҳацыз, ишԥашьҭыркааи, ишԥарыцааи?

— Адаԥазар иҟаз сгәыԥ аҿы иҟан абызшәа зҳәоз, зықәрахь инеихьаз ауаа. Аха, урҭ аҩреи аԥхьареи рыздырӡомызт. Џьгьардагьы иҟан маҷк здыруаз. Зынӡа иззеилымкаауаз рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәан. 

- Аҵара апроцесс аҟны иарбан методиказ еиҳа бхы иабырхәоз?

— Ҭырқәтәыла абызшәа арҵара иазҿлымҳау арҵаҩцәа ыҟоуп. Иҭрыжьхьоу ашәҟәқәа рацәоуп. Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд иҭнажьхьаз ашәҟәқәа схы иасырхәон. Оқҭаи Ҷкотуеи Диана Шамԥҳаи рышәҟәы 19 урок рыла ишьақәгылоуп, адискгьы ацуп. Уи ашәҟәы даара ицхыраагӡоуп, иагәылоу ахәыҷқәа рҭахрақәа ирықәшәоит. Убарҭқәа зегьы раԥхьа игылоуп ҳәа сгәы иаанагоит ахәыҷқәа рыбзиабара. Уи ахәыҷқәа игәарымҭар залшом. Аурокқәа анымҩаԥысуа рааигәара угылазар бзиа ирбоит, ирҳәо шырҳәо гәауҭар бзиа ирбоит. Аҭырқәа алфавит иамоуп 29 нбан, ҳара ҳашьҭыбжьқәа еиҳа ибеиуоп, 62 шьҭыбжьы ҳхылҵуеит. Еицааиуа ашьҭыбжьқәа анеинырлак, ани аума, ари аума ҳәа ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Акыр аамҭа сара исҳәо, дара ирҳәо, ибзианы ҳҽаҳаршьцылон, аицлабра бжьаҵаны, аинтерес аҵаҵаны иадҳаԥхьалон. 

- Иааидкыланы бусура алҵшәа аихшьаала азгәаҭан Адаԥазар. Ахәыҷқәа рықәҿиарақәа аарԥшра абанӡарылшеи?

Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

— Ахәыҷқәа рыдҵа даара ҭақԥхықәрала иазнеит. Ҭырқәтәыла имҩаԥызгаз аусра алҵшәа аманы иҟазар, уи аҟны лылша рацәоуп аԥсуаа рҭоурых, рбызшәа, рмузыка, ркультура, ретнографиа ахырхарҭақәа рҟны зџьабаа рацәоу, гәыла-ԥсыла уи аус иашьҭоу, аԥсуара мыӡындаз, аҿар ишьҭыркаандаз, ирҵандаз ҳәа аҭагылазаашьа аԥызҵо арҵаҩы, ааӡаҩы, еицырдыруа Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин. Уи даараӡа сус дацхрааит. Схала заҵәык арҭ ақыҭақәа зегьы срылсны исзеиҿымкаар ҟаларын, ара дарӷьажәҩаны лара дсывагылан. Ажәеи ашәеи еицҵаны, еицырхырааны убас акәын сусқәа шцоз. 

- Ахәыҷқәа гәыблыла ирҵаз аԥсуа бызшәа, аԥхьаҟатәи анарха шԥаббои?

— Ари аус бжамҽамны иаанхоит ҳәа агәаанагара сымаӡам. Иаҳҳәап, Каиалар адернеқь анапхгара азҭо Аҭеиба Ердынџь даараӡа дазҿлымҳауп ари аус. Иара иԥеи ипҳаи ибжьамыжькәа арҭ акурсқәа рахь иныҟәон. Агәра сдыргеит аус аԥхьаҟа ишхацдыркуа, зҿлымҳарада ишаанырмыжьуа, иаҳҵаз аурокқәа мчыбжьык знык иадымхаргьы еиқәшәаны, ишьҭрақәланы ишыргәаладыршәало. Ирацәаны ашәақәа ҳҵеит. Сагьахыҽхәарц сылшоит Аԥсны Агимн ҿырҳәала иахьырҵаз. Бзиа ирбоит ашәа "Аиааира". Аиҳабацәа, Аиааира анаҳгаз ирымаз ацәаныррақәа иахьагьы ирцәымӡыцкәа иҟоуп. Ахәыҷқәа ажәа — Аиааира ззымдыруа уаҩ дыҟаӡам. Ҳажәлар рҳәамҭақәа дара рҿгьы иуаҳауеит. "Ӡиуауа", "Ҵиҵи-Кәакәа", "Ҳаи, шьыри, сукәыхшандаз Аԥсынра", "Уа, мшыбзиа сыԥсадгьыл" уҳәа адиск "Аҟармаҵыс" ианыз ашәақәа сахьынӡаҟаз иаҳҳәон. "Сара исымоуп аласба" даара бзиа ибаны ирҳәон, ажәақәагьы мариоуп аҵара. Абызшәа аҵараҿы ажәа мацаралагьы иауӡом, ажәеи ашәеи еимадазароуп.

© Foto / Сырма Ашәԥҳа "Аԥсуа Аԥсны шиоуз" жәлар рҳәамҭа иалхны аспектакль
 Аԥсуа Аԥсны шиоуз жәлар рҳәамҭа иалхны аспектакль - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа Аԥсны шиоуз" жәлар рҳәамҭа иалхны аспектакль
 ықәҳаргылеит. Арольқәа нарыгӡон: Ашаҩы — Берқан Ацәаҩба, Аԥсуа — Омер Лакәын.  

Хәажәкыра 31, Адаԥазар, Орҳан Гаази ихьӡ зху акультуратә хан аҟны ахәылԥаз ҳаман. Ауаажәларра рацәаҩны еизеит. Сҵаҩцәа бзианы иқәгылеит, зегьы рхы аладырхәит, ажәак зымҳәаз аӡә даанымхеит. Сгәы иаанагоит зегьы гәахәала ирыдыркылеит ҳәа. Аҵыхәтәаны зегьы ираҳтеит асертификатқәа. Аҵара аганахь ала, Адаԥазар акомиссиа деиҳабын Папба Месуҭ, урҭ рнапаҿы ириҭеит акурсқәа злахдыркәшаз ала Орал Бганбеи сареи ҳнапы зҵаҩыз аршаҳаҭга шәҟәқәа. Даргьы гәырӷьаҵәа ргәы иадҵаны иркын, ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Даара гәыблыла ҳаиԥырҵит…

Арҭ ахәыҷқәа Аԥсныҟа аара цәгьа ирҭахуп. Аԥсуа паспортқәа рнапаҿы иркыр, аԥсуа жәлар ирхаҭарнакцәоуп, апсуа жәлар ҳхыԥхьаӡара зырҭбаауа, изырҿио ҵеицәаны иазгылоит Аԥсынра. Ҳара иҳамоуп ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ахеилак, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәа. Ас еиԥш иҟоу аус аицхыраара, аидгылара аҭахуп. Усҟан, ҳус еиҳагьы алҵшәа аиуеит. 

- Аза, иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы, бус аԥхьаҟагьы алҵшәа бзиақәа аиуааит. Аихьӡарақәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0