Ҳаири Қәҭарба: "Ацынцәарах" аиҭагараан ԥыҭк сҵәыуеит, сагьгәамҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаири Қәҭарба
Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра аламҭалазы уи ироман "Ацынҵәарах" аҭырқәшәахь иеиҭазгаз Ҳаири Қәҭарба ҳиҿцәажәеит.

Ҳаири Қәҭарба Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит ароман "Ацынҵәарах" аиҭагара шиӡбаз, насгьы уи аус иацыз ахҭысқәа ртәы. 

– Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахуп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аиҭагара шышәыӡбаз атәы.

Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Жәлар рыбзиабара

– Сара "Ацынҵәарах" аӡбахә саҳахьан, аха самаԥхьаӡацызт, аԥхьара сҭахын, аха аиҭагара ҳәа ахәыцра сымаӡамызт. Аха 1990 шықәсазы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Омар Беигәаа асалам шәҟәы изынаишьҭит. Убри ашәҟәаҿы Аԥсны аҭагылазаашьа бааԥсы шамоу, ақырҭцәа ақәлар шырҭаху анын. Уи асалам шәҟәаҿы ианын иара убас Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа агәҽанызаара рымазарц ааԥхьара ҟаҵан. Абри ашәҟәы Омар Беигәаа ахкьыԥхьаала ҟаҵаны сара исиҭеит. Санаԥхьа сгәы сыхьит, избанзар уаҟа ианын Аԥсны аҭагылазаашьа даараӡа ишыбааԥсыз. Иҟаҳҵари, иҳалшарызеи ҳа сҩызцәеи сареи аицәажәара ҳалагеит. Аԥсшәа аҟынтәи аҭырқәшәахь аиҭагара азин ҳамаӡамызт усҟан, азакәан ишаныз ала жәашықәса аҭакра ақәын аԥсшәахьтә аҭырқәшәахь аиҭагара. Амилаҭ маҷқәа дара рхатәы бызшәа рымоу ҳәа аҳәарагьы азин ҳамамызт. Уи хьаас имкыкәа ҳара ишьақәҳаргылеит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ" ахьыӡҵаны, иҳаӡбеит аԥсуаа, кавказаа ирызкны ашәҟәқәа рҭыжьра ҳалагоит ҳәа. 

Иҟаҳҵари ҳа ҳашхәыцуаз, агәаанагара соуит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа ҳзырбо шәҟәык ҭҳажьп сҳәан аҵарауаҩ Иури Аргәын аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи ирызку ашәҟәы раԥхьа еиҭазгеит аҭырқәшәахь, нас иҭҳажьит. Ԥыҭрак ҳаԥшит ҳҭаркрыма ҳәа, аха уаҩы ҳҭеимкит. Ажәлар даара гәахәарыла ирыдыркылеит, ашәҟәы ҩ-нызқь цыра ҭҳажьит, ҩажәамш рыла зегь аархәеит. Нас иҵегь еиҭазгари ҳа сышхәыцуаз исгәалашәеит "Ацынҵәарах". Сашьҭалан исыԥшааит ашәҟәы, аԥхьарагьы салагеит, санаԥхьоз ус гәаанагарак соуит аиҭагара иаразнакы салагарц. 

– Ахҵәара иазку ахҭысқәа рыла ажәабжьқәа шәеиҳабацәа рҟынтәи шәаҳауазма Ҭырқәтәыла?

– Ҭырқәтәыла ҳабацәа ахҵәара иазкны акгьы ҳзеиҭарҳәаӡомызт. Аԥсшәа бзиаӡаны иаҳҵар рҭахын, аха ахҵәара иахылҿиааз арыцҳарақәа ртәы ҳарҳәаӡомызт. Сеиҳабацәа аҭырқәшәа рыздырӡомызт, есымша алакәқәа ҳарҳәон, аха ахҵәара иазкны мап. Ахҵәара иазкны адыррақәа реизгара аҭҵаара иалагаз сара сықәлацәа роуп. Ҭырқәтәыла ашколқәа рҟны ҳара иаҳзырҳәон Каказ иқәынхоз аҭырқәцәа ҳәа, аԥсышәала ажәак ҳҿыҵҟьар алаба ҳадаргон. 

– Ароман еиҭажәгонаҵы уи автор Баграт Шьынқәбеи шәареи шәеиқәшәозма, шәеицәажәозма?

– Мап, аҩымҭа иара симазҵааӡакәа еиҭазгеит. Хә-нызқь цыра ҭҳажьит, мызкы ахы-аҵыхәа ала ашәҟәы аархәеит.

Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

– Ишԥарыдыркыла Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ари аиҭага?

–  Даара ибзианы ирыдыркылеит. Ишысҳәаз еиԥш ауаа даара имаҷны ахҵәара иазкыз адыррақә рыман. Ҳахҵәаны ҳааит рҳәон, аха адетальқәа рыздырӡомызт, ашәҟәы даара интересс иркит. Нас, Аԥсны аибашьра ианалага, ари ароман даара зыԥсихологиа ианырны еибашьра иааз рацәаҩуп. Аибашьра алагаанӡа Аԥсны сааит сара 1990 анҵәамҭазы, Баграт Шьынқәбеи сареи ҳаибабеит усҟан. Сара сицәыԥхашьон иамҳәаӡакәа ироман ахьеиҭазгаз, аха иара уи хьаас имкит. Сгәдикылеит-схыдикылеит, даара гәахәарас ишьҭихит, нас ателехәаԥшраҿы иареи сареи ҳаицәажәеит. Аибашьра ашьҭахь Ҭырқәтәыла днеит, уа дахьцоз дахьаауаз еиҭагаҩыс симан, даара бзиа ҳаибабон, ҳаиқәлацәаӡамызт, аха ҳаиҩызцәа бзиақәан. 

– Ароман "Ацынҵәарах" аԥсуа литератураҿы ҭыԥс иааннакылои, насгьы жәларык рҿахәы аҳәараҿы ҵакыс иамоузеи?

–  Аҵакы даараӡа идууп. Ахҵәара зыхҟьаз амзызқәа иахьа ииашаны иззымдыруа ахьырацәоу даараӡа сгәы снархьуеит. Џьоукы аҟаб иашьҭаланы ицеит рҳәоит, аха аԥсуа уиаҟара дгаӡамызт, насгьы ижьаны аӡәгьы имгаӡеит, уи лакәуп. Баграт Шьынқәба ахҵәара зыхҟьаз атәы нҭкааны иҳәоит, аха уи ароман абаржәы иҩуазҭгьы, даҽакалагьы иҩыр ауан. Уи дызҭагылаз аамҭазы ашәҟәы уҩыр аҭыжьра цәгьан, иахылаԥшуаз ыҟан, урҭ ргәы иаахәап ҳәа ииҩыз ыҟоуп: "Иҭахымкәа ианиҵақәазгьы ыҟоуп, иҭахны изанымҵақәазгьы ыҟоуп". 

Ажәабжьқәа зегьы
0