Аркади Џьапуа: археологцәа рконференциаҿы ҳҵарауаа аӡәы иҵамхо рхы аадырԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фeлицин ихьӡ зху музеи аҟны лаҵара 31 инаркны рашәара 2-нӡа имҩаԥысит абыжьбатәи Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа "Анфимовские чтения". Аконференциа иалахәын Аԥснытәи археологцәа, аҵарауаа.

Sputnik

- Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа Краснодар имҩаԥыргоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Еилыскаарц сҭахын аԥсуа археологцәа раԥхьаӡа акәны иалахәызма ари аконференциа, мамзаргьы ишәымазма уажәаԥхьа алшара аҽалархәра?

— Ари аконференциа ес-шықәса имҩаԥысуеит, ҳара ҳалахәуп аҩбатәи аизара аахыс. Ҳара ҳзы ихадоу, аконференциа ус баша аҽалархәра акәӡам, Фелицин ихьӡ зху амузеи-аҳәырԥссара зымҽхак ҭбаау акакәны иҟоуп. Ҳаизарақәа ирылҵшәаны, иҟаҳҵаз ҳажәахәқәа асахьақәа рыцҵаны иҭыжьхоит хаз шәҟәны. Уи аҵарауаа рнапаҿы ирыҭахоит аабатәи Жәларбжьаратәи аконференциаҿы. 

- Ишеилыскаауа ала, аконференциа аиҿкааҩцәа уи зыҟарҵо аҵарауаа реиԥылара алҵшәақәа лабҿаба иубаратәы иҟаларц азы ауп?

— Ииашоуп, хаз шәҟәны иҭрыжьоит аҵарауаа ражәахәқәа зегьы. Уи азы дара рҿы иманшәаланы ишьақәгылоуп, аԥарагьы иаарласны иазоурыжьуеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: аҳәынҭкарратә музеи аиубилеи - милаҭтә ныҳәоуп

- Аиԥылара атема хада арбан?

— Ари аконференциа еиднакылеит Кавказҭҵааҩцәа зегьы. Ҳара ҳада иҟан Венгриантәи, Румыниантәи, Урыстәылантәи аҵарауаа. Ихаданы зегьы ҳаԥхьа иқәгылаз кавказҭҵаара ауп. Иҟаҳҵоз ажәахәқәа зегьы Кавказ ақәша-мықәша иҟоуп археологиатә ҭыԥқәа ирызкын. 80-ҩык инареиҳаны аҵарауаа алахәын, дара зегьы ажәахәқәа рыманы иқәгылан, аӡәы-ҩыџьак агхазаргьы. Ари аконференциа бзиарас иалоу, иаҳҳәап, зыда ԥсыхәа ыҟамкәа темак ыҟазар, аха аҵарауаҩ дзымнеизар, имоуп алшара аиҿкааҩцәа рахь анашьҭра. 

- Аркади Ианкуа-иԥа шәара шәажәахә хаҭала изызкыз?

— Сара сажәахә азкын "Аԥсныи Аланцәеи реизыҟазаашьа заатәи абжьарашәышықәса аамҭазы". Иахьатәи ҳаамҭазы Кавказ амилаҭқәа еиқәырханы иҳамоу — аныҳәарақәа. Есымша аиҭанаиааира ҳаман, археологиа аганахьалагьы, аланцәа рышьҭамҭа Аԥсны иаанханы иҟоуп, уаҟагьы ус ҳашьҭамҭа ыҟоуп. Антикатәи аамҭа аахысгьы ажәытә қалақьқәа рыбжьара ахәаахәҭра ыҟан. Аҭоурыхтә ԥсҭазаараҿы иҟан аиҿцаареи аиӷареи анҳамазгьы. Ажәакала, еиҿаҳҵааз, ҳазлеиԥшқәоу, археологиеи аетнологиеи неилаҵаны абасала сажәахә еиҿкаан. Еиҳа ихадаз сара сзы археологиа акәын, хымԥада. 

- Ишышәҳәаз ала ажәахәқәа еидкыланы шәҟәны иҭрыжьуеит аконференциа анхырқәшахалак анаҩсан. Афбатәи аконференциа еиднакылаз ажәахәқәа рҟынтәи иалышәкаауеи?

Аркади Џьапуа Sputnik Аԥсны еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра 

— Ҵыԥхтәи ҳажәахәқәа зну ашәҟәы иануп Аҳәынҭкарратә музеи ахьӡала аконференциа иалахәыз археологиатә ҟәша аиҳабы Диана Ахԥҳаи, амузеи аусзуҩцәа Дмитри Қапбеи, Дмитри Счастлеи сареи ҳажәахәқәа. Иара убас, аԥсуаҭҵааратә институт аҟнытәи аконференциа иалахәын археологцәа Руслан Барцыци, Гарик Сангәлиеи, Зураб Хонӡиеи, афонтәи амузеи "Анаҟәаԥиа" аиҳабы Алхас Аргәын. Шамахамзар ҵыԥх иалахәыз роуп сынтәагьы иҟаз. Ишысҳәаз еиԥш ашәҟәы ианылеит археологиа иазку ажәахәқәа, дара ҩычоуп афотосахьақәа рыла. Археологиа иазку афото зцым ажәахә харҭәааӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. Аконференциа иалаху зегьы аҵарауаа дара-дара хеибарҭәаауеит. 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: амилаҭтә музеи иамоу аекспонатқәа - ԥшь-музеик аиҿкаара алнаршоит

- Шәгәаанагарала, ас еиԥш иҟоу аконференциақәа аҽалархәра Аԥсны аҭҵааратә ус арӷәӷәоит ҳәа ишәыԥхьаӡоума?

— Шаҟа уалахәхо аҟара, уколлегацәа урыҿцәажәо аҟара еиҳа удунеихәаԥшышьа урҭбаауеит, иузымдыруа уаҳауеит, иубоит. Даҽа ганкахьала, ҳара ҳзы иуадаҩуп аиҭанаиааирақәа, аԥара аҭахуп, уцароуп-уаароуп. Уажәазы аҳәынҭкарра апроблема ҳәа акгьы ҳанамҭеит афинансқәа рганахьала, аха уеизгьы иуадаҩуп есымша ацара.

Уахьнеиуагьы идурбаша, ирзеиҭауҳәаша умазароуп. Аԥсны аҩнуҵҟа акы ҳҳәеит ҳәа, уи аҭҵаара аҿиаразы иҟанаҵуа маҷӡоуп. Ҳахьыҟаз ҳхы иархәаны Венгриантәи ҳколлегацәеи ҳареи аимадара ҳабжьаҳҵеит. Ирзеиҭаҳҳәеит, ҭагалан аԥсуа археолог ду Михаил Ҭраԥшь диижьҭеи шә-шықәса аҵра иазкны Жәларбжьаратәи аконференциа амҩаԥгара ҳгәы ишҭоу, ааԥхьарагьы раҳҭеит. Аиашазы, ҳколлегацәа зегьы ажәахә бзиақәа ҟарҵеит, ак ацкыс ак еиӷьны иҟан. Ажәакала, ҳҵарауаа аӡәы ҳааиҵамхо ҳхы ааҳарԥшит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0