Боҭа Ажьиба: арепатриантцәа рызнеишьа еиуеиԥшым

© SputnikАшәҟәы "Абазақәа Ҟабарда"
Ашәҟәы Абазақәа Ҟабарда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы "Абазақәа Ҟабарда" авторцәа руаӡәк Боҭа Ажьиба Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба иазеиҭеиҳәеит ашәҟәы ҵакыс иаманы иибо атәы.

– Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын ашәҟәы аус адулара шәшалагаз атәы.

– Ашәҟәы ишьҭнахыз атема акыр актуалра аҵоуп ҳетнос азы. Иаҳҳәап, сара уаанӡа исыздыруамызт Ҟабарда-Балкариа аԥсуа-абаза етнос акраҵанакуа ишыҟаз. Аԥсуааи абазақәеи нхоит Баксантәии Зольски араионқәа рҟны. Дара аурыс-кавказтәи аибашьраан Пиатигорск иахцази Дал, Ҵабал иҭцази рхылҵшьҭрақәа роуп. Маршьанаа рҭаацәарақәа рыманы Ҟабардаҟа ицеит. Сара раԥхьаӡа акәны ари атема санаднагала, сара сеиԥш иара интересс измаз, Руслан Кармов, Владимир Пшеноков реиԥш иҟақәаз Ҟабардатәиқәа срыҿцәажәеит. Аусеицура ҳалагеит.

– Ашәҟәы Ҟабарда-Балкариа инхо аԥсуааи абазақәеи ирызку адокументқәа реизга акәны иҟоуп. Иарбан архивқәоу аус зцыжәуаз?

– Аус аауан Владикавказ, Москва, Санкт-Петербург, Қарҭ рархивқәа рҟны. Ҟабарда-Балкариа иахьагьы иуԥылоит аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи цқьаны изҳәо абыргцәа. Ашәҟәаҿы еизгоу аматериалқәа аҭоурых фактқәа шьақәдырӷәӷәоит, ԥхьаҟазы дара аҭоурыхҭҵааҩцәа рзы ихәарҭахашт.

– Ҟабарда инхо аԥсуааи абазақәеи рыбжьара иҟоума зҭоурых ԥсадгьыл ахь ахынҳәра зҭаху?

– Сара ашәҟәы аҭыжьра еиҳарак аинтерес зыскыз арепатриациа азҵааразоуп. Ҳәарада иҟоуп апроблемақәа. Иахьа, Ҟабарда инхо аԥсуа ма абаза аԥсуа тәылауаҩра иоурц азы, иԥсадгьыл ахь дхынҳәырц азы, урыстәылатәи аӡбарҭаҿ ишьақәирӷәӷәароуп дшаԥсыуоу ма дшабазоу.

– Иҟаҵатәузеи аҭагылазаашьа аԥсахразы?

– Аԥсуааи абазааи иахьынхозаалакгьы рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра рҭаххазар, архивтә дыррақәа рышьаҭала атәылауаҩра иҭалатәуп. Дара рбызшәа, ркультура, рыжәлақәа еиқәдырхеит, милаҭс изҵазкуа рдыруеит, аха аӡбарҭақәа рҿы уи шьақәдырӷәӷәароуп. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала арахь иаауан Нхыҵ Кавказтәи арԥарацәа, аха Ҟабардантәи акырӡа ирацәан. Ибрагим Иаганов инеиркны ирацәан аԥсуеи абазеи шьаҭақәа зманы иҟаз. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи рҟынтәи ирдыруан милаҭс изҵазкуаз. Ирацәаҩуп ҭыԥс иахьҭыҵыз здыруа. Ҳара иахьа ҳмилаҭ аӡра ианаҿу Ҟабардатәи аԥсуааи абазақәеи ауадаҩрақәа рзыҟаҳҵоит.

– Иарбан аамҭоу изҵазкуа ашәҟәаҿы иарбоу адокументқәа?

— XVII ашәышықәса алагамҭа инаркны 1864 шықәса рҟынӡа. Ашәҟәы аус адааулон шықәсык иназынаԥшуа. Иара архиара ҳанаҿыз аамҭазы ҞБА (КБР) аусура иалагеит аԥсуа-абаза етнос аҿиара ацхраараз жәларбжьаратәи аидгыла "Алашареи" афонд "Адгылареи" рфилиалқәа. Ашәҟәы аҭыжьра иацхрааит арепатриациаз Аилаки аԥсуа-абаза етнос аҿиара ацхраараз жәларбжьаратәи аидгыла "Алашара" ахада, амеценат Мусса Екзекови.

Ажәабжьқәа зегьы
0