Алик Габелиа: аҭоурыхтә факультет аҟны аҵара зҵар зҭаху рзы ҳаиқәшәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа
Аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет сынтәа 80 шықәса ахыҵит. Аҵараиурҭаҿы имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәеи, афакультет иамоу аҭагылазаашьеи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа.

Sputnik

- Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет ашьақәгылара ҳазааҭгылап. Ианбеиҿкааз ари афакультет?

— Сынтәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иахыҵит 85 шықәса. 1932 еиҿкаан Аԥсуа ҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, уи ашықәс инаркны аҭоурыхҵара уаҟа имҩаԥсыуан. 1937 шықәсазы аҭоурых факультет ҳәа хазы ишьақәгылеит арҵаҩратә институт аҟны акафедра анаадырт инаркны.

Афакультет аҭоурых даараӡа иҵаулоуп, акафедра аԥырҵаанӡагьы Аԥсны еснагь аҭоурыхҭҵаара ыҟан. Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҟаиҵеит алагала дууӡа, 1925 шықәсазы иҭижьит "Аԥсны аҭоурых" захьӡыз ашәҟәы. Убарҭ ашықәсқәа рзы аҭоурыхҭҵаара рнапы аладыркит еиуеиԥшым аҵарауаа, урҭ иреиуоуп: Ашәхаҵаа, Тарнаа, Симон Басариа. Ажәакала, машәыршәа иҟамлеит 1937 шықәсазы аҭоурыхтә факультет хазы ашьақәгылара.

Уи ашьҭахь Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа 1941-1945 шықәсқәа раан ааха ду аиуит арҵаҩратә институт. Аибашьра анынҵәа ашьҭахь Аԥсныҟа дгьежьит раԥхьатәи аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь, уи илагала даара идууп аҭоурых наука ашьақәгыларазы. Уи ашықәс инаркны еиҵагыло иалагеит аҭоурыхҭҵааҩцәа Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа уҳәа ирацәаҩны.

Алик Габелиа Sputnik еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> 

- 1937 шықәсазы аҭоурыхтә факультет аатит, аха Аԥсны аҭоурых ҳәа амаҭәар аҵара иалагеит 1950-тәи ашықәсқәа рзы.

— Ииашоуп, 1950-тәи ашықәсқәа рзы ауп дисциплина ҳасабала Аԥсны аҭоурых аҵара ианалага. Уи аԥхьа Қырҭтәыла аҭоурых иалаҵаны акәын ишырҵоз. Усҟан ауп арҵаҩратә институт аҟны аусура ианалага Зураб Анчабаӡеи Гьаргь Ӡиӡариеи. Ажәытәӡатәи аамҭа аҭоурых даԥхьон Зураб Анчабаӡе, абжьаратә шәышықәса иазкыз аҭоурых риҭон Гьаргь Ӡиӡариа, иахьатәи ҳаамҭа иазкыз аҭоурых даԥхьон Арвелод Кәыпраа. 

- 1989-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иҟаз ахҭысқәа аҭоурыхтә факультет ианыԥшма? Ԥсахрақәас ҳәа акыр ыҟазма?

— Жәаҳәарада, аҭоурыхтә факультет аусзуҩцәа алагылан аԥсуа милаҭтә қәԥара, уи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аԥсуа ателехәаԥшреи арадиои раԥҵараҿы. Иазгәаҭатәуп, 1959-шықәсазы ишҭыҵыз Зураб Анчабаӡе абжьаратә шәышықәса аҭоурых иазкыз ашәҟәы. 1970-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵит Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы. Агәырҵҟәыл бзиа змаз арҭ аҵарауаа рлагала дууп Аԥсны аҭоурых аҿиараҿы. Аҭоурых аидеологиатә наукоуп, аҭоурыхҭҵааҩцәа рлагалеи, аԥсуа жәлар рмилаҭ қәԥареи еиццон. Уи аицрыгара ҟалом.

- Агәаанагара ыҟоуп аҭоурыхҭҵаара иахьа уамак актуалра амам ҳәа. Шәгәаанагара шԥаҟоу ари азҵаараҿы?

— Хымԥада, ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҭахуп. Ажәлар зхысыз ҳзымдыруазар ҳԥеиԥш аҽакхоит, ииашоу аамҭа ҳақәымлар алшоит. Избан акәзар, аҭоурых иаанаго уи ауп — аҿиара. Ҳажәлар аҿиашьа аума, егьырҭ ажәларқәа роума зегьы ҳдыруазар ауп. Изыхҟьазаалакгьы, Аԥсны аҭоурыхҭҵаара аԥсыҽхара иалагеит. Аҿар ари анаукахь имнеиуашәа иаҳбо ҳалагеит. Иахьатәи аамҭазы ахныҟәгара акала иҟоуп, аҭоурыхтә факультет иалгаз џьоукы ари азанааҭ ала ианымцо ыҟоуп. Уи зыхҟьо еилкаауп, аха ииашаӡам ас азнеира. Аҿар ракәзаргьы аҭуорыхҭҵаара згәаԥхо, иазгәышьуа ҳаҵагыло иалагеит. Шықәсык 40-ҩык иниеиҳаны аушьҭымҭацәа ҳамоуп, урҭ рахьынтә х-ҩык анаука рхы азыркыр акыр аҵанакуеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа еилкааны ирымоуп аобективла аҭоурыхҭҵаара шхымԥадатәиу.  

- Аҭоурых атәы анаҳҳәо, ихадаратәу акакәны иҟоуп архивтә материалқәа. Ишԥаҟоу иахьа аҭоурыхтә факультет архив?

— Хымԥада, аԥсуа ҭоурых азеижәтәи аҩажәатәи ашәышықәсқәа ашьақәыргылараҿы архив иҟаз аматериалқәа даараӡа ирацәан. Дара аибашьраан иблит. Аибашьра ашьҭахь Академик Арвелод Кәыпраа  х-шәҟәык ҭижьит имаз архивтә материалкәа рыла. Уи цхыраагӡа дууп иахьа Аԥсны аҭоурых знапы алаку рзы. Иахьынӡаздыруа, архивтә материалқәа рыргьежьразы ицоит аусурақәа. Ауниверситет анапхгара аҭоурых заку еилыркаауеит, уи аҟынтәи иахьаҭаху иҳавагылоит. Афакультет аҟны аматериалтә-техникатә база ицәгьамкәа еиқәыршәаны иҳамоуп. Аҵара зҵар зҭаху рзы ҳаиқәшәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0