Сельчин Қымза: Аԥсныи Ҭырқәтәылеи реимадарақәа иҵегьы иҳарӷәӷәароуп

© Sputnik Cырма АшәԥҳаСельчин Қымза
Сельчин Қымза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Сельчин Қымза, дынхоит Ҭырқәтәыла, Каисери ақалақь аҿы. Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп, занааҭла дынџьныруп. Амҳаџьырра аҭоурых дазҿлымҳауп. Аиҿцәажәара анылҵеит Сырма Ашәԥҳа.

- Ҳаҭыр зқәу Сельчин, Каисери инхо аԥсуа-дыга хылҵшьҭрақәа рацәаҩума? Рхыԥхьаӡара абанаӡои?

— Узуниааильа (иау арха) ззырҳәо араион ақалақьқәа хԥа аҵанакуеит: Каисери, Сивас, Марашь. Кавказаа ирылахәу ажәларқәа зегьы нхоит, хыԥхьаӡарала ирацәаӡаны иҟоу аҟабардақәа роуп. Еиқәаҳаԥхьаӡаз ақалақьқәа рҟынтәи 500 нызқьҩык раҟара Кавказаа нхоит. Ашәуа —ашьхаруа қыҭақәа жә-қыҭак ыҟоуп. Егьырҭ зегь ааидкыланы 62 қыҭа ыҟоуп. Ирыланхо даҽа милаҭк, даҽа қыҭак ыҟаӡам. Дара рыбжьара уадаҩрак ыҟамкәа, аешьара ныҟәго инхоит, дара-дара еибааӡеит, еибахьчеит, рбызшәақәа рдыруеит.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

- Ақыҭақәа рышьақәгылара шԥаҟалеи?

— 1864 шықәса рзы аибашьра еилгеит, аха ихҵәаны арахь раара уаанӡа иалагахьан. 1859шықәсеи 1864 шықәсеи рыбжьара иаҵанакуа аамҭазы ишьақәгылеит аратәи рқыҭақәа. Аԥсуаа раԥхьаӡа ҩқыҭак аԥырҵеит. Адгьыл ақәаарыхра цәгьа иуадаҩын, уи ангәарҭа, насгьы дара-дара аиҭынхара рыбжьамзи, еиҵыҵны ақыҭақәа аԥырҵо иалагеит. Чорум, Иозгаҭ, Адана аганахьа ала ахҵәарақәа ҟалеит. Иозгаҭ, Лоу қыҭ ахьӡны ақыҭақәа шьақәдыргылеит. Ашьхарыуа қыҭақәагьы Казанџьықынтәи ирҿыҵыз роуп, урҭгьы 16 қыҭа аԥырҵеит иҿыцны.

- Шәара шәқыҭа иарбану?

— Сара сқыҭа Сивас, Шьарқышьла иадҳәалоуп, Ҭавладери ахьӡуп ҭырқәшәала. Уи ақыҭаҿы инхоит Қымзаа, Аҩӡаа, Гәымбылаа, Маанаа, Кацаа, Ҳараҭыҟәаа. Ашьхаруа диалект ала ицәажәоит. Қараџьаорен захьӡу ақыҭаҿы инхоит Арҩыҭаа, Аргәынаа, Мыдаа, Маанаа, Уанаҿаа.

Ремзи Колбая - Sputnik Аҧсны
Ремзи Кылӷьы: ҳара аԥсуаа иҳамоу алеишәа уаҩытәыҩса имаӡам

- Каисери иаԥҵоуп Кавказ ажәларқәа еидызкыло адернеқь, уи аҿаԥхьа иарбан уснагӡатәқәоу иқәгылоу?

— 60-тәи ашықәс азы аревалиуциа ҟаҵаны, ҿыц аконституциа анрыдыркыла, азин шыҟалаз еиԥш иаразнак иаԥаҳҵеит ҳхеидкыла. Ҭырқәтәыла зегь реиҳа ижәытәу хеидкылоуп уҳәар алшоит. Абрантә ицеит уҳәар ҟалоит егьырҭ ақалақьқәа рахь ахеидкылақәа раԥҵара. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҳауз азини алшареи ала, ахатәы бызшәа дырҵара ҳаҿуп. Ашколқәа рҟынгьы аклассқәа аартра азин ҟарҵеит, убри азы, абри ахеидкылагьы аҽазыҟаҵара иаҿын,иаҭахыз арҵаҩцәа рааӡарагьы ҳҽалаҳархәит, иахьа имаҷымкәа аклассқәа аартны иҟоуп ара, аԥсуа бызшәагьы рҵоит. Акәашаратә ансамбльқәа ҳамоуп. Иара убас, абыргцәа рзы акуашаратә ансамбльгьы ҳамоуп. Ашколқәа аус аныруа аамҭа инақәыршәаны, есымза аиԥылар а еиҿнакаауеит, ҳкультура ӡырызго, ҳмилаҭ хдырра ахьчара аганахь ала иҩаԥгтәуп ҳәа ҳзызхәыцуа. Ақалақь аҿы администрациа иатәны зал дук ыҟоуп, 1300-ҩык ауаа акуеит, убраҟа еиҿаҳкаауеит еснагь ауаа рацәа адыԥхьаланы.

- Аимадарақәа шәыбжьоума Аԥсни шәареи?

— Аԥснынтәи раԥхьатәи аделегациа Аԥсны аибашьра анцоз иааит. Ақыҭақәа зегьы ирылсны ирбеит. Арантәи, 1978 шықәсазы рзы Аԥсныҟа ауаа неит. Убриала, аимадара Аԥсны аганахь ала ахы акит, уи ашьҭахьгьы агәыԥқәа аауеит. Аимадарақәа бзиоуп, арантә Аԥсны инхақәогьы ыҟоуп. Сара сҭынхацәагьы уа иҟоуп, аҭаацәарақәа аԥырҵеит. Аимадарақәа аԥхьаҟа иҵегьы иҳарӷәӷәароуп, иаҳдырроуп Аԥсадгьыл аҵакы амч ӷәӷәа шамоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0