Аибашьҩы: сентиабртәи ажәылара аан зегьы агәра ҳгон ҳшаиааиуаз

© Foto / предоставлено Госмузеем АбхазииВойна народа Абхазии 1992-1993 годов
Война народа Абхазии 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, Гәымсҭатәи афронт актәи абригада аҩбатәи абаталион аштаб аиҳабы Леуан Миқаа дазааҭгылеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара аҽазыҟаҵареи аҳҭнықалақь аҭарцәреи шцоз ртәы.

– Зегь раԥхьа иргыланы ишәыдаҳныҳәалоит ари агәырӷьаратә мшы! Шәазааҭгылар ҳҭахуп напхгара зышәҭоз абригада Аҟәа агаразы ажәылара шазыҟашәҵоз атәы.

– Аԥсни Қырҭтәылеи реиҳабырақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьан, Сентиабртәи ажәылара иалагаанӡа аибашьратә хҭысқәа аанкыланы иҟан. Ҳара ҳаиҳабыра аибашьра аанкылара иақәшаҳаҭхеит избанзар, ҳаргьы ҳамчқәа уиаҟара иӷәӷәаӡамызт, ажәыларақәа раан зқьи-хәышәҩык рҟынӡа ахәрақәа зауз ыҟан, иҭахаз рацәан. Убри аҟынтә ҳаргьы иаҳҭахын ҳаԥсы ҳшьарц, ҳбатальонқәа ҿыц еиқәҳаршәарц. Ҳара иҳалшеит ҳамчқәа реидкылара. Ҳаруаа зегьы, актәи аҩбатәи абригадақәа рҟны аилацәажәарақәа ыҟан, Владислав Григори-иԥа ҳаизганы дҳацәажәеит. Убри аизара даара аҵак ду амоуп, избанзар убраҟа ихаданы иқәгылан азҵаара, — иҳалшома ҳамчқәа еизганы Аҟәа аҭарцәра? Жәаҳәарада, усҟан акомандирцәа зегьы еицҿакны ирҳәеит Аҟәа аҭарцәра шҳалшо. Аҟәа агаразы ажәылара аиҿкаараан дҵаны иаҳзықәдыргылеит Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа ала ақырҭуа ир рҭыԥкәа ирыхцаны иахьынӡаҳалшо аҭыԥ аанкылара.

Адгәыр Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Џьениа: аибашьреи аиумори

– Напхгара ззыжәуаз абаталион шаҟаҩ аибашьцәа алахәдаз Сентиабртәи ажәылараан?

– Марттәи ажәылара ашьҭахь ҳбаталион анеиқәҳаршәа хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа алан, Сентиабртәи ажәылараан аӷа иҿагылеит ҩышәҩык рҟынӡа. Шәҩык иҭахази, ахәрақәа заузи роуп. Аҟәа агара иалахәыз абаталионқәа рыбжьара, иҟан абжаҩык аибашьцәа ахьыҟамыз, урҭ Сентиабртәи ажәылара аԥхьаҟа иҟаз аидысларақәа рҟны иҭахеит, мамзаргьы ахәрақәа роуит. Ҵаҟатәи ацҳа ала ижәылоз Аҟәатәи абаталион актәи абригада аԥшыхәыҩцәа ргәыԥ Рома Аҩӡба напхгара зиҭоз, ахԥатәи абаталион Қәҭелиа дзеиҳабыз, абарҭ ҳацхрааит, насгьы, Гәдоуҭа амшын зыхьчоз аҷкәынцәа ҳавагылеит.

– Аҟәа аҭарцәразы ажәылара цон жәеиза мшы, иарбан еиҳа иуадаҩыз амшқәа?

– Ҳара дҵас иҳамаз ақырҭқәа ҳара ҳахь рхьарԥшра акәын, уи ус иагьыҟалеит, ҳара ҳганахь аруаа рышьҭит. Аха ҳара иаҳдыруан иреиҳау ажәылара хыхьынтә ишцоз, ҳара аплацдарм аанкыланы ҳтәар ҟалон, аха ҳара ԥхьаҟа ҳцон, Учхоз, Гәымсҭа амоссив аҭарцәраан аҷкәынцәа даара агәымшәареи ахаҵареи аадырԥшит. Ҳара ажәылара ҳанцоз ибзианы иаҳдыруан раԥхьа иргыланы атанк аума даҽа бџьарума шаҳмоуаз, избанзар убри аҩыза аҭагылазаашьа хыхь акәын иахьрымаз. Аиҿахысрақәа раан абомбақәа еигәыдаҳҵон, убас ааигәа ҳаҟан. Уаҟа ақырҭқәа еиҿкааны ирыман апулемиотқәа рыла ихысуаз рҭыԥқәа. Убас аҭагылазаашьа ҟалеит апулемиот аҿалара ада ԥсыхәа анаҳмоу, ҳгыланы ҳаҿалеит. Ҷкадуа ҷкәынак сааигәа иӷәӷәаны дырхәит, апулемиот ала ихысуаз дшынханы дыҟан ас ҳахьиҿалаз, убри аҟнытә аӡәы ихәра ауп дзыхьӡаз.

– Шәара хаҭала агәрагара анбашәоуи Сентиабртәи ажәылара қәҿиарала ихыркәшахоит ҳәа?

– Сентиабртәи ажәылара аан уажәшьҭа ҳшаиааиуаз агәра аагон, избанзар аҵыхәтәантәи Иунтәи ажәылара агәра ҳнаргеит Аҟәа шҭаҳарцәоз. Жәылара ҳанцоз аҽныҵәҟьа ҳшаиааиуаз агәра аагон.

Ажәабжьқәа зегьы
0