Аҟәа ҳшалалаз

© Foto / предоставлено Госмузеем Абхазии30 сентября 1993 года
30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахақәиҭтәреи, Аиааира абла дышҭаԥшызи ртәы лгәалалыршәоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҵыхәтәантәи ажәылара иалагарц жәамшҟа шыбжьаз Аҳбҩық ахырӷәӷәарҭақәа руак аҿы апозициа аанызкылоз, хаҭала уи аамҭазы сызхыԥхьаӡалаз Баграмиан ихьз зхыз  абаталион жәамшҟа ԥсшьара ҳалбаарышьҭит.

Ҵаҟа Гәдоуҭа санааи, ахәыҷбаҳчаҿы аус зуаз ателехәаԥшраҿы асиужетқәа ҟасҵон, баша аамҭа смырӡырц азы. Хәылбыҽхак ақалақь агәаны ҳкомбат Вагаршак Косиан дызбеит, иара сгәысҽаниҵеит, жәыларак ҟалар адырра шсыиҭо сҩызцәа рыла. Аха, аҵыхәтәантәи ажәылара маӡа-шәкыла излаҭаҳәҳәаз ала, сҩызцәа Земфира Ӡаԥшьԥҳаи Ламара Ҵәыџьԥҳаи сара сахьынхоз апансионат "Черноморец"  ааиха рмоуӡакәа ажәылара ианалага абаталион иаццеит хыма-ԥсыма. 

Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ашьа зхьыршоу амшынҵа

Цәыббра 16 рзы ажәылара иалагеит. Ашьыжь шаанӡа, схәырџьан аашьҭысхын Ешыраҟа ицоз амҩаду ахь скылсит. Хысран. Ар зықәтәаз амашьынақәа саҩыҟьҟьон сахьгылаз. Амҩан дсықәшәеит Асҭамыр (Асҭа) Џьынџьал. Иаргьы ԥсшьара дыҟазаарын ақыҭахь, ажәылара шыҟалаз аниаҳа са сеиԥш ддәықәлазаап. Ус машьына дук аангылт, ҳҩыџьагьы хыхь ҳнақәгылан афронт аганахь ҳхы ҳархеит. Амашьына ду ҳахьақәгылаз иҳаҳауан аибашьра абжьы. Абас ҳашцоз, лбаа Ешыра ҳнаӡоны, иааҳԥылеит ацхыраа ласы амашьына. Амашьына аангылеит. Сыԥшызар, амедика-санитратә баталион ахада Викториа (Вика) Ҳашыгԥҳа дааҭыҵит, ҳзықәтәаз амашьына аанызкылазгьы лара лакәын.

— Бабацои бара?", — иаарымчшәа дсазҵааит лара.

— Сҩызцәа срышьҭоуп, срыхьӡарц сҭахуп, — сҳәахт саргьы еибашьҩы дук сакәызшәа. 

— Былбаа арахь, — насыдылҵеит лара командаҟаҵаҩык иаҳасабала.

Асҭа Џьынџьал иакәзар, Верешьагин ихәы ҳәа иахьашьҭаз, иҩызцәа ахьыҟаз дышцоз сеиҳәеит, дзықәтәаз амашьынагьы хыхьҟа аҿынанахеит санылбаа ашьтахь.

Леон иорден занашьоу Ардомбеи Гьемуа, Агәымшәараз амедал занашьоу Олег Каҷабаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аветеранцәа: аџьынџь ахьчара анаҭахха ԥсыуак ишьҭахьҟа дымгьежьит

Вика исалҳәеит, ҳбаталион ахьыҟоу цашьа шамам, "нас ԥсгарак ҟалар иахьыҟоу еилкааны сара бсышьҭуеит" лҳәан, лмашьына сынҭартәаны Ешыратәи ахырӷәӷәарҭахь сылгеит. Амала, уажә аамҭа рацәа анца ашьҭахь, еилыскаауеит, сахьцо сзымдыруа сбаталион сахьашьҭаз игаз амҩа акыр ишшәарҭаз, акгьы салаҳәаӡамкәа сыбжьаӡыргьы шалшоз. Аевакопункт аҿы сахьнеиз Анна Броидо, Лиудмила Маанԥҳа, Асида Кәыҵниаԥха уҳәа, издыруаз зегь збеит. Есыҽны убри ааҟара ахәцәа ааргон ҳахьӡомызт урҭ ацхыраара рыҭара. Уи апункт аҿы ҳақьымцәас иҟан Лев Ачбеи Гәында (Лиалиа) Џьниаԥҳаи.

Уажә урҭ ахҭысқәа анысгәалашәо, иџьасшьоит, аиааира агара иазгәышьуаз ҳҩызцәа ирылдыршаз шырацәоу, урҭ ирықәнагоу ажәа аҳәарагьы шымариам. Цәыббра 26, 27 рзы аҽарӷәӷәеит аибашьра, ақәаршыҩ еиԥш илеиуан иҳаихсуаз ақырҭуа мчқәа рыхқәа. Ахәцәа ааргон хыԥхьаӡара рацәала, рыбжаҩык аҭыԥан ацхыраара раҳҭон, даҽа џьоукы Афонҟа агоспиталь ахь ирышьҭуан машьыналеи, уа игылаз дәыӷбалеи. Ахәцәа аныргоз аибашьра зыԥсы ацәызгарц зҭахны игьежьуаз асолдаҭцәагьы ыҟан. Лев Ачба уи азы аҭыӡшәа шьҭихуан, аха "аԥсы ҵаауп" рымҳәои, игьежьуа дгьежьуеит дузынкылаӡом.

Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

Аевакопункт ахь иааргон иара убас, иҭахаз аибашьцәагьы. Урҭ рыбжьара иҟан ибзианы издыруазгьы. Исгәалшәоит Сергеи Ҳамыти Анзор Агрбеи шааргаз. Уҭ рыԥсы шҭамыз збаз амедиаҳәшьцәа иқьызқьызуа аҵәыуара иалагеит. Лев Ачба ӷәӷәала ихәыз ацхыраара риҭон, минуҭкгьы атәаха имамызт. Викториа Ҳашыг лакәзар афронт зегьы дакәшон, дцон, даауан, апункт иагыз иабзаз зегь лара лакәын ҵәатәышьаҟас иамаз. Арациа ала иҳаҳауан аԥсуаа Аҟәа ишазааигәахоз. Ауха ҳацәамызт, ахәцәа ҿаҳҳәон, иԥсыз еиқәаҳкуан.

Дук мырҵыкәа "Аҟәа ргеит" рҳәеит. Анна Броидо лоуп сымҩашьозар, ҳбираҟ шьҭыхны илыршәышәуан. Ҳгәырӷьон зегьы. Иҭахоз ргәырҩареи, аиааира иацыз агәырӷьареи еилаӡҩо ҳмыцәакәа иааҳршеит ауха. Ианша, иҳарҳәеит Аҟәаҟа ҳшыргоз. Иҳамаз ахәшәқәа, ахәцәа рҿаҳәагақәа уҳәа аашьҭыхны, машьынала Аԥсны аҳҭны қалақь Аҟәа ҳалалеит лбаа Ешырантәи. Маиак ҳәа изышьҭаз араион ҳалсны ҳахьаауаз, иубон еилаԥыххааса иҟаз ҳақалақь ахаҿра шеицеикыз иҳабашьуаз аӷа. Ҳашиашаз Аҟәатәи аҩбатәи ахәышәтәырҭахь ҳааргеит, аибашьра еилгаанӡа убра ҳҷаԥшьаларцаз.

апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьбеи "Аԥра шкәакәеи"

Сымҩашьозар, адырҩаҽны амза 29 рзы ашьыжь асааҭ 10 шыҟаз дааргеит ӷәӷәала ихәыз Гәымба ҷкәынак. Даазгаз ирҳәеит "Дранда азааигәара аиҿахысраҿы ахы иаахеит" ҳәа. Иахьагьы сыбла ихгылоуп зыԥсы ахәанга ҭаз аибашьҩы ихаҿсахьа. Дқәыԥшӡан зынӡа, иубаратәы иҟан иԥсырҭа ахы ааханы ишыҟаз, аиқәхаразы имчқәа шмаҷыз. Араҟа иҟаз аҳақьымцәа ирыӡбеит Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь даҳгарц.

Ҳцон ацхыраара лас амашьына ҳақәтәаны. Амашьына аԥхьатәи аҭыԥ аҿы, ихәны иҟаз иҩыза, автомат зкыз аибашьҩы дҭатәан. Ҳдәықәлеит Гәдоуҭаҟа. Гәымсҭатәи ацҳа ахырхарҭала амҩа кны дцон ҳмашьынаныҟәцаҩ.

Амҩадуқәа ҭәын атрофеи еизганы изгоз амашьынақәа рыла. Ҳара ҳаццакуан, аха амҩа ҳарҭомызт урҭ. Автомат зкыз аибашьҩы, иабџьар амашьына иҭырҳәҳәаны ахысра далагеит амҩа ҭадырцәырц азы. Ҳара даҳгон зыԥсадгьыл зхы ақәызҵоз аибашьҩы, амҩа ҳарҭомыз гәабани-хызеи ирыҵаз ачаландарқәа. Абри избаз асахьа аԥхыӡ салазшәа саалнахит. Аҟәа аныргаз аухатәи сгәырӷьарақәа зегь неиԥхьбеит. Иаҳгоз ахәы иԥсы ҭоу иҭаму гәасҭон амҩа ҳақәнаҵы. Иара сахьиҿаԥшуаз схы сцәымӷны, адунеи схы аахызбаауа сааҟалеит.

Иаҳаулак иԥсы шҭаз Гәыдоуҭа агоспиталь агәашә ҳанҭалеит. Ахәышәтәырҭаҿы дааҳԥылеит Емма Кьылԥҳа дӷьаҵәыӷьаҵәуа. Ишеилыскааз ала, лара уаҟа ацхыраара рылҭон. "Дгәымбоуп ари аҷкәын сҳәан" зыԥсы зхымҵыцыз аибашьҩы Емма лнапы днанҵаны ҳназгаз амашьына сынҭалеит.

Иахьагьы исыздыруам уи арԥыс иԥсы рзеиқәырхоу ирзеиқәмырхоу, аха Аиааира абла абас еиԥш сҭаԥшит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0