Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа Пицунда ԥсшьара иҟоуп

© Sputnik / Саида ЖибаСемьи добровольцев с северного Кавказа
Семьи добровольцев с северного Кавказа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа ԥсшьара иааԥхьоуп Пицундаҟа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Есышықәса Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара апрограмма инақәыршәаны, Нхыҵ-Кавказынтә ԥсшьара иаарыԥхьоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахази, хабарда ибжьаӡызи рҭаацәа. Ус, цәыббра 20 рзы, Пицундаҟа ҩымчыбжь ԥсшьара ҳәа иааит шәҩык Адыгеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесски, Аахыҵи, Нхыҵи Уаԥстәылеи, Чечентәылеи рҟнытә асасцәа.

Аԥсуаа ҳзы игәахәара дууп, есышықәса иҭахаз рҭаацәа рыдкылара. 25 шықәса раԥхьа Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, Нхыҵ-Кавказынтә иааз ҳашьцәа ҳаваргыланы иҳалҳаршеит ҳтәыла аӷа иалцара, уи алагьы иҳауит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи.

Пицунда ақалақьи акурорттә еилазаареи рнапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит асасцәа рыԥсшьарамшқәа аҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥысыртә.

Уахи ҽни Нхыҵ-Кавказынтә иааз аделегациа дрывагылоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гәдоуҭа иаԥҵаз Кавказ Ашьхарыуа Жәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагба. Лара ахатәгәаԥхаҩцәа ирызкны иҭлыжьхьеит хәы змаӡам ашәҟәы.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵази, хабарда ибжьаӡызи Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәа рҭаацәа ҩнаҭацыԥхьаӡа сырҭаахьеит. Сара аштаб аҟны аус анызуаз имаҷымкәа ирзыскхьан аочеркқәа, рыӡбахә сҳәахьан дара ртәылақәа рҿы ателехәаԥшрала, аха уи маҷысшьон. Убри аҟнытә, шықәсырацәала, аџьабааи, агәабзиареи, схатә харџьи ақәырӡны, рыхьӡала ашәҟәы аҩра салагеит. Аиааира жәашықәса анахыҵуаз иҭсыжьит раԥхьатәи ашәҟәы, даҽа жәашықәса рышьҭахь ихарҭәааз аверсиа. Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа есааира рыҽдырӷәӷәароуп, уи адагьы ԥсыхәа ыҟам. Есышықәса Пицунда рыԥсшьарамшқәа еиҿаҳкаауазаргьы уи харџьӡам, иаҳцәыӡуа аиҳа ҳарҳауеит, аешьареи, аизыразреи ирыцназго амал абаҟоу", — лҳәоит Лили Ҳагба.

Асасцәа ракәзар, рганахь агәцаракра аазырԥшуа зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

"Ҳара акырӡа ҳаигәырӷьоит аԥсуа жәлар ҳахьырҳамшҭуа, есышықәса ааԥхьара ахьҳарҭо. Аԥсшьара анаҩс араҟа иҳамоуп алшара ҳгәабзиара ашьақәыргыларазы. Агәраганы ҳаҟоуп ҳахшара баша ишҭамхаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаҷкәынцәа адунеи зегьы иддырбеит Кавказ аешьаратә тәылақәа аӡәгьы ршьамхы ишықәдмыргыло. Аиааира амш рыдныҳәало аԥсуа жәлар ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, аразра, ашәҭыкакаҷра", — ҳәа ацылҵеит аибашьраҿы иҭахаз, Леон иорден занашьоу, Борис Тенгизов иан Ҭамара Тенгизова.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз, уи ашьҭахь "Агәымшәаразы" амедал занаршьаз аҟабарда ҷкәын Арсен Ефендиев иаҳәшьа Лиуба есышықәса Аԥсныҟа даауеит. Лара гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа ралҳәоит абри иԥшьоу аус иазааԥсо зегьы. Иара убас аџьшьара лылҭеит, еснагь рааигәа иҟоу, аныси еиҳәшьаси ахатәгәаԥхаҩцәа ирыцу Лили Ҳагба.

"Агәымшәаразы" амедал заҭәаршьаз, абаза ҷкәын Мураҭ Ҟәыџев иан Фатимаҭ лакәзар илҳәеит, лыҷқәын данҭаха ашьҭахь, 17 шықәса анҵы ауп Аԥсныҟа данаа. Убасҟан, шьҭрала иахьатәу аԥсадгьыл аԥшӡара баны лгәы иҭылҳәааит Мураҭ баша дышҭамхаз.

Гагра араион ахақәиҭтәраан, Ԥсахара ақыҭан иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьҩы, Кавказ Афырхаҵа Џьамал Сиукаев иԥшәма ԥхәыс Елена Бестаева илҳәеит рыԥсшьарамшқәа агәырӷьареи алаӷырӡи шрыцу.

"Абарҭ амшқәа ирылагӡаны, ҳаибабоит гәырҩак еиднакылаз. Аиашазы ҳарҭ ҳаԥсшьара мҩаԥысуеит лаӷырӡыла. Доусы иаҳгәалашәоит ҳгәакьацәа. Аха ус егьа иҟазаргьы, аибашьцәа рыԥсы зыхҭнырҵаз аешьаратә тәыла ауп. Еснагь Аԥсны амра лаша ахаԥхалааит. Аҭаацәарақәа ирбаз арыцҳара азхазааит", — инаҵылшьит Елена Бестаева.

Хаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәымшәара ахаан иаҳхашҭуам

Нхыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз, "Агәымшәаразы" амедал" занашьоу Руслан Доев иԥшәма ԥҳәыс Вера сынтәагьы аделегациа дацны дааит. Лара уи алшара лызҭо зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәоит.

Руслан Доев аибашьра иԥсы ҭаны далҵит. Иашьцәеи иареи аӷацәа ириааит, аха иоуз ахәра мап. Хәышықәса ааҵуаны аибашьра аветеран иԥсҭазаара далҵит.

Марттәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз, анаҩс зхаҭара шьақәыргылаз, данҭаха ашьҭахь, Леон иорден занаршьаз Черқьесскынтәи иааз Сергеи Диколенко иан Галина, лыҷкәын иԥсыбаҩ ахьлоуз лгәы арҭынчит. Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит еиҿыркааз аус азы, иара убас пату рықәҵаны иныҟәызго рааԥсаразы аџьшьара рылҭеит.

Аҟабарда еибашьҩы, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Иури Бекалдиеви, Аԥсны и-Афырхаҵахаз иашьа Феликси, нанҳәа 15, 1992 шықәсазы рашьцәа ирывагыларц иааит. Феликс Лаҭатәи атрагедиаан авертолиот иҭаблыз дреиуоп. Иури дрылахәын ажәыларақәа жәпакы. Иахьа иԥсҭазаара шьақәиргылеит Аԥсны, дынхоит Аҟәа ақалақь. Есышықәса, Нхыҵ-Кавказынтәи аҭаацәа анаауа, иаргьы рааигәа дыҟоуп.

Встреча с семьями погибших в Абхазии добровольцев - Sputnik Аҧсны
Пицунда рыԥсы ршьоит Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа

Иури Бекалдиев, ахатәгәаԥхаҩцәа ирызкны ашәҟәы зҩыз Лили Ҳагба лааԥсара ахә шьо иазгәеиҭеит, рызегьы гәалас ишрымоу, изныкымкәа рнапы зҵаҩҩу ашәҟәқәа шаларҵахьоугьы, атәыла анапхгараҟнытә аџьшьара ахьлымам. Аҭагылазаашьа ихы иархәангьы, иҭабуп ҳәа лаиҳәеит Аԥсни Нхыҵ-Кавкази ареспубликақәа реимабзиара 25 шықәса раахыс гәыҵәс иамоу Лиалиа Чамагәуа.

Нхыҵ-Кавказынтәи иааз асасцәа рыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны, аиҿкааҩцәа имҩаԥыргоит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0